Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба: Аԥсны астатус аӡәгьы даламцәажәароуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2023
Анапаҵаҩра
Арӡынба иазгәеиҭеит Қарҭи ҳареи ҳофициалтә еиҿцәажәарақәа Женева мацара шакәу иахьымҩаԥысуа, уа амш аусхәаԥштә ахь ицәырыргоит амч ахамырхәареи агуманитартә зҵаарақәа рыӡбареи ртәы.
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥсны - исуверентәу ҳәынҭқарроуп, жәларбжьаратәи азин иасубиектуп, уи астатус аӡәгьы даламцәажәароуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Актәи аканал аҿы ицо ателедырраҭара "Большая игра" аефир аҿы.

"Қырҭтәыла ҳаизыҟазаашьақәа маншәалахарц аҭахызар, хымԥада, ҳхьыԥшымра ҳазхарҵароуп, амч ахамырхәаразы аҩганк ҳаицеиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩыроуп, наҟ-наҟ ҳаԥхьаҟа ҳрегион аҿы аҭышәынтәалара акыраамҭа ишьақәгыларц азы", - иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Макьана Қарҭ аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мап ацәнакуеит, уи еиҳарак изыхҟьо аколлективтә Мраҭашәара ахьрыдгыло азоуп, урҭ хықәкыс ирымоуп Урыстәыла мцала амацәаз аҭакра, даҽакала иаҳҳәозар, Урыстәыла аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы аимакқәа рырцыхцыхра.
"Сара ишәгәаласыршәар сҭахуп лаҵара 21 1921 шықәсазы иҟалаз ахҭыс. Усҟан ақырҭуа Револиуциатә еилакы, амчра аофициалтә усбарҭас иҟаз, Аԥснытәи Асовет Социалисттә Республика аҳасабала ишазханаҵаз. Даҽакала иаҳҳәозар, аҭоурых аҟны иҟалахьеит Қырҭтәыла Аԥсны аназханаҵаз ахҭыс. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп зышьақәгылара иаҿу аамҭа ҿыц аан уи ҩаԥхьа ишыҟало, избанзар уаҳа ԥсыхәа ыҟам, ари аҭагылазаашьа даҽакала алҵра алшом", - иҳәеит Арӡынба, иажәа хыркәшо.
Лого МИДа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2023
Аԥсны
ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Қырҭтәыла Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа ахы рылагалара шзалымшо азы
Ажәабжьқәа зегьы
0