Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажәлар еибаркны измоу адоуҳатә мчы: Лыхнытәи аҭәаҵлазы зҵаарақәак рышьҭала

© Sputnik / Томас Тхайцук Лыхненский храм и древняя липа
Лыхненский храм и древняя липа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2023
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭа игылоу 150 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, зымҵан аҭоурыхтә хҭысқәа акыр ҟалахьоу аҭәаҵла гәаӷшақә аԥҟара ахҭыс ашьҭа дхыланы, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа иаҳзеиқәлыршәеит аԥсуаа рҵасқәеи адинхаҵареи реизыҟазаашьа иазку анҵамҭа.

Анцәа

Зцитатақәа лассы-лассы иаарго раԥхьатәи аԥсуа етнограф Салуман Ажәанба "Иԥсабаратәу аԥсуа ианҵамҭақәа" ҳәа раԥхьатәи иусумҭа иахьахьӡиҵаз машәыршақә акәхарам. Уи иҟынӡа еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аӡәырҩы аныҟәаҩцәа, аҵарауаа аԥсуаа рыӡбахә – рбызшәа, рҭоурых, ретнографиа, ркультура, рҵас-рқьабз иазкны анҵамҭақәа ҟарҵахьан, аха иԥсабаратәу аԥсуа ианҵамҭақәа зегьы ирылукаауеит, еиҳа рыгәра угоит. Избанзар аԥсуа иԥсабара здыруа, ибызшәа мгәарҭа дшыҟаз изаҳауаз, аԥсуа идгьыл аҿы изызҳаз ида ҽаӡәы уи идоуҳара атәы инагӡаны еилкааны дзалацәажәашам.
Азеижәтәи ашәышықәса аҩшамҭазы иҩагылаз аԥсуа ҵарауаҩ ианҵамҭақәа рҟны аԥсуаа рдоуҳа, рдинхаҵара дазааҭгыло иҩуеит:
"Аҳратә ҩнра иаҵанакуа аҭаацәарақәа рыда ақьырсиантә динхаҵара иацныҟәо Аԥсны атәылауаа рхыԥхьаӡара маҷуп, еиҳагьы еиҵоуп амагометанцәа ҳәа зхы зшьо. <…> Аԥсны иқәынхо зегьы иарбан дину рхы здырҵозаалак, еилых ҟамҵакәа, ирымҵаныҳәоит рынцәахәқәа, инарыгӡоит ақьабзқәа".
Иҵабыргны иаҳҳәар ҳалшоит иахьагьы убасҵәҟьоуп ҳәа ишыҟоу. Дарбан аԥсыуазаалакгьы иарбан динзаалак ихы здикыло дызлиааз ихатә доуҳара еиҳау мчы ыҟаӡам, уи амаҵ азиуеит, дамҵахырхәоит, дамҵаныҳәоит.
"Иԥсабаратәу аԥсуа ианҵамҭақәа" рҟынтәи алкаа ҟаҵо, аҵарауаҩ ду, аҭоурыхҭҵааҩ, зусумҭақәа еснагь актуалра рымоу Шьалуа Инал-иԥа Салуман Ажәанба ииҩыз шьақәырӷәӷәо иациҵоит абас:
"Аԥшьбатәи ашәышықәса инаркны Византиантәи аԥсуаа ирылаҵәаз ақьырсианра аума, жәохәтәи-жәафтәи ашәышықәсақәа рзы Ҭырқәтәылантәи аларҵәара зауз аԥсылманра (асуниттә) аума, ирылымшеит аԥсуаа разхаҵарақәа раԥыхра. <…> Аԥсуаа рдинхаҵараҿы ихадароу аҭыԥ ааннакылоит жәлары зегьы рзы иаку Анцәа икульт – зегь зырҿиаз, зегь зылшо, аԥсабаратә мчқәа (анцәахәқәа) зегьы ираҳу. Иара усгьы абжьааԥнылагьы аԥсуаа аишәа ианадтәало, "Анцәа, улԥха ҳаҭ!" ҳәа ауп нап шадыркуа", – ҳәа азгәаиҭоит аҵарауаҩ.
Руслан Берзек  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2020
Анцәа ииныҳәаз, ауаа ирныҳәаз: аныҳәаҩ ихаҿра
Ԥсабарала иаԥсыуаамыз аҵарауаа, аныҟәаҩцәа ҩашьарыла аԥсуа ахьӡ "Анцәа" – "ан" – "мать", "цәа" – арацәа хыԥхьаӡара аазырԥшуа анҵәамҭа ҳәа аҟынтәи – "анцәақәа" ҳәа еиҭаргон. Убри аан Анцәа – даӡәуп, анцәахәқәа – рацәоуп. Уимоу, аԥсабаратә нцәахәқәа (адыд-амацәыс ирхылаԥшуа инадыркны, адгьыл ақәаарыхра, арахәааӡара ирызку уҳәа жәпакы) рнаҩсгьы, аԥсуаа досу "инцәахәы" димоуп ҳәа иршьоит ("доля Бога"), ажәлантәқәагьы досу рынцәахә ихьӡала аныҳәарақәа мҩаԥыргоит.

