Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ицаз амш ҳаззырхынҳәуа апоет: Сарион Ҭаркьыл игәалашәара иазкны

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Сарион Таркил
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 15 рзы 86 шықәса ҵит апоет Сарион Ҭаркьыл диижьҭеи. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа азирхиеит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа уанрызхәыцуа иуҭаххоит иалкаан уизааҭгыларц иҭынчыз, есымша хәыцрыла иҭәыз, ахшыҩ бзиа змаз, имҵашьыцуаз, зыламыси зчеиџьикеи ыҟаз, акыр збахьаз, акыр заҳахьаз, аџыр еиԥш аԥстазаара иарҭәахьаз… Ус иҟаз иакәны есымша сара саԥхьа даагылоит апоет ҳалалал Сарион Ҭаркьыл… Уии сареи хышықәса инареиҳаны аредакциа ажурнал "Алашараҿы" аус еицаауит, даара ҳҟазшьақәа еишьцылеит, уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны иҿысҵааз акырӡа ирацәоуп…
Зегь раԥхьа иргыланы Сарион шәҟәыҩҩык иаҳасабала даара зылаԥшҳәаа ҭбааз аӡәы иакәын. Уи дзыԥхьахьаз рацәан, зегьы рзы игәаанагарақәа хианы иман, уимоу, днатәаргьы, даара иҵаулаз арецензиеи акритикатә статиеи дадымхалацәакәа иҩуан. Аха иара ахӡыргара зынӡак имаӡамызт, ус инымҩатәшәа ацәажәара иажәа налеиҵон, аха уара уиала еилукаауан, уи ииҳәаз аҵкыс иимҳәаз еиҳа ишырацәаз, еиҳа ишидыруаз, шәцәажәара иацышәҵацыԥхьаӡа иара еиҳагьы иҽааиртуан, уигәылаихалон.
Уи ибзиаӡаны идыруан ахәыҷтәы литература, аԥсуа мацара акәымкәа, адунеизегьтәи. Дрыԥхьахьан адунеитә классика иаҵанакуаз шамаха зегьы, уимоу, дзыԥхьоз ашәҟәқәа зегьы иара итәызар, шамахак рдаҟьақәа рҿы игәаанагарақәа рываиҩуан, уашьҭан даҽазны дрыԥхьо дышнеиуа, анкьатәи игәаанагареи уажәтәии еиқәшәозар ибарц азы… Даара дрызҟазан ажурнали агазеҭқәеи рҭыжьра, аматериалқәа ииашан рҭыԥ аҿы рыргылара, аредакциа рзура, аҩымҭақәа амыцхә "рцәа-ржьы" дмырхькәа рыгырхара, аԥхьаҩ игәаҿы иаанхартә рыхшыҩҵаки иреиӷьу рсахьаркыратә ҭыԥқәеи реиқәырхара…
Иажәеинраалақәа рҿы шамахак апафос убаӡомызт, ус ҭынч, еицәажәарак еиԥш имҩаԥигон аԥхьаҩи иареи реиԥылара, аха ишәҟәаҿы аркны уанаԥырҵуа, есымша узырхынҳәыша хшыҩҵакык увара "икаиршәуан" иара ашҟа уахьхьанарԥшыша, уахьазыхынҳәыша, уахьамышьҭыша…
Уи зегьы апоет иҩымҭақәа иргәылаҵәахуп, егьа аамҭа царгьы, ҿыц еиҵагыло аҿар ианаадыртуа, есымша ҿыцк ранаҳәалоит, ахәыцшьа днарҵалоит, аԥсҭазаара иаҵоу амаӡақәа апоезиаҿы ицәырыргалоит, хәыҷы-хәыҷла урхьыдырԥшлоит, уаԥхьаҟа лашарак шузыԥшу агәра удыргалоит…
Апоет Сарион Ҭаркьыл аибашьра аан Аҟәа изынмыжьит, абриаҟара дзааӡахьаз, дзыхьчахьаз, иан лгәыԥҳәыхшеиԥш зҳауа даҿыхәоз…
Уи иаҳзынижьит исахьаркыратә ҩымҭа бзиақәа реиԥш, имшынҵақәагьы, макьана хаз шәҟәны иҭымҵыц, ажурнал "Алашараҿы" мацара 2014 шықәсазтәи аномерқәа рҿы икьыԥхьу, иамыԥхьац рзыҳәан хымԥада иԥшааны изыԥхьатәу… Ажурнал ақьаадтә версиа знапаҿы измауа ирыԥшаарц рылшоит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аҿы…
Книга - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
Аԥхьаҩцәа иргәаԥханы изыԥхьаша: ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер ахҳәаа
Уахь ҳаиасаанӡа, ҳаԥхьап иара апоет инысымҩа, иԥсҭазаара зегьы ккаӡа иаҳзырбо:
Ҭаркьыл Сарион Хыгә-иԥа (15.10.1936, Аԥсны, Гәдоуҭа араион Дәырԥшь ақыҭа – 26.05.2005, Аԥсны, Аҟәа) – аԥсуа поет. СССР-и (1973) Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
1944 шықәса рзы дҭалеит Дәырԥшьтәи абжьаратәи ашкол, аха рацәак мырҵыкәа аԥсуа школқәа ақырҭуа бызшәа ашҟа ииаргеит. Иҩызцәа гәыԥҩыки иареи рҵара иацырҵеит Гәдоуҭатәи абжьаратәи аурыс школ аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1961), иара убас аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт (латәарадатәи аҟәша) аҟны, иреиҳау аҵараиурҭа дагьалгеит, 1972 шықәса рзы.
