Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иахьагьы сазыхиоуп сыԥсадгьыл ахьчара": аибашьра аветеран Муҳаммад Шәҳамыз игәалашәара

© Foto / Саида ЖибаМуҳаммад Зиа-иԥа Шәҳамыз
Муҳаммад Зиа-иԥа Шәҳамыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2023
Анапаҵаҩра
Иахьа 70 шықәса ирҭагылоу, Ҭырқәтәыла, Лоуқыҭ (ҭырқәшәала Османие) инхо ашәыуаа рхаҭарнак Муҳаммад Зиа-иԥа Шәҳамыз далахәын 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра. Абырг игәалаиршәеит иԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла уахь ицара шыҟалази иеибашьратә мҩеи ртәы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аԥхьаҟа, маҷ-маҷ Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа алшара роуа иалагеит аинтуристцәа раҳасабала рыԥсадгьыл аҭаара. Убас, Иозгаҭ ақалақьынтәи Аԥсны иааны иҟаз, аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәыз хаҵаки ԥҳәыски (сфырхаҵа урҭ рыхьӡқәа игәалашәом) рыла адырра ҟалеит Аԥсны аӷа дшақәлаз, аԥсуа жәлар ашәарҭара ишҭагылаз. Уи заҳаз ҳџьынџьуаа зныҭрыс иааизибаган, иааилацәажәан, ирыӡбеит агәыԥ шьақәыргыланы аԥсадгьыл ахьчара ишазгыло.
Ари анҵамҭаҟны зыӡбахә сымоу Муҳаммад Шәҳамыз усҟан 40 шықәса ихыҵуан. Иара Кипр 1973-1974 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз аибашьра далахәын, ахәрагьы иоухьан аҟнытә, аԥышәа имоуп ҳәа дыԥхьаӡаны, Аԥсныҟа аибашьра ицараны иҟаз агәыԥ аиҿкааҩцәа ааилацәажәан, Муҳаммад еиҳабыс дҟарҵеит.
"Сара уи аԥхьаҟа Аԥсныҟа сымцацыз, аха сашьцәеи сҩызцәеи реиԥш ашьа сыԥхьеит. Ҳабдуцәа рыбаҩ ахьамадаз адгьыл аҿаԥхьа иҳадыз ауал ҳшәарц ҳҭаххеит. Мышқәак рыла, Иозгаҭ, Каисери, Чорум ақалақьқәеи урҭ ирзааигәаз аԥсуа қыҭақәеи рҟынтә 70-ҩык аҷкәынцәа рыла аибашьратә гәыԥ шьақәҳаргылеит. Арантәи абџьар ҳгартә еиԥш алшара ҳмоуӡеит, аха иҳалшоз ала амҩахь иҳахәартә иҟаз амаҭәеи ахәшәқәеи шьҭыхны Трабзонҟа ҳаихеит. Устәи ӷбала Шәачаҟа ҳцеит", - игәалашәоит аибашьра аветеран.
Зхьышьҭра змырӡыз: Редуан Агрба Аԥсныҟа еибашьра ҳәа дшаази ара аҭаацәара шаԥиҵази иазкны    - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Арадио
Редуан Агрба: ҳҭахозар, ҳаԥсадгьыл аҿы анышә ҳашәҭа ҳәа ақьаад ҳнапы анаҳҵеит
Шәача илбааз ҳашьцәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа мчыла иахысит, бааԥсыла иргәаҟны, рҿахәы рҿыхны иоурыжьит аурыс ҳәаахьчаҩцәа. Уи аамҭазы Гагра араион аԥсуаа рнапахьы иааргахьан аҟнытә шәарҭада аҳәааҟны ирԥылеит аԥсуа аруаа. "Ҳашьцәа ааит" ҳәа Аԥсны ашьаарҵәыра ишҭагылазгьы патула ирызныҟәеит, Гагра аԥсшьарҭа ҩны иҩнарҵеит.
"Ҩымш рышьҭахь, Аԥсны ардыԥхьала аштаб аиҳабы Сулҭан Сосналиев даҳзааит. Иара иазгәеиҭеит ҳхы иаҭәаҳшьаз ашьаҿа ҳашьцәа агәыӷреи Аиааирахь агәазыҳәареи шырнаҭаз, азеиԥш жәҩахыр ашьакаҭәара аанкылара шалнаршо. Ҳаргьы ҳаицҿакны ҽакала ҟалашьа шамамыз ҳҳәеит. Анаҩс ҳацыԥхьаӡа абџьар ҳаҭаны шьхала Аҟәа ахырхарҭахь ҳаршьҭит аҭыԥантәи амҩанызацәа ҳацҵаны. Еицқәаз аиҳараҩык аԥсшәа ҳдыруан, аха ашәыуа диалект ала ҳахьцәажәоз, насгьы гәыԥҩык абызшәа ахьырмаҳауаз инамаданы аҭырқәшәа здыруаз милаҭла иерманцәаз аҭарџьманцәа ҳацырҵеит. Хаҭала сара ицәгьамкәа араб бызшәа ахьыздыруаз инамаданы, ҭарџьманс срыман Иорданиеи Шьамтәылеи рҟнытә иааз ҳашьцәа", - иеибашьратә шьаҿақәа дрылацәажәоит аветеран.
Аибашьра Аԥсныҟа саара арццакит: Имдаҭ Агәас иабдуцәа рыхәшҭаара амца ҩаԥхьа ишеиқәиҵаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
"Аибашьра Аԥсныҟа саара арццакит": Имдаҭ Агәас иабдуцәа рыхәшҭаара амца ҩаԥхьа ишеиқәиҵаз
Муҳаммад Шәҳамыз командаҟаҵара ззиуаз агәыԥ ӷәӷәала аиҿахысрақәа ирықәшәеит Шьрома. Араҟа раԥхьаӡакәны дрыцәҭахоит Есқьишьеҳирынтәи ирыцеибашьуаз арԥыс Баҳадыр Абаӷба. Уи илацәа еихьишьуеит Муҳаммад инапаҟны. Агәыԥ иалақәаз рахьтә дҭахоит Уур Ҟәаԥсаргьенгьы. Ирацәаҩхоит ахәрақәа зауз. Ари ахҭыс ашьҭахь аҳәаанырцәынтәи иааз ҳашьцәа еиