00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Шәышықәса рахьтә знык ииуа" - жәлар рфырхаҵаны иҟалаз Владислав Арӡынба

Владислав Григорьевич Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Анапаҵаҩра
Жәлар рыбзиабара иалнахыз, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, амилаҭтә фырхаҵа, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Аԥсны аҭоурых иагмызт афырхацәа ажәлар рыԥсҭазаара зыԥсҭазаараз, рхьаа зхьааз, урҭ рыхьчараз иқәԥоз, ацәгьаҩцәа ирҿагылоз. Ас еиԥш иҟаз жәлар рфырхацәа аԥхьарца ианҵаны ашәақәа рзыркуан, аҳәамҭақәа аԥырҵон. Салуман Бӷажәба, Смыр Гәдиса, Наԥҳа Кьагәа, Кьахьба Ҳаџьараҭ уҳәа жәлар фырхацәаны аԥсуа ҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа рҿы ишаанхаз еиԥш жәлар дырфырхаҵаны, хашҭра зқәым ҭоурыхтә хаҿсахьаны даанхоит аамҭак иҳацаныз Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба. Уи зны Аԥсҳа дидыркылоит, зны Нарҭ Сасрыҟәа ихаҿсахьа дазааигәоуп уҳәап, мамзаргьы Абрыскьыл еиԥш згәы амца ҭашуа.
Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2025
Аԥсны
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи
Баграт Шьынқәба иажәеинраалоу ироман "Ахра ашәа" аҟны ишиҩуа еиԥш: "Жәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом, иалнахыз – далнахит, иаԥсам – дабаӡом!" ҳәа Владислав Арӡынба ажәлар рыбзиабара иалнахыз дыруаӡәкуп. Иара ажәлар ргәаҿы даанхоит урҭ рхақәиҭратә қәԥара иаԥхьагылаҩыз, аиааира рзаазгаз иакәны. Аԥхьарца ианҵаны ашәа ззыркуаз реиԥш иаргьы милаҭтә фырхаҵаны, дыԥсҿыхгаҩны дҟалеит.
Владислав Арӡынба изку архивқәа уанрыхәаԥшуа ашәышықәсақәа иргәылыҩуа бжьык уаҳауашәа иаҩызоуп. Ирҳәоит ас еиԥш иҟоу афырхацәа шәышықәса рахь знык ауп ианииуа ҳәа.
Владислав Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Аԥсны
Амилаҭ ԥхьагылаҩ: Владислав Арӡынба илашоу иԥсҭазаара аамҭақәа рҟынтәи
Жәлар рфырхаҵа есааиратәи иқәԥара зызку иԥсадгьыл ахьчара, ижәлар реиқәырхара ацәхьамҵра ауп иҿагыло амчқәа егьа ирацәазаргьы. Ижәлар зҭагылоу агәаҟра иара ихымԥсаауа гәырҩоуп. Уи иазыҟазаашьа дара ажәларгьы ицаҳәцаҳәуа ирныруан. Жәлар рфырхаҵа иакәымзар иззыгәаӷьуадаз "Жәлар рылахь соуааит абри сызқәылаз амҩа сацәхьаҵран сҟалозар!" ҳәа ҭоуба аура…
Аԥсуаа рҳәамҭақәа ирҳәоит ажәытәан аибашьҩы иниҵашаз ақәра наӡа аҟынӡа аламала дышзымнеиуаз. Ус акәхеит Владислав Арӡынбагьы – абыргхара, ашлара дахьымӡеит, аибашьҩы иқәра дҭысны иҟамлеит. Иара аԥсуа жәлар рзы зыжәлар ргәышьҭыхра зылшаз политикны мацара акәымкәа доуҳатә ԥызаны дҟалеит, ижәларгьы рыбзиабара зицу уиазоуп…
Ажәабжьқәа зегьы
0