Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада еиҭалҳәеит аскарлатиназы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота детского центра для пациентов с Covid-19 в Тамбовской области
Работа детского центра для пациентов с Covid-19 в Тамбовской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2023
Анапаҵаҩра
Ҵыԥх Аԥсны аскарлатина 55-ҩык ирыхьит ҳәа азгәаҭан.
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2023 шықәса ҳҭалазар, Аԥсны 38-ҩык ахәыҷқәа аскарлатина рыхьхьеит ҳәа азгәаҭоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
Ҵыԥх Аԥсны аскарлатина 55-ҩык ирыхьит ҳәа азгәаҭан. Аҳақьымцәа ишазԥхьагәарҭо ала, сынтәагьы ҵыԥх инаваҟәыло иҟалоит лҳәеит лара.
"Аскарлатина есышықәса ицәырҵуеит. Ари ачымазара - зхылаԥшра уадаҩу ҿкуп, уи аҟынтә алаҵа ыҟаӡам, еиҳара иахьцәырҵуа ахәыҷтәы коллективқәа рыбжьароуп. Ахәыҷқәа макьана цқьа ирыздырӡом аҽрыцқьара аԥҟарақәа аҟнытә, аскарлатина аҳауа-цәыкәбарла еиԥш, лакьысра-бзазаратә мҩалагьы ирыхьыр ҟалоит", - лҳәеит Белиаева.
Лара лажәақәа рыла, еиҳарак аскарлатина цәырҵуеит ааԥын, аԥхын ихҽуеит.
"Сынтәа ари ачымазара ахҭысқәа маҷк еиҳауп абжьааԥны аасҭа. Уи ахҟьазар ауеит аковидтә ԥкрақәа рышьҭахь атәылаҿы аимҳәа уадаҩны ауаа иахьырхыргаз, уи ашьҭахь илаҟәыз риммунитет аскарлатинагьы ацлеит", - лҳәеит лара.
Абҷи егьырҭ ахәыҷтәы чымазарақәеи ирыҿҳарԥшуазар, аскарлатина еиҳа имарианы ирхыргоит ҳәа азгәалҭеит асанитартә ҳақьым хада.
Ҳаразиа Гәдоуҭа аскарлатина ацәырҵразы: иҿкны иҳалалеит ҳәа аҳәара иашаӡам  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2023
Арадио
Ҳаразиа Гәдоуҭа аскарлатина ацәырҵразы: иҿкны иҳалалеит ҳәа аҳәара иашаӡам
"Ари бактериатә инфекциоуп, уи ибзианы антибиотикқәа рыла ирхәышәтәуеит. Ахәыҷы ианаамҭоу аҳақьым дидҵааланы иахәҭоу ахәшәтәра дахысыр, ахҟьаԥҟьақәа акгьы изыннажьӡом. Еиҳарак аскарлатина алымҳа хьаа цәырнагоит. Аҳақьым антиобиотикқәа бжьымш ҳәа илиҩаазар, урҭ бжьымш ижәтәуп, хымш, ма хәымш ҳәа хаԥышәала рыжәра ракәымкәа", - ҳәа инаҵылшьит Белиаева.
Аԥсны асанитартә ҳақьым хада иазгәалҭеит ахәы чы ихәда ихьуазар, имцашоура ҳаракызар, хымԥада аҳақьым идҵаалатәуп, иара ихьуа ачымазара шьақәыргыланы иахәҭоу ахәшәқәа изылиҩаауеит.
Ревакцинация населения в Новосибирске - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2023
Аԥсны
Ишәарҭоуп, аха уахылаԥшыр ҟалоит: аексперт абҷы аҽацәыхьчара шалшо далацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0