Аныҳәарҭа

Аԥсуаа ирымамызт ҟазшьас Анцәа ихьӡала, мамзаргьы анцәахәқәа рзы ахыбрақәа, амҵаныҳәарҭақәа рыргылара. Аԥсуа Анцәа дизааигәатәны дҟазҵо кьыс змам, иԥшьоу, иара Анцәа иишаз аԥсабара ахаҭоуп. Аԥсуа Анцәа ихьӡ ҳәаны данныҳәо, уи иҩны дыҩнагылазаргьы, иашҭа аҟны акәзаргьы – амрагыларахь ихы рханы, инапқәа ажәҩан ахь еиҵых, ихылԥарч (ихылԥа) ихыхны Анцәа диҳәоит. Хыбра хәыҷык зманы иаҳбо зылԥха ҳаура Шьашәы ихьӡала иахьныҳәо ажьира заҵәык ауп. Иара уигьы иаҳбац жьиирҭа-ҭыԥуп, "х-напык" - ажьаҳәа, арыҭәа, аԥсынгьери - ахьықәу, хан-хьыҵәцараны еибыҭам ргылароуп.
Празднование Ажьырныхуа в селе Бамбора  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2020
Имҵаныҳәон, ихьӡ ианықәуан: аԥсуа традициатә динтә дунеиқәыԥшылараҿы Шьашәы иҭыԥ
Ныҳәарҭа ҭыԥны аԥсуаа жәытәнатәаахыс иршьо – Анцәа уизааигәахартә еиԥш иахьыҳаракыроу, иара убасгьы дә-ҟьаҟьаран, икаршәраны, иԥшӡаӡа иахьыҟоу, ахьхьаҳәа аӡиас ыҵхәраа иахьлеиуа, зышәшьыра уҵанакыша ҵлак амҵан ауп. Аԥсуаа ражәагьы иалоуп "Ишәшьыра ҳаҵоуп (ҳаҵанакааит)" ҳәа.
Аҵлақәа рыӡбахә анаҳҳәо, арагьы иалкаатәуп, аԥсуаа реиҳа мчы змоу, иӷәӷәоу ҳәа иршьо шыҟоу. Урҭ иреиуоуп аџьҵла, араҵла (араса), аҭәаҵла. Еиуеиԥшым аижәлантәқәагьы дара рныхахәқәа рҭыԥ аҿы абарҭ аҵлақәа ршьапаҿы иныҳәоит, ацәымза адыркуеит. Ус иҟоуп иахьагьы.
Святилище Елыр-ныха - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2021
Иԥшьоу аҵлақәа рымҵаныҳәара: аџь, аҭәаҵла ажәлантәқәа рныҳәараҿы
Ишдыру еиԥш, аԥсуаа "Ҳаиҳа зымчу" ҳәа иршьо рныхақәа ыҟоуп быжьба: Дыдрыԥшь-ныха, Лӡаа-ныха, Лых-ныха, Лаԥыр-ныха, Елыр-ныха, Инал-Ҟәыба, Лашькьындар. Дара аныхақәагьы еиҿцаауеит рҳәоит. Уи адагьы, арҭ зылԥха ҳауша, аныха дуқәа ирҿыҵыз аныхахәқәа ыҟоуп. Иаҳҳәап, аетнографцәа ранҵамҭақәа рыла, Џьгьарда Абаа-ныха Ԥсҳәы-ныха (Инал-Ҟәыба) ианыхахәны иԥхьаӡоуп.
Иазгәаҭатәуп, аныхақәа "тәарҭас" ирымоу аҭыԥ ԥшьақәа ҳәа иԥхьаӡоуп. Хыхь ишанаҳҵаз еиԥш, ицқьоу ҭыԥуп. Дара абарҭ аныхатәарҭақәа ирхьырԥшноуп ауахәамақәагьы шгылоу.
Сосны в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2022
Аԥсны
Анан-Лӡаа-ных: ацә шкәакәа ахьнеиуа