1961 шықәса рзы инаркны рҵаҩыс аус иуан Дәырԥшьтәи ашкол хәылԥазтәи аҟәша аҟны. 1967 шықәса рынахыс усура диасуеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциахь корреспондентс, ашьҭахь – еиҭагаҩыс, аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1979 шықәса рзы инаркны ажурнал "Аԥсны аҟазара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1985 шықәса рзы диасуеит ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1989 шықәса рзы ажурнал "Амцабз" аредактор хадас дарҭоит. 2004 шықәса рзы акәзар, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс далырхуеит.
Сарион Ҭаркьыл иажәеинраалақәа ркьыԥхьуан ажурнал "Алашара" аҟны 1955 шықәса рзы инаркны. Иҩымҭақәа рнылон иара убас ажурнал "Амцабз", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советкая Абхазия", "Еҵәаџьаа" уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа агәылалеит "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009); аизга "Ахаҵарашәа". Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. (Аҟәа – Сухум, 1995).
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Апоезиа ԥсҭазаарас измаз: Сарион Ҭаркьыл игәалашәара иазкны
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.
Аԥсуа бызшәахь еиҭеигеит А. Ахматова, В. Хлебникова, К. Бальмонт, Н. Клиуев уҳәа ражәеинраалақәа.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Ақыҭантә саауеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965; Ицеит апҟақәа хыланы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Аиԥылара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Иахьатәи амш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979; Агәаартра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Ацәыкәбарқәа рашәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Азҳара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Ажәаҳәара. Ажәеинраалақәеи апоемеи. 2002; Ахҭыс шанақәа. Ахәыҷқәа рзы ашәҟәы. Аҟәа, 2004; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2010.
Уажәа абраҟа иаагоит апоет имшынҵақәа ирыцу аредакциа "Алашара" 2014 шықәсазы иҭыҵыз 1-тәи аномер иану аԥхьажәеи иара имшынҵақәа рыхәҭа хәыҷыки. Урҭ иудырбоит, апоет дызлыҵыз ижәлар зегь реиԥш, иаргьы аиааира дшазыԥшыз, убри азы, мышкызны адунеи аиаша аҳарц илшоз зегьы шыҟаиҵоз, ишиҩуаз, дызҿыз аус ԥшьа ақырҭцәа иааиҵырдыраар дшыршьуаз шидыруазгьы...
"Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа! Еилкаарала шәрызнеип ҳәа ҳгәы иаанагоит ҵаҟа иаагоу амшынҵақәа. Сарион Хыгә-иԥа Ҭаркьыл ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан кыраамҭа Аҟәа далахан дыҟан. Аха уи патриотк, аԥсыуак иаҳасабала дхьамҵит, икалам каимыршәит, избанзар, уи идыруан аибашьраҿы абџьар иалшоз акаламгьы ишалшоз! Иахьа ҳара ҳҟынӡа иааит аибашьраан ианиҵоз имшынҵақәа. Уа иарбоуп есымшатәи ахҭысқәа: иибоз, иаҳауаз, ирҭагылазаашьаз. Ари амшынҵа аибашьра ашьҭахьгьы акьыԥхь аҟны ицәыргамызт. Апоет иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, амшынҵа иԥшәма лнапаҟны иҟан. Шықәсқәак раԥхьа, ари амшынҵа Сарион иԥшәмаԥҳәыс Таниа апоет Терент Ҷаниа илҭеит, џьара ишәызкьыԥхьуазар ҳәа. Иазгәаҭатәуп, уа зегьы нагӡаны ишыҟам.
