Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашьхақәа иргәылҷҷаауа ақалақь: Тҟәарчал 81 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Томас Тхайцук Улица в городе Ткуарчал
Улица в городе Ткуарчал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2023
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 9 рзы ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал 81 шықәса ахыҵит. Иара Аԥсны индустриалтә центрк аҳасабала ишьақәгылеит 1942 шықәса рзы. Цәыббрамза 27, 2008 шықәсазы Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь иусԥҟала Тҟәарчал "Ақалақь–фырхаҵа" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵан.
Тҟәарчал иаазыркьаҿу аҭоурых Sputnik анҵамҭаҿы.
Sputnik

Ашьақәгылара амҩала

1935-1940 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы Тҟәарчал иазҳауан анхарҭатә ҩнқәа рхыԥхьаӡара, иҿио иалагеит аҭыԥантәи амилаҭтә кадрқәа. Тҟәарчал имҩаԥыргон ирацәаны аекспедициақәа, арахь иаауан еицырдыруаз анџьнырцәа.
Ақалақь Тҟәарчал ашьақәгыламҭа инаркны араҟа арацәа ааглыхра напы аркра иалагеит. Аԥсны иқәынхоз ажәлар аусуратә ҭыԥқәа рыла еиқәыршәан, арахь иаауан Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟынтәи аусзуҩцәа. Ақалақь административтәи ауаажәларратәи ргыларақәа рыпроектқәа ҟарҵон анемец архитекторцәеи анџьнырцәеи.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аламҭазы атәыла арацәа ааглыхра арҿиара амҩа еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауа ианын. Убас, мшаԥы 9 1942 шықәса рзы Тҟәарчал ақалақь ааглыхратә қалақьк аҳасабала ишышьақәгылаз рылаҳәан. Иара шьақәдыргылеит ааигәа ишьҭоу аҳаблақәа хԥа рыла - Аҟармара, Џьанҭыхә, Кәазан.
Аҟармаратәи аџьашьахәқәа хԥа: Тҟәарчал иаԥну аӡхыҽҽақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2020
Аҟармаратәи аџьашьахәқәа хԥа: Тҟәарчал иаԥну аӡхыҽҽақәа

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан алагала

Ихьанҭаз аибашьра ашықәсқәа раан Амшын еиқәа афлот былтәыла еиқәзыршәоз иара заҵәык акәын.
"Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, Донбасс ақалақь анемец фашистцәа рнапаҟны ианаарга, Амшын еиқәа афлот былтәыла еиқәзыршәоз Тҟәарчалтәи арацәа ааглыхра азауад заҵәык акәын", - ҳәа иҳәоит дааиижьҭеи Тҟәарчал ақалақь аҿы инхо, аамҭақәак раан ақалақь ахадас иҟаз Александр Ченгьелиа.
1941-1945 шықәсқәа рзы, атыл азы аџьабаа абареи ар былтәыла рыцхраареи адагьы, шәҩыла тҟәарчалаа рҵеицәа рыԥсадгьыл ду рыхьчон, аӡәырҩы уи рхы ақәырҵеит.
Адгьылаҵаҿтәи амаӡақәа: Аҟармаратәи ашахта аҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2020
Адгьылаҵаҿтәи амаӡақәа: Аҟармаратәи ашахта аҭоурых

Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашьҭахь Тҟәарчал мҽхакы ҭбаала аҿиарамҩа ианылеит. Еиҳа-еиҳа аусура еилашуа иалагеит. 40-50-тәи ашықәсқәа рзы Тҟәарчал шьақәгылеит зымчхара ӷәӷәаз аиндустриалтә қалақьны. Ашахтақәа рнаҩсангьы идыргылеит афабрикақәа, азауадқәа, ақалақь ахаҿы зырԥшӡо аҩны еихагылақәа, ахәшәтәырҭақәа.
Иуҳәар ауеит Тҟәарчалтәи ахаҳә рацәа абзоурала Аԥсны ишьақәгылеит аусуцәа ркласс, анапхгаратә интеллигенциа.
"Ажәлар рҿаԥхьа иқәгылан ахықәкы ӷәӷәа: излауала ақалақь иаразнак аиҭашьақәыргылара. Амҩақәа еиҭашьақәыргылатәын, анхара иацклаԥштәын, уи мҽхакы ҭбаала аусура напы адыркит ажәлар. Убас раԥхьаӡа Тҟәарчал ақалақь аҟны ицәырҵит аихамҩа. Убри инаркны ауп Тҟәарчал иаабац қалақьны ишьақәгыло ианалага", - ҳәа иҳәоит Александр Ченгелиа.

