Жәлар раԥхьагыла: Нестор Лакоба игәаларшәара иазку ауснагӡатәқәа Гәдоуҭа ишымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ Нестор Лакоба игәаларшәара иазку ахәылԥаз мҩаԥыргеит Гәдоуҭа, лаҵара 1 азы.
Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит иналукааша аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи, ауаажәларратә усзуҩын. 1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон.
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәсазы Лавренти Бериа Нестор Лакоба Қарҭҟа ааԥхьара иҭаны, иҩны днаганы ашҳам иҭан дишьит. Мызқәак рнаҩс "ажәлар раӷа" ҳәа рылеиҳәеит.
Иосиф Сталин данԥсы ашьҭахь ихьӡ риашан, 1959 шықәсазы Аҟәа иқәдыргылеит ибаҟа. Иахьа уажәраанӡагь еилкааӡам анышә дахьамадоу аҭыԥ.
Ажәабжьқәа зегьы
0