Лых-ныха, Лыхнашҭа, аҭәаҵла

Лыхнашҭа аҳцәа иахьыртәарҭаз, Аԥсни аԥсуааи рлахьынҵа ахьырыӡбоз ҭоурыхтә ҭыԥны иҟоуп. Уи ахаҿыҵәҟьаҟноуп ауахәамагьы ахьгылоу, злыԥха ҳауша аныхатәарҭагьы ахьыҟоу.
Лых-ныха зныхахәу ҳәа изшьо аижәлантәқәа Шьаҟрылаа жәын еиԥш ҿангьы аҳаԥшьа аартра иазку ақьабз мҩаԥыргоит есышықәса. 30-тәи ашықәсқәа рзы, Сталини Бериеи рхаан, аԥсуаа рыӡбахә зҳәо ак аанмыжькәа ақәгара ианашьҭаз, абарҭ ақьабзқәагьы рымҩаԥгара азин ыҟамызт, уи амҩаԥгара згәаӷьуаз ҭаркуан, иҭадырхон. Абасала, аԥсуаа рдоуҳатә мчгьы рхәаҽырц иаҿын. Иагьа ус акәзаргьы, здоуҳа иацәхьамҵуаз аԥсуаа аамҭа цәгьақәа раангьы маӡала аныҳәарақәа мҩаԥыргон.
В.Г.Арӡынба Лыхнашҭа ажәлар рҿаԥхьа ицәажәара.20.06.1993ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2019
Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара
Аха Лых-ныха амаҵуҩцәа рныҳәарҭа ҭыԥ иара абри аҭоурыхтә шҭаҿы ишыҟоу ала (усҟантәи Асовет мчы аиҳабыраагьы рҭыԥ ахьыҟаз уаҟа акәын), изыхныҳәо рҳаԥшьа ахьыҵоу аҭыԥ аҟны ада маӡала даҽа ҭыԥк аҟны мҩаԥгашьа рымамызт. Убри аҟнытә иаанырмыжьыр амуит, уи еиҭахацыркын 1992 шықәсазы. Аҳаԥшьа аартра аритуал далахәын Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбагьы, иара убас аиҳабыраа. Ҳәарада, ишаԥу ала, асасцәа аҳаԥшьа ааигәара инеиуамызт, насҭха игылан.
Сынтәагьы Шьаҟрылаа, ишыҟарҵ еиԥш, "аҳаԥшьа аартра" ақьабз мҩаԥыргеит.
Лыхнашҭаҿы игылоу аҭәаҵла, хыхь зыӡбахә ҳҳәоз иԥшьоу аныҳәарҭа ҭыԥқәа рҟны игылоу аҵлақәа реиԥш, "адунеитә ҵла" ("мировое древо") асимволра нанагӡоит. Уи асимволика жәҩантә мчи адгьылтә мчи ирыгәҭылсоу акәны иҟоуп. Ас еиԥш иԥшьоу, иагьҭоурыхтә ҭыԥу аҟны игылоу аҵла ааха аҭара згәаҵанӡа имнеиз дыҟам.
"Аҽы ԥсыр, адәы аҭынхоит" ҳәа шырҳәо еиԥш, ашәышықәса инеиҳангьы здацқәа зҳахьоу аҵла хшьаашьа амаӡам, урҭ адацқәа рҽоужьны иҿыцны иҿиахьеит, еизҳахьеит. Егьараангьы аԥсуаа аҭоурыхтә ӡеибафара ҳахәланарбгаларц иалагон, иагьаџьара ҳкыднаҟьахьан, аха адацқәа шыбзац иаанхоит, ари адгьыл иаласоу уи амч ҳаиқәнархоит!
Ажәабжьқәа зегьы
0