Насгьы амшынҵа ианыз аилкаара ахьыуадаҩыз аҟнытә акьыԥхьра напы аларкыртә изыҟамлеит. Мызқәак раԥхьа, амшынҵа ажурнал "Алашара" аредакциахь Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҟынтәи иаҳзаарышьҭит. Ари амшынҵа ахәҭак ауп ҳара ҳҟынӡа иааӡаз, алагамҭа бжьаӡит. Уи адагьы, аибашьраан ақьаад амамзаара иахҟьаны, амшынҵа зегьы ирссаӡаны, еивҵаԥсаны иҩуп. Ақьаад аҟынтәи акьыԥхь арбаразы даара аилкаара уадаҩуп, зынӡа иахьузеилымкаауа акәаԥ рацәа ахыцқәа ирҭакны иҟаҵоуп…
© Foto / Анатолий ЛагулааСарион Ҭаркьыл имшынҵа
Дневник Сариона Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2022
Сарион Ҭаркьыл имшынҵа
"3.10.1992 ш. асааҭ 16:00. Амра хааӡа иаакаԥхеит. Убри аҿаԥхьаҵәҟьагьы уаргәырӷьауа иҟазар акәымзи, аха иабаҟоу, арахь амыжда ҳзыҟаланы иҟоуп – ашьакаҭәара иаҿуп. "Новости" иаҳәеит (15:00) гагратәи аибашьраан иҭахеит 25-ҩык, ихәуп 70-ҩык ҳәа. Шәыгәнаҳа рзымгааит забџьар иаҵаланы, "аԥсуаа ҳара идҳарбап" ҳәа арахь иааз зегьы, иаазышьҭызгьы, иахьа иаҳзымақаруагьы.
Ирҳәаз даҽакгьы: ақырҭуа архәҭақәа ргәы каҳан иҟоуп (демобилизованы иҳәеит), Шәачаа ирҳәеит Ԥсоу ацҳала уахь аиасра азин ҳашәҭ ҳәа (ус еилыскааит сара, зны адырраҭара иааиԥҟьаны иҟан азы цқьа исзеилымкаазар ҳәа сшәоит) – ирықәланы, уа ибжьарҟәаҟәар ҳәа ишәозар акәхап. Рҽырхаҵаны имаауази – Берлин згаз дара ракәушәа рхы ԥхьаӡаны, уи ауп ирықәнаго! Анцәа дыҟазар, ирыхәҭоу иақәиршәап, урҭ ирыхәҭоу рацәоуп.
Избанзар, урҭ рабацәа, рабдуцәа убысҟак цәгьара рзыҟарҵахьеит аԥсуаа – уи атәы аҳәарагьы цәгьоуп, ахаҿы аагарагьы уадаҩуп… Нас ианбыкәыз ҳара ҳанеишьцәаз?! Ма аишьцәа ус аума ишеизыҟоу? Ишеизныҟәо?
"Маяк" (16:45) иаҳәеит: Иахьа аԥсуаа иргеит 2 танкк, 4(2) БМП-к, 4(2)бзарбзанк, 62-ҩык атҟәацәа. (…) 300-ҩык афганцәа Аҟәаҟа ацара иазхианы иҟоуп ҳәа.
Қарҭынтәи (арадиола 17:00 азы): Шеварднаӡе Ельцин иахь ашәҟәы иҩит, дашшуеит аԥсуаа абџьар рызҭада ҳәа (иара ирҭар ҟалоит, аԥсуаа ирырҭар ҟалаӡом – иџьаршьон!). рыр, рыштабгьы даргьы – Ганҭиади итәоуп. Қәҭешьынтә идәықәлеит азы арратә (с…) рҳәоит (…).
Аҟәатәи арадио ала (17:10) Қырҭтәыла, аԥсышәала ақырҭуа акцент лыманы даԥхьеит азы, урысшәала ирыларҳәеит: уаҵәы аиҳабыра рыҩны аҿаԥхьа аизара мҩаԥысуеит ҳәа жәларызегьтәи амитинг, Аԥсны иҟалаз аҭагылазаашьа иазкны.
"Вести" (20:00) 40-нызқьҩык аибашьцәа аауеит Аԥсныҟа иҳәеит Шеварднаӡе (ицон ақырҭцәа рматериал); аԥсуаа ирыман танкк, 2 ҳаирпланк, 2 (…) (адырга змамыз). "Это крупномасштабный заговор против Грузии", – аҳәеит, Урыстәыла Аԥсны иадгылоит ҳәа иԥхьаӡаны.
