https://sputnik-abkhazia.info/20230409/atylauai-aiabyrei-arshba-ama-khada-ay-akhylashra-iazkny--1045059522.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аршба амҩа хада аҿықә ахылаԥшра иазкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аршба амҩа хада аҿықә ахылаԥшра иазкны
Sputnik Аҧсны
"Аԥсны амашьынамҩа" аусзуҩцәа амҩаду хадаҿы арыцқьарақәа мҩаԥыргоит. Арҭ аусурақәа ирыбзоураны иахьазы атәыла мраҭашәаратәи аган амҩа ахәҭак рыцқьоуп... 09.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-09T18:50+0300
2023-04-09T18:50+0300
2023-04-09T18:50+0300
арадио
аԥсны
атәылауаҩи аиҳабыреи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/05/1045059358_0:4:1280:724_1920x0_80_0_0_20e2ec1db87ee406bf6cc7ac63cba084.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аршба амҩа хада аҿықә ацқьара иазкны
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аршба амҩа хада аҿықә ацқьара иазкны
"Аԥсны амашьынамҩа" аусзуҩцәа амҩаду хадаҿы арыцқьарақәа мҩаԥыргоит. Арҭ аусурақәа ирыбзоураны иахьазы атәыла мраҭашәаратәи аган амҩа ахәҭак рыцқьоуп, амашьынарныҟәцаҩцәа рылаԥшҳәаа иаԥырхагоу аҵлақәеи ачықьқәеи рықәгара иҿуп. Арҭ аусурақәа шцо атәы, насгьы амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Аԥсны амашьынамҩа" аусзуҩы Станислав Аршба.Иахьазы амҩа хадаҿы ицо аусурақәа ҟаҳамҵеижьҭеи даара акрааҵуеит, шьаҭанкыла, аҵлақәеи ачықьқәеи ықәаҳгоит, амҩа каххаа иҟаҳҵоит иҳәеит Аршба ицәажәараан."Еиҳарак амҩақәа рҿы иқәаҳго агәамсам ауп. Лимонадк ржәуама, чашәк рфома, рыҭрақәа зегь ыршәны икарыжьуеит. Мызкы 3-4-нтә иаҳрыцқьоит, аха ухынҳәны уаанӡа еиҭа икарыжьуеит. Ауаҩы иашҭаҿы ишкаимыжьуа еиԥш, амҩаду аҿгьы ус ҟаимҵароуп. Ахдырра ыҟазар бзиан. Мчыбжьык 40-50 ааҵәа анеизаҳго ыҟоуп. Арахә-ашәахәгьы рзы ауадаҩра ду ыҟоуп. Мызкы 2-3 жәы, ҽы анықәҳамго ыҟаӡам, уигьы иганы иужыроуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аршба.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/05/1045059358_73:0:1212:854_1920x0_80_0_0_027087a0dce2c1402325f0acf9bd07e7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
аԥсны, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аршба амҩа хада аҿықә ахылаԥшра иазкны
"Аԥсны амашьынамҩа" аусзуҩцәа амҩаду хадаҿы арыцқьарақәа мҩаԥыргоит. Арҭ аусурақәа ирыбзоураны иахьазы атәыла мраҭашәаратәи аган амҩа ахәҭак рыцқьоуп, амашьынарныҟәцаҩцәа рылаԥшҳәаа иаԥырхагоу аҵлақәеи ачықьқәеи рықәгара иҿуп. Арҭ аусурақәа шцо атәы, насгьы амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Аԥсны амашьынамҩа" аусзуҩы Станислав Аршба.
Иахьазы амҩа хадаҿы ицо аусурақәа ҟаҳамҵеижьҭеи даара акрааҵуеит, шьаҭанкыла, аҵлақәеи ачықьқәеи ықәаҳгоит, амҩа каххаа иҟаҳҵоит иҳәеит Аршба ицәажәараан.
"Еиҳарак амҩақәа рҿы иқәаҳго агәамсам ауп. Лимонадк ржәуама, чашәк рфома, рыҭрақәа зегь ыршәны икарыжьуеит. Мызкы 3-4-нтә иаҳрыцқьоит, аха ухынҳәны уаанӡа еиҭа икарыжьуеит. Ауаҩы иашҭаҿы ишкаимыжьуа еиԥш, амҩаду аҿгьы ус ҟаимҵароуп. Ахдырра ыҟазар бзиан. Мчыбжьык 40-50 ааҵәа анеизаҳго ыҟоуп. Арахә-ашәахәгьы рзы ауадаҩра ду ыҟоуп. Мызкы 2-3 жәы, ҽы анықәҳамго ыҟаӡам, уигьы иганы иужыроуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аршба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.