Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амилициа рахь арзаҳал нарышьҭит Гагра алақәа ахәшә ахьрыларԥсаз инамаданы

© Sputnik / Томас Тхайцук Бездомные собаки
Бездомные собаки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2023
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 23 рзы Гагра ақалақь агәаны алақәа ахәшә рыҭан ишьын.
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи амилициа рахь арзаҳал нарышьҭит Гагра алақәа ахәшә рыҭаны индырҵәарц ахьрыгәҭакыз инамаданы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагра араион ААР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Иунусба.

Иара иҳәеит, арзаҳал шылҩыз ақалақь аҟны инхо, зааигәара ари ахҭыс аҭыԥ амаз. Иунусба иҳәеит ақалақь аҿы ари азҵаара ҵарны ишықәгылоу, амилициа рахь зхы иацәшәо ауаа арзаҳалқәа шнарго.

"Ауаа ҩ-гәыԥкны рҽыршоит. Џьоукы аԥстәқәа рыцҳаршьоит, егьырҭ – рхи рхәыҷқәеи ирыцәшәоит. Ус акә егьыс акә арзаҳалқәа ҳадаҳкылоит. Ари аганахь ала аус ауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Уаанӡа, аԥстәқәа рыхьчаҩцәа амилициа рахь арзаҳал нарышьҭит Гагра асубтропикатә парк ааигәара алақәа ахьыршьыз инамаданы. Агәазҩара ззыҟаз иразҵаауп, аха урҭ рхара шьақәыргылам.
Мшаԥы 23 рзтәи ахҭыс Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Абазгаа рымҩаҿы игылоу аҩнеихагыла иҩноу Марина Ашьхаруаԥҳа. Лара лоуп азинхьчаратә усбарҭахь арзаҳал зҩызгьы.
Бездомные собаки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2023
Аԥсны
Аԥсны Апарламент аԥстәқәа рызныҟәашьаз азакәан актәи аԥхьарала ирыдыркылеит
Лара ишылҳәо ала, абри амш азы ахәыҷқәа лышә иасит, иларҳәеит ашҭаҿы алақәа ак рыхьит ҳәа.
"Сылбаазар, избеит алақәа гәаҟрыла ишԥсуаз. Ахәыҷқәа ҵәыуон. Ауаа еизеит. "Шәҳацхраа" ҳәа сыҳәҳәон. Аветклиникахь Аҟәаҟа аҭел ҳасит. Урҭ иҳарҳәеит алақәа агәыр рзыҟаҳҵарц. Ирҳәаз зегь ҟаҳҵеит, аха Нора захьӡыз, снапала исааӡаз ала еиқәымхеит", - ҳәа лҳәеит лара.
Ааигәа инхоз ауаа ирҳәеит акәацхәҭақәа ԥсаҟьаны адәаҿы ишырбаз, аха хырҩа шарымҭаз. Ишҳамыркыз акәац рфеит аҩнытә лаки аҽа ԥшәыма дызмам лаки, аха урҭ еиқәдырхеит.
"Ҳәарада алақәа ауаа ирԥырхагахар ҟалоит. Иргылатәуп адкыларҭақәа. Ас ала ахымҩаԥгара ҟалашьа змам ауп. Аҽны ахәшә зырҭаз алақәа аӡәгьы иԥырхагамызт, изыҵымҟьацызт. Зегьы бзиа ирбон", - ҳәа лҳәеит Ашьхарааԥҳа.
Лара илҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы асеиԥш шыҟаз авокзали аџьармыкьеи рааигәара, Кемпинг араион иахьаҵанакуа.
Бездомные животный  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Аԥсны
Аԥстәқәа рыхьчаҩцәа амилициа рахь арзаҳал нарышьҭит Гагра алақәа ахьыршьыз инамаданы
Ажәабжьқәа зегьы
0