Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшаԥ аҽны ииуа – дыхьӡырҳәагахоит": амшаԥазтәи аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к Пасхе в женском монастыре Забайкальского края
Подготовка к Пасхе в женском монастыре Забайкальского края - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2023
Анапаҵаҩра
Амшаԥы иазку аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа азлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Амшаԥы – аныҳәа лаша, аҭаацәа еидызкыло, аԥхара, ахаара згым. Акыршықәсоуп ҳадгьыл ԥшьаҿы зыӡбахә ҳамоу аныҳәа азгәарҭоижьҭеи. Амшаԥы! Заҟа гәыхыҭхыҭра ацузеи иара?
Аҳәсеи аҭыԥҳацәеи ари аныҳәа ааира мышқәак шагу аныҳәатә еишәа зеиуахк рацәоу чысла архиаразы игьагьо амарҭхәқәа ирышьҭоуп, заанаҵы аҽеиқәыршәара рҽазыркуеит.
Ахәыҷқәа лымкаала аныҳәа иазгәышьуа "акәтаӷь ҟаԥшьқәа анбеинаҳҟьо" ҳәа рыблақәа ҭырхаха иԥшуп. Аиҳабацәа ракәзар, амшаԥшара агәараҭа ианааҭала, амшаԥ ҳаԥшьа хдыртуеит. Зыцыԥхьқәа еилахәмаруа аҩала "Уа, Амшаԥшара ҳзыбзиахааит, ҽаангьы-цахәгьы ҳгәырӷьаҵәа аныҳәа ҳаԥылалааит! - ҳәа рҭаацәа инарықәныҳәоит.
Ныҳәоуп, гәырӷьароуп ари амш аҽны. Аразреи аҭаацәаратә ҳәатәеиқәшәареи ирныҳәоуп.
 Празднование пасхи в Сухумском кафедральном Соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2023
Аԥсны
Аԥсны ақьырсианцәа Амшаԥныҳәа Лаша азгәарҭоит

Амшаԥазтәи аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа

Амшаԥныҳәа ааира ажәлар разгәаҭарақәа маҷымкәа иахылҿиааит. Иаагозар, еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иан лҟынтә ианиҵахьан абри аҩыза азгәаҭара:
"Амшаԥы еснагь амҽыша иақәшәоит. Амшаԥныҳәа ҟалаанӡатәи аԥшьаша иахьӡуп "Чачхадыл". Ирҳәоит Чачхадыл аҽны ашамҭазы абаҳчаҿ алӡынрак зҭыҩра иҭатәаз абгахәыҷы аацәыҵыҵуеит ҳәа. Аҭыҩра ишааҭыҵлак, шаанӡа амра гылаанӡа, иахьыҟазаалак аӡы ԥшааны аҽакәабоит, аҽарыцқьоит. Убри аҽакәабаанӡа, шаанӡа угыланы, раԥхьа уара уҽукәабар, алшықәсанык аҩсҭаа дуԥырхагахом, уааигәара дааиӡом ҳәа".
Анаҩстәи аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа иаҳзеиҭарҳәоит:
Амшаԥы зықәшәо арыцхә наскьоит-иааскьоит, аха ианакәызаалак амҽыша иақәшәоит.
Амшаԥазы ажәла карыԥсом, анышә ркуам – ҵасым ҳәа рыԥхьаӡоит.
Амшаԥы иаԥылоит рцәа-ржьы цқьаны, маҭәа цқьала рҽеилаҳәан.
Амшаԥ адырҩаҽны (ашәахьа) акәҭаӷь (азгә. "амшаԥ кәтаӷь") афара ҟалом - ухаԥыцқәа ыҵабаауеит рҳәоит.
Амшаԥ аҽны аҩнаҭаҟынтә зегь раԥхьа амрагылара збаз – ашықәс зегь изыманшәалахоит.
Амшаԥазы амш цәгьахар, иаанхаз ааԥынрагьы қәас-ӡыслоит рҳәоит.
Амшаԥ адырҩаҽны (ашәахьа) ҽынла ацәара ҟалом, уцәар, уи ашықәс аанҵәаанӡа ацәа уакуа уалагоит рҳәоит.
Амшаԥаҽны амра ԥхар, ҽаҩраҭагалан беиахоит.
Амшаԥаҽны амра анҭашәо ашәаԥшь ҟаԥшьӡа икыдлазар, аманшәалара иатәуп.
Амшаԥазтәи аишәа шаҟа иԥшӡахо, шаҟа ихаахо аҟара аҭаацәа рзы ибзиоуп, ашықәс зегь иманшәалахоит рҳәоит.
Амшаԥазы ииуа ахәыҷы дандухалак, дыхьӡырҳәагахоит рҳәоит.
Пасха - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Аԥсны
Анцәа илаԥш хаа ҳагымзааит: Амшаԥныҳәа иацу абеиареи Ҳаиҳа зымчу имҵаныҳәареи
Ажәабжьқәа зегьы
0