700 кьыла рҟынӡа акокаин зыдбалоу хҩык аҳәаанырцәуаа аанкылоуп Подмосковие

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГубернатор Хабаровского края С. Фургал доставлен в СК РФ
Губернатор Хабаровского края С. Фургал доставлен в СК РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2023
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу акокаин хаз-хазыла ирҭиуазар, ахәԥса ф-миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Хҩык жәларбжьаратәи акартельцәа Подмосковие иаанкылоуп, ирыдбалоу акокаин 699 кьыла акапан ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, УА АШәМ апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Транзитла Европаҟа ииарнар ирҭахыз анаркотик 2,5 миллиардк инеиҳаны иаԥсоуп.

"Москва еидкыларыла алатынамерикатәи акокаин аҭиразы аҽазшәара ыҟан. Иаанкылоуп хҩык аҳәаанырцәуаа Колумбиа атәылауааи, Евроеидгыла атәылақәа руак атәылауаҩи. Дара хықәкыла Урыстәылаҟа иааит анаркоакциа амҩаԥгаразы", - аҳәоит арелиз аҿы.

Иаанкылоу анаркотикқәа рыхәҭак Европаҟа ирышьҭраны иҟан, ахәҭак Урыстәыла аҭира ргәы иҭан. Хәҭа-хәҭала акокаин аҭиразы анаркокартель ф-миллиард мааҭ ирҳар алшон.
Ашьаус хацыркуп. Иаанкылоу аамҭалатәи аҭакырҭахь инагоуп. Урҭ 20-20 шықәса аҭакра рықәшәар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0