Ашьац иаӷрамгылоз апоет: Сарион Ҭаркьыл игәалашәаразы

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Сарион Таркил
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2023
Анапаҵаҩра
2005 шықәса маи 26 рзы иԥсҭазаара далҵит апоет Сарион Ҭаркьыл. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа азирхиеит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ашьац иаӷрамгылоз ҳәа ззырҳәоз аӡәыр дыҟазар, уи Сарион Ҭаркьыл иакәын. Уи ҟазшьала убриаҟара дтатан, дразын, дқьиан, уааигәа шаҟа дгылоз, шаҟа уиҿцәажәоз аҟара, убриаҟара уаргьы иумбаӡакәа (иузымхозар!) уи иразра улалон, ацқьареи аҳалалреи мацара уазхәыцуа уҟаиҵон. Иара шамаха дгәааӡомызт, дангәаагьы ирласны ихыԥсааӡомызт, амала ани дзызгәааз зны бзиарак иухьазтгьы, убри игәаларшәаны (амца рыцәцо ианалагалак аӡы ақәҭәан ишдырцәо еиԥш!) уи иҟаиҵахьаз абзиарақәа ааигәалашәон, ани ииҳәаз, ма ииуз ацәгьара "инақәҭәан" ирцәон. Убас ала, аҩыза дирӡӡомызт Сарион, аҩыза изы иаҭахызар аӡыршы дҭаԥалон, имаз ахәыҷы ицеиҩишон. Ҳҩызцәа рҿы инхеит ажәа Сарион иҳәамҭан. "Уаргьы уиашоуп, иаргьы диашоуп!" — ҳәа. Уи зхиҳәааз, даара ииҭахыз шьоукы рыгәқәа нибархеит, аха аҩыџьагьы рахьтә аӡәгьы иухароуп ҳәа израмҳәеит, рыгәқәа ишаҭеит.
Сарион Ҭаркьыл ипоезиа, иара ихаҭа иҟазшьеиԥш, амцхә ирҽырбомызт, амцхә ирхаацәомызт, иаармариаӡан аԥсҭазаара иалихуашәа убон. Аха уи иҩымҭақәа ушьҭрақәлан уеиҭанрыԥхьалак, усҟан игәоуҭоит, ани ирмариан узхысыз ацәаҳәа шаҟа хшыҩҵак аҵоу.
Зегьы иҳамоуп ҿҳәарак,
Ҳҳәаны ҳтәами зегьы —
Ҳгәы иҭаӡамкәа, ҳашнеиуа, ҽнак
Ҳаӡуеит ҳаргьы.
Иҟам нас уахьынтә хынҳәра,
Иааҩӡом уахьынтә ҳабжьқәа,
Иаҳзыриашом ҳамхәыцқәа ара
Иҟаҳҵаз агхақәа.
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2022
Аԥсны
Ицаз амш ҳаззырхынҳәуа апоет: Сарион Ҭаркьыл игәалашәара иазкны
Сарион Ҭаркьыл алитература бзиан издыруаз поетын, агьама бзиа иман. Ҳарҭ ҳаицны акырынтә апоезиатә хәылԥазқәа еицымҩаԥаҳгахьан. Уи ажәеинраалақәа дрыԥхьо дышнеиуаз, зны-зынла дааҭгылан, дыззаԥхьоз дрылаԥшуан. Урҭ ирзеилымкаазшәа, ма ргәаҵаҿ изымнаӡазшәа ибар дзыԥхьоз, сара абри ажәеинраалаҿ исҳәарц исҭахыз абригь-абригь акәын ҳәа ирзеиҭеиҳәон. Нас, уи агәра анигалак, урҭ иара ииҳәарц ииҭахыз шеилыркааз, инацҵан, хрыжь-хрыжь аԥхьара далагон.
Згәы каҳаз —
амҩа хараҿ дааԥсоит.
Амҩан имԥсыз —
иҩныҟа дгьежьуеит.
Аамҭа алуқәа гьежьуеит, игьежьуеит:
иамлагац алагоит,
иалагаз ԥсуеит.
Книга - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Аԥсны
Ҳлитература амаҵ азызуа: ажурнал "Алашара" афбатәи аномер ахҳәаа
Сарион Ҭаркьыл ипоезиа азы "Ажәаҳәара" захьӡу 2002 шықәсазы иҭыҵыз ишәҟәы аҟны, аибашьра иаҳцәалаӡыз ҳпоет бзиа Таиф Аџьба иазгәеиҭоит: "Апоет иахьатәи аҟны дгыланы уаҵәтәи ашьҭа ҳхирыԥшылоит, ҳԥеиԥш ҳазирхәыцуеит. Аԥеиԥш бзиахарц азын иаҭахуп уи иахьанатә азықәԥара, ахшыҩ, аламыс, ақьиара алазар ауп уи ақәԥара, ус анакәымха, ԥеиԥшдароуп иҟало — абри ахшыҩҵакгьы агәылганы игоуп апоет еизга ҿыц.
"Ажәаҳәара" аҭыҵра ҟалашт аԥсуа поезиа аихьӡарақәа ируакны".
Араҟа иаразнак аԥхьаҩ дамырхәыцыр залшом ажәа "иҟалашт". Иҟалап џьара акала ицәа иалашәахьазҭгьы Таиф Аџьба рыцҳа иара ирецензиа зцыз ашәҟәы аҭыҵра ила ишамбоз… Абар уи ашәҟәы алахьынҵа Сарион ихаҭа ишигәалаиршәо: "Сышәҟәы "Ажәаҳәара" 1992 ш. азы иҭыҵран иҟан, акьыԥхьырҭахь ашьҭра иазырхианы ашәҟәҭыжьырҭаҿы ишышьҭаз, аибашьра иалагеит. Иџьоушьаша, ауаҩытәыҩсатә иԥсҭазаара ҳаҭыр анақәмыз, аԥсуара атәы зҳәоз зегьы анырӷәыхуаз, ианырбылуаз аамҭазы, снапҩыратә шәҟәы еиқәхеит, аибашьра иаламӡит, иаламблит".
