Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Минводы имҩаԥысыз ацәыргақәҵа, аусӡбарақәа, активистцәа раанкылара

© Foto / Пресс-служба Президента АбхазииПрезидент Республики Абхазия Аслан Бжания встретился с Вице-премьером правительства Российской Федерации Александром Новаком.
Президент Республики Абхазия Аслан Бжания встретился с Вице-премьером правительства Российской Федерации Александром Новаком. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны лаҵара 1-7 рзы ареспубликаҿ аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа реизак азнархиеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵаҟны дыззааҭгылаз азҵаарақәеи, Аҟәа активистцәа раанкылареи, иҭаркыз зхаҭаркызи, ауаҩшьразы гәызҩарас ирымоуи ртәы Sputnik аматериал аҟны.

Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа

Аслан Бжьаниа Минводы имҩаԥысуаз Аԥсны злахәыз Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа даҭааит. Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауаз ала, асасцәа дырԥылеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, уи ицәажәараҿы ацәыргақәҵа алахәылацәа еиуеиԥшым аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргап акымкәа-ҩбамкәа аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩхап ҳәа азгәеиҭеит.
Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи аделегациа рԥылараны иҟан АКФО иалахәу асубиектқәа рнапхгаҩцәеи акорпорациа дуқәа рхадацәеи. Уи адагьы, Аԥсны ахада диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гоглоев.
Аслан Бжания и Михаил Мишустин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниеи Михаил Мишустини Минводы ацәыргақәҵаҿы еиԥылеит
Аԥснытәи аделегациа иалахәын: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, аекономикатә политикеи, ареформақәеи аинновациатә технологиақәеи рзы Апарламенттә еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа, абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Апарламенттә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Хырхарҭарацәала аусеицура

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Константин Могилевски.
Анқәаби Могилевски аҭҵаарадырреи аҵареи русхк аҟны аусеицуреи, аҭҵааратә еилазаарақәеи аинститутқәеи реицаԥҵареи, аҭҵаарадырратә усура аҿиареи ирылацәажәеит.
Могилевски ишьақәирӷәӷәеит урыстәылатәи аган ԥхьаҟагьы ацхыраара ишазыхиоу.
Премьер-министр Абхазии Александр Анкваб встретился с замминистра науки и высшего образования России Константином Могилевским. - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2023
Аԥсны
Анқәаби Могилевскии аҭҵаарадырреи аҵареи русхк аҟны аусеицура иалацәажәеит

Активистцәа раанкылара

Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа "Ҳараҳпицунда" активистцәа аихамҩатә цҳақәа рҟны аплакатқәа анхыршьуаз иаанкылан.
Ҩыџьа арԥарцәеи фҩык аҭыԥҳацәеи Аҟәатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы инаган. Арԥарцәа рганахьала административтә зинеилагаразы ашьаусқәа ҩба хацыркуп- "ахулиганра маҷ" ахәҭаҷқәа рыла. Уи аҽны Аҟәа еизеит атәыла анапхгара иҟарҵо ашьаҿақәа ирықәшаҳаҭмыз ауаа.
Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ Анас Кьышьмариаԥҳа амилициаа активистцәа Аҟәа ишрызныҟәаз закәаным ҳәа ахылҳәааит.
Люди собрались у здания УВД в поддержку додержанных активистов молодежного движения Ҳараҳпицунда - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2023
Аԥсны
Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ амилициаа активистцәа Аҟәа ишрызныҟәаз закәаным ҳәа ахылҳәааит
"Ҳара изакәаным, ҵаҵӷәыкгьы амам ҳәа иҳаԥхьаӡоит "Ҳараҳпицунда" активистцәа ргәаанагареи, ражәеи, реиҭаҵреи рыԥкра, урҭ акыраамҭа раанкылара, иара убас урҭ рганахьала административтә ԥкаанҵақәа рыҩра", - ҳәа ануп иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу лгәаанагарала, азинхьчаратә усзуҩцәа иҟарҵаз Аԥсны азакәанԥҵара еиланагоит, агәаанагареи, ажәеи, аиҭаҵреи, аҭынчратә акциақәа рымҩаԥгареи рзы азин убрахь иналаҵаны.

