00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Просвещать и вовлекать: Абхазия в "Интермузее 2025"
14:46
11 мин
Такие обстоятельства
Созвездие смелых: Сочинский цирк в Абхазии
14:58
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Итоги проекта восстановления мемориалов героев ВОВ и ОВНА
18:49
13 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақыҭа ҿар рыбжьара аицлабра рыланаҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы

© Sputnik / Томас Тхайцук Изготовитель народных музыкальных инструментов в селе Хуап - Василий Арухаа
Изготовитель народных музыкальных инструментов в селе Хуап - Василий Арухаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2023
Анапаҵаҩра
Аицлабра ахықәкы – ақыҭаҟны иҟоу аҿар наплакҩцәа ралԥшаара, урҭ адгылара рыҭара, апатриотизмреи аџьа абзиабареи рылааӡара.
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ақыҭаҿар рыбжьара ирыланаҳәеит Ареспубликатә еицлабра "Ҳалшара". Абри атәы радио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы.
"2023 шықәсазы Аҳәынҭеилакы абиуџьет аҿы асоциалтә проектқәа ирзырхоуп х-миллион мааҭ. Урҭ еиҳа хра рыманы рхархәаразы, ақыҭа аҿар адгылара рыҭаразы ари апроект еиҿаҳкааит. Аԥсны ақыҭақәа рҿы инхоит имаҷҩымкәа аҟыбаҩ змоу аҿар, еиуеиԥшым амаҭәахәқәа ҟазҵо. Иҟоуп ижьиуа, абзазара маҭәарқәа - акалаҭ, амҵышә, амилаҭ музыкатә рҳәагақәа зымпыҵыҵуа", - иҳәеит иара.
Арҭ рҩызцәа адгылареи ацхыраареи рҭахуп, убри азоуп Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы апроект заԥшьнагаз.
"Иаҳҭахуп атуристцәа рзы аџьармыкьа еиҿаҳкаарц, ақыҭанхамҩа, акультура, амузыка ирыдҳәалоу амаҭәарқәа цәыраагарц. Уажәы аҿар алҳԥшаауеит аицлабра ралахәхаразы, анаҩс аԥара раҳҭоит, русуразы ирҭаххоны иҟоу ахархәагақәа аахәахоит", - ҳәа иҳәеит Идрис Кара-Осман-Оӷлы.
Ари аицлабра ахықәкы – ақыҭаҿ иҟоу аҿар амилаҭтә наплакҩцәа ралԥшаара, ақыҭаԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхра, аҿар аџьауси апатриотизмреи рылааӡара.
Аицлабра "Ҳалшара" иалахәхар рылшоит 18 инаркны 30 шықәса зхыҵуа, ақыҭаҟны инхо. Апроект азы иззыҳәо аԥара 200 нызқь мааҭ иреиҳамхароуп.
Кара - Осман-оӷлы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿар ирзырхоу аицлабра Ҳалшара ахықәкы атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2023
Арадио
Кара-Осман-оӷлы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿар ирзырхоу аицлабра "Ҳалшара" ахықәкы атәы
Азыҳәақәа рыдыркылоит лаҵара 11 инаркны рашәара 8 рҟынӡа. Лаҵара 11 инаркны нанҳәа 8 рҟынӡа аицлабра мҩаԥысуеит. Рашәара 8 инаркны нанҳәа 8 рҟынӡа аԥаразоужьрақәа мҩаԥгахалоит. Аицлабра афинал нанҳәа 26 рзы имҩаԥысуеит.
Аицлабра аԥҟареи азыҳәаҟаҵараз аинформациеи адырра алшоит Аҳәынҭеилакы асаит аҿы: gosmolsport@mail.ru аҟәша "Адокументқәа".
Ажәабжьқәа зегьы
0