Урыстәыла

Атәылахьчара аминистрра иҭнаҵаауеит Украина абиолабораториақәа рҿы ирбаз апатогенқәа

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория "Гемотест" в Люберцах
Лаборатория Гемотест в Люберцах - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2023
Анапаҵаҩра
Афедерациатә хеилак аилатәараҟны ишьақәдырӷәӷәеит ЕАА Украина абиолабораториақәа рҿы имҩаԥнагоз аусурақәа рыҭҵаара иазку ажәахәынҵа. Адокумент Аҳәынҭдума ишьақәнарӷәӷәахьеит.
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Атәылахьчара аминистрра иҭнаҵаауеит Украина абиолабораториақәа рҿы ирбаз 240 ачымазараҿкқәа (аҭалоу, амырза назлоу) рпатогенқәа ҳәа иҳәеит Афедерациатә хеилак аилатәараҟны УА АМ арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара рыр аиҳабы Игор Кириллов, ЕАА арра-биологиатә усура аазырԥшуа адокументқәа ранализ шьаҭас иганы.

"Ҳара алабораториақәа ԥшьба рҟны аус аауан. Урҭ алабораториақәа рҿы иаабеит 240 ачымазараҿкқәа (аҭалоу, амырза назлоу) рпатогенқәа. Урҭ ҭаҳҵааит, наҟ-наҟгьы иҭаҳҵаауеит", - иҳәеит Кириллов.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла иҟоуп арҭ ачымазарақәа хызҽуа алаҵақәеи ахәшәқәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0