Ауаҩшьра, аӷьычра, аԥшыхәра

Мшаԥы 29 рзы Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭаҿ аус зымуа аԥсаатәааӡарҭа афабрика аҵакыраҿы Џьеро Марганиа иԥсыбаҩ рбеит.
Лаҵара 4 рзы адырра ҟалеит ауаҩшьразы гәҩарас ирымаз Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә ҭыԥ "Цандрыԥшь" аррамаҵзурауаҩ, апрапоршьик Давид Ахьиба дшаанкылоу. Арратә усӡбарҭа аӡбарала Ахьиба ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп. Ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит ареспублика арратә прокуратура.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2023
Аԥсны
Џьеро Марганиа дишьит ҳәа агәызҩара ыҟоу дырбаандаҩуп
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аԥшыхәра мҩаԥызгоз Қырҭтәыла атәылауаҩ Кристине Такаланӡе 10 шықәсеи фымзи лықәнаҵеит азеиԥш режим иаҵанакуа аколониаҿы ахгарала.
Такаланаӡеи даанкылан ԥхынгәы 29 рзы, Қырҭтәыла аинтересқәа ирыхәо аԥшыхәра мҩаԥылгон ҳәа ишьаны. Аӡбарҭа аӡбамҭа ахашшаара ҟалоит 15 мшы ирҭагӡаны. Кристине Такаланӡе илыдырҵаз ахара мап ацәылкит.
Ҩыџьа ақәыԥшцәа Аҟәа атуристтә автобус мҵадырсит ҳәа агәызҩара ыҟоуп. Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, атуреилахәыра иахатәу автобус "Мерседес" Аҟәа, сасааирҭак аҿаԥхьа игылан. Автобус анымҵадырс ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа уи рыԥшааит Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
Иааныркылаз зықәра намӡац русқәа рзы аинспекторцәа адыԥхьаланы ирацәажәеит. Дара ируз азы рҿы рықәшаҳаҭхеит. Урҭ зықәра намӡац рхылаԥшра рыҭаны иоушьҭуп. Ашьаус хацыркуп.

Гагра иҟалаз амашәыр

Гагра, Демерџь-иԥа имҩаҿы ани аԥеи лаҵара 2 рзы амашьына рысит. Жәашықәса зхыҵуаз ахәыҷы аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит, иан ахәшәтәырҭахь днаргеит.
Гагратәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиапҳа лажәақәа рыла, аԥҳәыс ҩынтә дԥырҟеит, абҩаԥҵәақәа рацәаны илылоуп, лҭагылазаашьа уадаҩуп.

Нестор Лакоба 130 шықәса ихыҵра

Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ Нестор Лакоба игәаларшәара иазку ахәылԥаз мҩаԥыргеит Гәдоуҭа, лаҵара 1 азы.
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла анапхгара, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәларра.
Ахәылԥаз аҟны иқәгылоз зегьы иазгәарҭон аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы Нестор Лакоба илшамҭақәа ртәы. Аԥсуа револиуционер минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.
Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Аԥсны
Ахақәиҭра иазықәԥоз

Аҽырхәмаарақәа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Очамчыра араион Кәтол ақыҭан аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥган. Ауснагӡатә аҟны иарбан ҽыла ампыл асра, аҵәеигәыдҵа, аҽырыҩра - 1200, 1400, 2000 метра. Еиндаҭлон Кәтолаа, Џьгьардаа, Уарчаа.
Аԥсны аспорт азҟаза Омар Коӷониа ихьӡала аҵәеигәыдҵара мҩаԥган, еиндаҭлон Кәтоли, Џьгьардеи, Уарчеи рҽыбӷаҟазацәа. Афинал аҟны еиқәшәеит кәтолааи уарчааи, аԥшәмацәа 2:0 ҳәа аиааира ргеит. Аԥхьахәтә фонд 80 000 нызқь мааҭ ыҟан, 50 нызқь мааҭ аиааира згаз ирырҭеит, 25 нызқь мааҭ Уарчаа, 15 нызқь мааҭ - Џьгьардаа.
В Абхазии открылся скаковой сезон, в селе Кутол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Аҽымпыл, аҵәеигәыдҵа, аҽырхәмарра: аҽырыҩра Кәтолаа рыҟны
Аԥсны аспорт азҟазацәа аишьцәа Алхаси Гарики Палаванӡиаа ргәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз аҽымпыл аҟны Кәтолаа 12:7 ҳәа аиааира ргеит. Афинал аҟны Џьгьардаа ирыцхәмаруан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аишьцәа Пантик, Валентин, Иван Табаӷәуаа рыхьӡала Аԥсны ииз ашьацқьа злоу аҽқәа 1400 метра иҩуан. Актәи аҭыԥ игеит-Дамеи Сақаниа, аҩбатәи- Руслан Дочиа, аҳпатәи-Беслан Бжьаниа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ргәаларшәаразы имҩаԥгаз 2000 метра аҽырыҩра аҟны аиааира игеит Дмитри Қардиа - иҽы Френки, аҩбатәи Инал Гәаланӡиа - иҽы Наварро, ахԥатәи Кандид Лагьынӡиа -иҽы Новелла.
1200 метра аҽырыҩраҟны актәи аҭыԥ даԥсахеит Саид Гәырчиани, аҩбатәи- Баҭал Ахсалба, ахԥатәи- Алик Багатуриа.
Маи акы иаԥылеит: Кәтол ақыҭан аҽырхәмаррақәа шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Аԥсны
Маи акы иаԥылеит: Кәтол ақыҭан аҽырхәмаррақәа шымҩаԥысыз

