Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа Аԥсны раԥхьатәи ахада игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган

© Sputnik / Ирина Каледина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент республики Абхазия Владислав Ардзинба.
Президент республики Абхазия Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада, жәлар рԥыза, иахьатәи Аԥсуа ҳәынҭкарра ашьаҭаркҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 78 шықәса.
ГӘДОУҬА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган Гәдоуҭатәи Акультура ахан аҟны амҽыша, лаҵара 14 рзы.

Агәаларшәаратә хәылԥазы аартуа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илҳәеит Аԥсны аҭоурых аҟны ҳажәлар аӡи-амцеи ирылган еиқәзархоз Қьалышьбеи Чачба, Нестор Лакәаба дшынрывагылаз Владислав Арӡынба.

Иара убасгьы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа даԥхьеит, Владислав Арӡынба игәабзиара ануашәшәыраха иҟаиҵаз иуасиаҭ ажәа. Уаҟа иаҳәоит, идунеи аниԥсахлак ашьҭахь Гәымсҭа ахықәан анышә дамардарц, аҳәарагь ҟаиҵоит абаҟа дмыргыларц ихьӡи ижәлеи мацара анырҵарц, иеибашьцәа анышә ишарҭоз еиԥш анышә дамардарц. Иара убасгьы, аԥсуа бираҟ иқәдыршәырц, анаҩс уи абираҟ иҭаацәа ирзаанрыжьырц.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз Владислав Арӡынба дыргәаладыршәеит минуҭктәи ҿымҭрала. Анаҩс игеит Аԥсны аҳәынҭқарра агимн.
Аҭоурыхҭҵааҩ, апублицист Руслан Гәажәба иқәгылараҿ дазааҭгылеит, Владислав Арӡынба еснагь аҭҵаарадырра инапы шалакыз, аԥсуа жәлар ркультура, рҵас, рқьабз шҭиҵаауаз. Иара агәра ганы дыҟоуп Владислав Арӡынба машәыршәа анапхгараҿ дшымааиз - уи хыхьынтәи дшаашьҭыз.
Владислав Григорьевич Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
"Шәышықәса рахьтә знык ииуа" - жәлар рфырхаҵаны иҟалаз Владислав Арӡынба
Уи ус шакәу зырҵабыргуа акәны еиҭеиҳәеит, Оҭҳара ақыҭан 1942 шықәсазы иҟалаз ахҭыс жәабыжь. Ашықәс рацәа змаз Хәырхәмал Кадыр ихылҵыз ааизиган ус реиҳәеит, ҳашьхақәа рҟынӡа анемеццәа шааиуа, аха акагьы шрылымшо. Хы-шықәса рышьҭахь аиааира ҳара ишаҳго.
"Иара убасгьы иҳәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра акыр шықәса ашьҭахь, Москвантәи Аԥсныҟа даауеит аҵара змоу 20 шықәса зхыҵуа арԥыс. Иара Аԥсны дахагылоит. Аибашьра ҟалоит, аха аԥсуаа аиааира ргоит ҳәа", - иҳәеит Гәажәба.
Агәаларшәаратә хәылԥазы аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган аконцерттә программа. Ашколхәыҷқәа Владислав Арӡынба изкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ахәыҷтәы ансамбль "Адац" аԥсуа кәашарақәа нарыгӡеит, иара убасгьы асценахь ицәырҵит ансамбль "Риҵа", ашәаҳәаҩцәа Артур Лакрба, Сати Какәбааԥҳа, Мана, Анатоли Алҭеиба, Саида Цимцԥҳа, Денис Ҳагба, Владислав Арӡынба бзиа иибоз агәыԥ "Аԥсны-67".
Ахәаԥшцәа идырбан еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз Арӡынба иархивтә фотосахьақәа. Агәаларшәаратә хәылԥазы иалахәын Гәдоуҭа араион анапхгара, Аԥсны раԥхьатәи ахада иуацәа, аррамаҵурауаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәсазы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Иара аполитика ду ахь дааит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, 1990 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхоит.
Владислав Арӡынба ҩынтә Аԥсны ахадас далхын. Акыраамҭа ихьуаз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 4 2010 шықәсазы.
Владислав Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Аԥсны
Амилаҭ ԥхьагылаҩ: Владислав Арӡынба илашоу иԥсҭазаара аамҭақәа рҟынтәи
Ажәабжьқәа зегьы
0