Урыстәыла

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Америка абиотехнологиақәа рхархәашьа аԥшаара иашьҭоуп

© Sputnik / Денис Асланов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория имени Ричарда Лугара в Грузии
Лаборатория имени Ричарда Лугара в Грузии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭала, Пентагон азы абиологиатә бџьар ахәҭақәа аус рыдырулоит Украина назлоу адунеи атәылақәа зегь рлабораториақәа.
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Абиологиатә бџьар ахархәаразы Еиду Аштатқәа рстратегиа, Пентагон аус зыднауло адунеитә еимакқәа раан абиологиатә бџьар ахархәара иазырхоуп. Абри атәы абрифинг аҿы иҳәеит Урыстәыла арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатә хьчара рыр адҵаҟаҵаҩ, аинрал-леитенант Игор Кириллов.
Кириллов иажәақәа рыла, ари шьақәнарӷәӷәоит америкатәи астратегиа ҿыц. Уи еиҿнакаараны иҟоуп Аштатқәа ртехнологиатә суверенитет астратегиатә ӷацәа рҿаԥхьа.
"Ишьақәыргылоу астратегиатә документқәа рҳәаа иҭагӡаны ауснагӡатәқәа рԥаразоужьра 90 млрд. доллар итәоит иааиуа ахәышықәса рзы. Убри аан Еиду америкатәи аштатқәа гәҭакыс ирымоуп адунеи аҿы абиологиатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭара, амилаҭтә ҵакыра анҭыҵгьы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара", - иҳәеит Кириллов.
Иара иазгәеиҭеит уаанӡатәи СССР атәылақәа рҵакыраҿы Америка абиологиатә усура шарҭбаауа. Уа агуманитартә уадаҩрақәа рыӡбошәа аҿкчымазарақәа цәырзго рҿырԥшқәа шеизырго.
Кириллов иҳәеит Америка аҵакыраҿы авирусқәеи ачымазарақәеи шҭырҵаауа 25 лабораториа. Хԥа рыргылара иаҿуп, иазгәаҭоуп даҽа 18 рыргылара.
Атәылахьчара аминистрреи, атәыла АШәМ, Россельхознадзори ишьақәдырӷәӷәеит Америка ишеизнаго аԥсаатә еимҳәа аштамм H5N8. Уи ачымазара ауаҩ иахь ииасны 40% аԥсҭбара ҟалар алшоит (COVID-19 - 10%).
Ари аус иалаҟьашьуп Харковтәи аветеринартә медицина аинститутгьы.
Лаборатория Гемотест в Люберцах - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2023
Урыстәыла
Атәылахьчара аминистрра иҭнаҵаауеит Украина абиолабораториақәа рҿы ирбаз апатогенқәа
"Абри аҭагылазаашьаҿы агәҭынчымра цәырнагоит Урыстәыла аԥсаатә еимҳәа аҽахьарҭбаауа. Жәларбжьаратәи аепизоотиатә биуро адыррақәа рыла Европа атәылақәак рҿы ачымазара ахәшәтәра 2021 шықәса раахыс х-миллиард евро ақәхарџьуп. Ашықәс иалагазар Урыстәыла иазгәаҭоуп 32 ԥсаатә еимҳәа ацәырҵрақәа", - иҳәеит Кириллов.
Пентагон азы абиологиатә бџьар ахәҭақәа аус рыдулара мҩаԥыргоит Украина назлоу атәылақәа жәпакы рлабораториақәа, уи ус шакәу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра афактқәа шьақәнырӷәӷәоит иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0