Ашықәсқәа-аҽыҩқәа, шәабацои шәеивас
Шәхы абахоу, шәызтәыда?
Ашықәсқәа-аҽыҩқәа, шәабаццаки абас
Ԥхьаҟа ишәызԥшыда?
Апоет аибашьраа ианалага мызқәак Аҟәа далахан дыҟан. Уи иблала ибеит аӷа ҳажәлар ирзааицоз, иҟаиҵоз ахәымгарақәа зегьы. Аха агәра игон ҳаԥсуа жәлар ус ишышьамхнышымгылоз, иахьамзаргь уаҵәы аиааира дара ишыртәхоз. Сарион хыма-ԥсыма Аҟәа далҵит, аха агәра шигац игон, еибашьрала мацара ада ԥсыхәа шамамыз, дшықәцатәыз аӷа. Убри азоуп, ҳар Аҟәа ажәлара ргәы ианҭаз аамҭазы, изиҩыз ажәеинраала "Шәгыл зегьы". Усҟан сара Гәдоуҭа еиҿкааз аԥсуа радио аҿы аус зуан, убраҟа уи ажәеинраала даҳарԥхьеит Сарион. Ашьҭахь иҳаҳаит згәы шьҭнахызгьы шырацәаҩхаз Мрагыларатәи афронт аҟны.
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Сарион Таркил
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Сарион Таркил
Шәнеибац, шәнеибац, Аԥсны аҵеицәа,
Аԥсны зықәгәыӷуа шәара шәоуп!
Шәаамҭа ааит, шәгыл, аӷьеҩцәа!
Шәаамҭа ааит, уи — уажәоуп!
С. Ҭаркьыл даара аџьабаа рацәаны иадибалеит ажурнал "Амцабз". Уи аредакциаҿ даныҟамыз, есымша атипографиаҿ дҭагылан, иҭахын "Амцабз" ахәыҷқәа ианаамҭоу ироуларц, иаргәырӷьаларц. Аимадара бзиаӡа рыман Аԥсны ашколқәа зегьи иара иредакциеи. Уи ихьӡала ирацәаны асалам шәҟәқәа аарышьҭуан ахәыҷқәа. Убри азоуп, иаргьы урҭ бзиа изибоз, дызрыхӡыӡаауаз, ахәыҷы иҿы дхәыҷын, ахәыҷы игәы иман, уи дицхәмарыргьы илшон. Иԥсра ҩымз шагыз аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд иҭнажьит уи иԥсы злаз, ахәыҷқәа ирзикыз ашәҟәы "Ахҭыс шанақәа". Уи аԥхьажәаҿ дара ахәыҷқәа ихы нарықәкны ус иҩуеит: "Ҳаҭыр зқәысҵо саԥхьаҩцәа хәыҷқәа! "Бзиала шәаабеит!" ҳәа сышәԥылар сҭахуп абри сышәҟәы иаԥхьарц иаазыртуа зегьы. Иаашәыртызар — шәамыԥхьакәан иаанышәмыжьын: иахьа акы шәаԥхьа, уаҵәы — ҽакы… Шәмыццакыкәан, хәыҷы-хәыҷла, шәазхәыцуа шәаԥхьала".
Апоет дызхьымӡаз даара ирацәоуп. Уи еиҳа данҭышәынтәала, еиҳа аԥсгарҭа аниоу, ирҿиареи иареи ҭынч ианеизынхашаз аамҭаз, ачымазарақәа дыркит.
Сызхьымӡаз ажәеинраалақәа,
Исзымҳәаз аҭыԥҳацәа реиԥш,
Хаҵацара иаҿуп!..
© Foto / Анатолий ЛагулааС. Ҭаркьыл имшынҵа
Дневник Сариона Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
С. Ҭаркьыл имшынҵа
Ааи, ҳаԥсуа поезиа ацәыӡ ду аиуит. Дҳагхеит зыхшыҩи зԥышәеи ҳлитература иаҭахыз, ибаҩхатәра еиҳа аҽанаҟьашаз (апрозатә ҩымҭақәагь ркьыԥхьра далагахьан), аҽанарҭбаашаз, ианыцәқәырԥашаз аамҭаз, апоет иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Аха уи иаҳзынижьыз ипоезиатә шәқәҟәа: "Ақыҭантә саауеит", "Ицоит апҟақәа халаны", "Аиԥылара", "Иахьатәи амш", "Агәаартра", "Ацәыкәбарқәа рашәа", "Ажәаҳәара", "Ахҭыс шанақәа", кыр шықәса дызхагылаз ажурнал "Амцабз" аномерқәа, ҳара ҩызара ҳзыруеит, ҳара ҳ-Сарион дҳавагылоушәа урҭ ҳацәажәалоит, урҭ ҳдырлахҿыхлоит, урҭ аԥсҭазаара зны ишымариоу, зны ишыхьанҭоу, зны унышьацәхнысларгьы, уԥсы ахәага ҭанаҵы ауаҩы абзиара изуразы, уи иргәырӷьаразы, аԥсҭазаара шаԥсоу ҳаилыркаауа иҳацзаауееит…
Ажәабжьқәа зегьы
0