Ганрацәала аҿиарамҩа

Ақалақь ахаҿра ашьақәыргыларазы акультуратә хәышҭаарақәа реиҿкаара шаҭахыз еилкаауа, 50-тәи ашықәсқәа рзы аамҭа кьаҿк иалагӡаны еиҿкаан атеатр абзиабаҩцәа ртруппа, уи ибзоурахеит атеатртә ҟазара пату ззақәыз Асҭамыр Цыба захьӡыз Тҟәарчал анхаҩы. Анаҩс, 1961 шықәса рзы уи Жәлар рдраматә театрны иҟалеит, ашьҭахь, 1992 шықәса рзы - иҳәынҭқарратәны. Уи аҿиарамҩа аџьабаа ду азибахьан СССР жәлар рартист, арежиссиор Шәарах Ԥачалиа.
Шәарах Ԥачалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2019
Тҟәарчалтәи атеатр: Шәарах Ԥачалиа игәаларшәара ҳуалуп
70-тәи ашықәсқәа рзы Борис Лагәлаа еиҿикааит алитературатә хеидкыла. Уи иалнаршеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи русура арҿиара, арҭбаара. Алитературатә хеидкыла "Тҟәарчал абжьы" акыраамҭа напхгара алҭон апоетесса Нелли Сабекьиаԥҳа.
80-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы афымцамч аус адуларазы акырӡа амчхара ацҵан Тҟәарчалтәи ГРЕС, аусура иаларган аихарҭәаразы азауад. Акадрқәа аҭыԥан разыҟаҵаразы иаартын арадиоелектронтә аппаратурақәа, аҿар ахәылԥазтәи ртехникум. Арҭ ашықәсқәа рзыҳәаны Тҟәарчал Аԥсны ақалақьқәа ирыламҩашьо иҟан зегь рыла. Уаҟа иқәынхоз аԥсуаа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳан, уи анырра ӷәӷәа ҟанаҵон амилаҭтә доуҳатә культура аганахьалагьы.

Аибашьра ашьҭақәеи аблокадеи

1992-1993 шш. рзы Аԥсны ақырҭуа ар анақәла, дара Тҟәарчал ақалақь амацәаз аҭакра рылшеит. Шәҩыла тҟәарчалаа рыҷкәынцәа абџьар кны аԥсадгьыл ахьчара иазгылеит, рхы ақәырҵеит. Аибашьраан ақалақь ахаҭагьы иаиуз аԥхасҭақәа маҷым, аӷа иааиԥмырҟьаӡакәа арҭҟәацгақәа алаижьуан, абзарбзанқәа рыбжьы ажәлар ргәы ҭнашьаауан, ахыбрақәа ааха ӷәӷәа роуит. Ажәлар русура еиԥҟьеит, иаанхеит уалафахәыда, фатәыда, ауаа амлакреи ахьҭакреи ирхыԥсаауан.
"413 мшы ақалақь амацәаз иҭакын. Аимадара еиԥҟьаны иҟан. Аха ақалақь излауала ахы ахьчеит, уи иаҵагылеит аибашьцәа фырхацәа. Аџьабаа рбон ажәлар уахгьы-ҽынгьы, урҭ рџьабаа иалҵшәаны афымцалашара еиҭашьақәыргылахеит, зықьҩыла ахҵәацәа аднакыло иалагеит ақалақь. Убарҭ зегьы ирыбзоураноуп аҭынч аамҭазы "ақалақь-фырхаҵа" ҳәа Тҟәарчал астатус заиузгьы. Исгәалашәоит ҳԥыза Владислав Арӡынба иажәақәа: "Аԥсадгьыл ахьчара ус имариам, аха уи ҳара иаҳуалԥшьоуп. Ицәгьоу аамҭа ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп. Ҳәарада, ақыҭанхамҩа аеконимика ахьысҳара иаҿуп, аха зегьы ҳариааиуеит", - ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Ченгьелиа.
Чачхалиаԥҳа Тҟәарчал аибашьраан: амлакра аҵкыс гәаҟрыс иҳамаз аинформациа аҟамзаара акәын - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2022
Арадио
Чачхалиаԥҳа Тҟәарчал аибашьраан: амлакра аҵкыс, гәаҟрас иҳамаз аинформациа аҟамзаара акәын

Ауадаҩрақәа риааира

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь 1994 шықәса рзы иаԥҵан Тҟәарчал араион, уи иалалеит Очамчыра араион ақыҭақәа ҩбеи Гал араион ақыҭақәа аабеи.
Иуадаҩӡаз аамҭақәа риааира иагьа иазыцәгьазаргьы, Тҟәарчал аиҭашьақәыргылара амҩа ианылеит.
Иахьатәи аамҭазы ақалақь ҿиоит, еиҵыҵуеит, алшарақәа макьана ишмаҷугьы. Аҳәаанырцәтәи асасцәа радԥхьаларазы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусурақәа мҩаԥысуеит - арекреациа, ашьханыҟәара, арадонтә ӡхыҵхырҭақәа, аӡәырҩы Тҟәарчал аԥсабара аԥшӡара ихнахуеит.
Тҟәарчалаа ишазгәарҭо ала, рықалақь ааглыхреи атуризми рганахьала аԥеиԥш ду амоуп, аха уи арҿиаразы аинвестициақәа маҷымкәа иаҭахуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0