Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аҭааҩцәа аднакылом рашәара 12 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукПосольство России в Абхазии
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аҭааҩцәа аднакылом рашәара 12 рзы.
Ашәахьаҽны, рашәара 12 рзы аҳәынҭқарратә ныҳәа Урыстәыла Амш азгәарҭоит.
Урыстәыла Амш азгәарҭо иалагеит рашәара 12 1990 шықәса раахыижьҭеи, уи аҽы имҩаԥысыз РСФСР Жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду аан ирыдыркылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа.
Рашәара 12 1991 шықәсазы Урыстәыла аҭоурых аҟны раԥхьаӡакәны имҩаԥган иаарту ахада иалхрақәа, усҟан далхын Борис Ельцин.
1991 шықәса лаҵарамзазы РСФСР Иреиҳаӡоу Ахеилах Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анрыдыркылаз амш-рашәара 12- иусурым мшны ирыланаҳәеит. 1992 шықәса рашәарамзазы ари амш ныҳәамшны ишьақәдырӷәӷәеит.
Урыстәыла ахада рашәара 2 1994 шықәсазтәи Иусԥҟа инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анрыдыркыла амш Урыстәыла аҳәынҭқарратә ныҳәаны иҟалеит.
Аофициалтә хьӡы "Урыстәыла Амш" шьақәгылеит 2002 шықәсазы, аныҳәатәи аԥсшьарамшқәеи рымш ҿыцқәа (112 ахәҭаҷ) знылаз Урыстәыла Аџьатә кодекс азинамч анаиу нахыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0