https://sputnik-abkhazia.info/20230506/aluash-urystylati-ainvestitsiaa-rzy-aagylazaasha-bziaa-aaaroup-1045668287.html
Ҳалуашь: урыстәылатәи аинвестициақәа рзы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥаҳҵароуп
Ҳалуашь: урыстәылатәи аинвестициақәа рзы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥаҳҵароуп
Sputnik Аҧсны
Аԥсны злахәыз Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа мҩаԥысит Минеральные воды лаҵара 3-4 рзы. 06.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-06T09:19+0300
2023-05-06T09:19+0300
2023-05-06T09:19+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/1d/1043844088_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_9910ad1e69a61af6197d5bb9c0730d89.jpg
АҞӘА, лаҵара 6 –Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа бзиақәа аԥнаҵароуп урыстәылатәи аинвестициақәа рзы, абри атәы арадио Sputnik аҿы иҳәеит Аԥсны Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.Иара иажәақәа рыла, ацәыргақәҵаҿы Аԥсны иазкыз аҭӡахьы инеит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин, уи ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.Аилак ахантәаҩы ишиҳәаз ала, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгара, ареспублика газла аиқәыршәара, ақыҭанхамҩеи арекреациатә лшара уҳәа рызҵаарақәа ирылацәажәон.Адепутат иажәақәа рыла, иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьаан Урыстәыла аԥара аланагалоит Нхыҵкавказтәи арегионқәа рахь. Аԥсны уи иахьазааигәоу иабзоураны иахәҭоуп ибзиоу аинвестициатә ҭагылазаашьақәа раԥҵара, атәыла аекономикатә ҿиара алыршаразы ҳәа иԥхьаӡоит иара.Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа иалахәын Урыстәыла арегионқәа зегьы рҟынтәи асасцәа, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ асбиектқәа рхадацәа. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон ахада Аслан Бжьаниа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230503/aslan-bzhaniei-aleksandr-novaki-eiyleit-stavropolti-atylaats-any-1045625447.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/1d/1043844088_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_80213ead31d63b5aa90d4f1f162a8bf3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ҳалуашь: урыстәылатәи аинвестициақәа рзы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥаҳҵароуп
Аԥсны злахәыз Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа мҩаԥысит Минеральные воды лаҵара 3-4 рзы.
АҞӘА, лаҵара 6 –Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа бзиақәа аԥнаҵароуп урыстәылатәи аинвестициақәа рзы, абри атәы арадио Sputnik аҿы иҳәеит Аԥсны Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Иара иажәақәа рыла, ацәыргақәҵаҿы Аԥсны иазкыз аҭӡахьы инеит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин, уи ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.
Аилак ахантәаҩы ишиҳәаз ала, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгара, ареспублика газла аиқәыршәара, ақыҭанхамҩеи арекреациатә лшара уҳәа рызҵаарақәа ирылацәажәон.
Адепутат иажәақәа рыла, иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьаан Урыстәыла аԥара аланагалоит Нхыҵкавказтәи арегионқәа рахь. Аԥсны уи иахьазааигәоу иабзоураны иахәҭоуп ибзиоу аинвестициатә ҭагылазаашьақәа раԥҵара, атәыла аекономикатә ҿиара алыршаразы ҳәа иԥхьаӡоит иара.
"Ҳара ари аҩыза алшара ҳхы иаҳархәароуп, ҳзакәанԥҵара уи иазыҟаҳҵароуп", - иҳәеит Ҳалуашь.
Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа иалахәын Урыстәыла арегионқәа зегьы рҟынтәи асасцәа, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ асбиектқәа рхадацәа. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон ахада Аслан Бжьаниа.