Вечер пародий в АГУ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Аԥсны
Аӡсашьа ҳзырҵаз ацәқәырԥа: Терент Ҷаниа игәалашәара иазкны
Ҟарҟарашвили иажәақәа: "Мы объявляем войну Абхазии … в гаграх не останется ни одного абхаза, ни одного дома" (зегь ҳарбгоит, иаҳҟәаҟәоит, иқәаҳхуеит).
Қарҭынтә ТВ ала: Гагра ахәрақәа роуит 160-ҩык рҟынӡа ауаа (… иҳәеит, ганҭиадинтәи).
СНН аматериал ала: иҭахеит 100-ҩык инарзынаԥшуа.
Қырҭтәылан амобилизациа рылаҳәан, Аԥсныҟа адәықәларазы аҽырхиара иаҿуп. Иҭахаз ауаа рпатретқәа дырбауа, ирҳәоит, Қырҭтәыла ихы ақәиҵеит, ихьчон. Аԥсуаа рахь ацәымӷра арҵысра иаҿуп зегь рыла… Амақарра иаҿуп… Ашьакаҭәара иацырҵарц ауп изҿу, аанкылара иашьҭаӡам.
(4.10.1992ш.). Ашьҭахь изларҳәаз ала, гагратәи аморг аҿы иҟоуп 60-ҩык рыԥсыбаҩқәа – изусҭцәоу здыруада.
Шеварднаӡе дмақаруан Аԥсныҟа иааҳашьҭуеит ҳәа 40 нызқьҩык асолдаҭцәа. Аҳәынҭсовет ақәҵара аднакылеит: Қырҭтәылан иҟазар зегьы (арратәи апалатагьы) рабџьари ртехникеи зегьы ареспублика анапаҵаҟахь ииасуеит ҳәа (уи иақәшаҳаҭхо Урыстәыла?) – избанзар аибашьра ҳаларгалеит иҳәеит. (….). Мчыла иаларгалаз џьушьап, ма аԥсуаа дара ирықәлаз џьушьап. Дара роуп иақәлаз, нас ирҳәо убоит!!!
Аԥхамшьақәа, Шеварднаӡе уажәы атехника Аԥсны алгара ҳазхиан иҳәеит, аха аҳәара иҟарҵаз шәымбои ҳәа гаграҟа ирԥшуеит, иқәигарц игәы иҭазҭгьы дацәшәозма ианиҳәоз? (4.10.1992 ш.). Мызкы аҭахызма урҭ рықәгара?
Ахамелеон! Рықәгара акәым, ирыханы арахь раагара иаҿын, уажәгьы иаҿуп. Ельцин иҟны данашшгьы Шеварднаӡе, Ельцин иеиҳәеит октиабр хԥа рзтәи аиқәшаҳаҭра нашәыгӡа ҳәа. Уи иаанаго аиҿахысрақәа раанкылара (нагӡан), ақырҭцәа ртехника иахьанӡа Аԥсны иалганы ргаразы (инагӡаӡам иахьала, инарыгӡарцгьы ргәы иҭаӡам макьаназы), азакәантә мчрақәа (аиҳабыра) рмаҵурахьы рырхынҳәра (инагӡаӡам, рыгәгьы иҭам анагӡара), убас инырҭии (…). Иназыгӡада? Ақырҭқәа, нас зегьы аԥсуаа ираҟарартәуеит. Иахьатәи ала ҿыц ҳәа акгьы имҳәеит. Қарҭ ала анационал-шовинисттә аҭоурых шцаша иҳәоит, ар реизгаразы алаҳәарақәа ҟарҵоит, амақаррақәа ирҿуп, аԥсуаа рахь ацәымыӷра, арӷыӷкра иааҟәымҵӡакәа иаҿуп. Даҽакгьы: аҭыԥантәи аҿар рыла архәҭақәа еиҿкааны арҭ аҿарыжьуа иалагеит. Иҭахазгьы ыҟоуп, рпатреҭқәа ТВ аҿы иҳарбауа, аратәиқәагьы аԥсуаа рцәымыӷра арӷыӷкра иаҿуп.
Шеварднаӡе иаха Қарҭҟа дԥырны дцеит (Адлернтә). Иахьа Аҟәа амитинг мҩаԥыргоит ақырҭқәа, аинышәара, аимакра, аибашьра аҵахара иалагозар акәхап, урҭгьы уаҳа ирҳәозеи?! Қырҭтәыла ахьчаразы шәгыл зегьы ҳәа ааԥхьара ҟарҵозар акәхап аизараҿ."
Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны
Амца ахьакуаз инеиуаз ашәҟәыҩҩы: Џьума Аҳәба диижьҭеи 85 шықәса ҵит
"Уажәшьҭа иахьатәи адырраҭарақәа рҟынтәи ажәабжьқәа.
