Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәымба амузыкатә проект "Apsny-Star" актәи ахәҭазы: ус иҟалоит ҳәа агәрагара ҳамамызт

Гәымба амузыкатә проект "Apsny-Star" актәи ахәҭазы: ус иҟалоит ҳәа агәрагара ҳамамызт
Анапаҵаҩра
Амузыкатә проект "Apsny-Star" актәи ахәҭа афинал мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҿы лаҵара 29 рзы. Ильда Қәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи асуперфинал ахь инеит Адгәыр Лазариеи Иракли Џьумутиеи, Саида Агрԥҳа лгәыԥ аҟынтәи - Миранда Мархолиаԥҳаи Самвел Миракиани, Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи - Софиа Миаукинеи Викториа Лабиеи.
Апроект актәи ахәҭа амҩасшьеи, анаҩстәиқәа рынагӡашьеи арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит "Apsny-Star" амузыкатә продиусер Анри Гәымба.
"Зегьы ҳара ишаҳҭаху еиԥш еснагь иаламҵуазаргьы џьара аиҿкаараҟны, аха уи ҳара иаҳдыруа ауп, наҟ-наҟ иҳарҽеип ҳәа сгәы иаанагоит, аҩаӡара ҳаракхартә еиԥш. Иацы ишымҩаԥысыз, ҳәарада, иаҳгәаԥхеит, усгьы иҟалоит ҳәа агәра гангьы ҳаҟамызт. Аконцерт адинамика шыҟаз ҳаргьы џьара-џьара ҳаршанхеит уҳәар ауеит", - азгәеиҭеит Гәымба.
Апроект "Apsny-Star" шықәсык ицалоит, иара хыхәҭакны еихшоуп. Ахԥатәи- асуперфинал аҿы еиндаҭлоит аԥхьатәи ҩ-хәҭак рҟны иаиааиуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0