"Аиааира аволонтиорцәа", "Агәалашәара амца"

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны игаз аиааира 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз акциа "Аиааира аволонтиорцәа" мҩаԥган Аҟәа, лаҵара 4 рзы.
Уи иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа, Тҟәарчал, Гал, Кәтол рышколхәыҷқәа, аҿартә хеилак "Аԥеиԥш" ахаҭарнакцәа.
Акциа алахәылацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥҳьа ашәҭқәа шьҭарҵеит, аибашьра иалиааз ашәақәеи ажәеинраалақәеи нарыгӡеит.
Уи ашьҭахь, Амилаҭтә библиотекаҟны имҩаԥысит "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашықәсқәа рзы Аԥсны" ацәыргақәҵа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Давид Ԥлиа иԥылеит, афильм "Поиск" ддырбеит.
Кремль аҭыӡқәа рганаҿы иарку Иҿымцәаауа амца иаҿыгоу "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит. Амца зҭоу акәаҷаб Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аԥхьа аҟарул инаганы иддыркит. Иҿымцәаауа амца аҟәырҷаха зҭоу акәаҷабқәа Аԥсны араионқәа рхадацәа ирыҭан.
Акциа "Агәалашәара амца" мҩаԥыргоит Урыстәылазегьтәи жәлар рфронт.

Донбасс ахатәгәаԥхаҩцәа рымш

Донбасс ахатәгәаԥхаҩцәа рымш азгәарҭеит Аҟәа, лаҵара 6 рзы. Аҳҭнықалақь аҟны ауаажәларра злахәыз агәаларшәаратә митинг мҩаԥган. Уаҟа иқәгылеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Аб Бассариан (Аԥлиа), Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа, Приднестровие ахаҭарнак ҷыда Гарри Кәпалба.
Ауснагӡатә аҟны 2022-2023 шықәсқәа рзы Донбасс иҭахаз аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа рҭынхацәа аҳамҭақәа рнапаҟны ирырҭеит, иара убас ДЖәР-и ЛЖәР-и ацхыраара рызҭаз аҳамҭақәа ранаршьеит.

Афон ҿыц аџьармыкьа-фестиваль

Гиви Смыр ихьӡ зху акультуратә центр аҟны иаартын жәлар рырҿиамҭақәеи рнапҟазареи рџьармыкьа, иара аартызаауеит хымш.
Ауснагӡатә азкуп Леон иордени "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара аордени занашьоу, аскульптор, асахьаҭыхҩы, Афонҿыцтәи аҳаԥы раԥхьаӡа иаазыртыз Гиви Смыр иираамш. Иара сынтәа лаҵара 9 рзы 73 шықәса ихыҵуазаарын.
Ацәыргақәҵа иалахәуп 70-ҩык инреиҳаны Аԥсни Урыстәылеи рнапҟазацәа. Иара убас имҩаԥыргоит апоезиатә ԥхьарақәа, аԥаразы амастер-классқәа, акакаҷссақәа рыла аԥара, аӡахәамаҵәқәа рыла аԥара, асахьанҵара, арапара, ашәырақәа рыҟаҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0