"Вести" (14:00): Грачиов аҳәамҭа ҟаиҵеит қырҭтәылан иҟоу абџьари, атехникеи, аргыларақәеи шәыркьысыр ҟалаӡом. Мчыла ампыҵахалара шәалагар иахылҿиаауазы ахара зегьы шәара ишәыдлоит ҳәа.
Шеварднаӡе иҟасҵара сыздыруам, атупик аҟны ҳнеины ҳаҟоуп, ҭыҵшьасгьы (4.10.1992ш.) иазаҳхәыцуа сыздыруам, избом иҳәазаап.
Ҭынчмҩала аӡбара алымҵыр, отставка сцаргьы ҟалап, иҳәазаап… (Иџьоушьаша, имбаӡои, уи уаанӡа, атупик аҟнынӡа дназгаз? Авантиурақәа дырҟәамҵыр, инационал-шовинизмра дзацәымцар (дзалымҵыр) аимпертә ҽхарззалара (напҟьара) даҟәымҵыр, ихамелеонра ихҳәаны икаимыжьыр, (МоБ ишыҟанаҵо еиԥш) – еицәоу атупик ашҟа дагоит, зынӡа, дзызҭымҵуа тымитышак дҭанажьуеит… Ҩыџьа "аҟәышцәа" – Ҭенгиз Қьиҭовании Џьаба Иосилиании рҳәатәы данықәныҟәа, тупикмзар уаҳа дабакылнагоз?!) Аԥсны иахьатәи аҭагылазаашьазы акгьы рымҳәаӡеит "Вести" ала.
Қарҭынтә (радиола 17:00) Шеварднаӡе Леселиӡентә Аҟәаҟа вертолиотла амҩа дшықәыз идырмыз даҽа вертолиотк ала ихаԥырра иалагазаап, уи дҭадырхар рҭахын (…) ирыԥхьаӡеит. (дҭадырхарц рҭахызҭгьы, инызкылеи?) дхынҳәны дцаанӡа Леселиӡе дтәеит, уаантә машьынала Адлер днеины, вертолиотла Аҟәаҟа дааит. Иара убри ауха (3. 10 92 ш.) қарҭҟа дыԥрит 15:10 азы. Ауха хоби азааигәара иԥыржәеит (…), аусуҩцәа иреихсит. гыртәыла ицоит аматериалқәа, (…) иҭынчрам, алхрақәа мҩаԥаагоит рҳәоит.
"Вести" (20:00): гагратәи ажәылараан аԥсуаа иҟәаҟәаны иқәырҵеит (разгромили) 5-баталионк, иҭахази ихәызи ауаа рхыԥхьаӡара – 500-ҩык рҟынӡа ыҟоуп. ганҭиади итәаз ақырҭуа архәҭақәа аультиматум рырҭеит, шәабџьар шьҭашәҵар ҳшәылакьысуам, шәыҩныҟақәа рышҟа шәоуҳажьуеит ҳәа рарҳәеит (р. Ҳ.—?). Амала, ирарҳәеит аультиматум ҿҳәарас иамаз.
Иахьатәила Гагра иалахысуан ақырҭуа вертолиотқәа. Арҭқәа зегьы бзиоуп, аха иарӷыӷкырҳәагьы сшәоит. Исхашҭыз: Шеварднаӡе 40-нызқьҩык аруаа Аԥсныҟа инаишьҭуазар, ҳаргьы 40-нызқьҩык иануҭаху аибашьыҩцәа наҳашьҭуеит Аԥсны ахьчаразы, иҳәеит Сасланбеков.
Чечентәыла имҩаԥысуаз Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа реизара ибзианы имҩаԥысит. Шанибов дықәгылеит, Џьохаев дықәгылеит. Аԥсны аҭагылазаашьазгьы ақәҵара рыдыркылеит."
Ажәлар ирхыргаз анырхамышҭуа, рхьаа аҵәахышьа ианақәшәо, уи ахәрыбӷьыц ақәызҵо иреиӷьыз рҵеицәа ргәалашәара анырцәымӡуа, ицаз амш ҳаззырхынҳәуа ауаа рбаҩхатәра ииашан ахә аныршьо, рыццҳа иӷәӷәаӡа ршьапы ықәгылоуп, амаакыргьы амоуп… Амаакыра змоу ацҳа ахангьы ишәарҭаӡам, машәыр уақәымшәакәа ушықәсуа удыруеит…
Ажурнал  Алашара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2022
Аԥсны
Ашәҟәыҩҩцәа Реизара Ду, апоезиа, апроза: "Алашара" аԥшьбатәи аномер ҭыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0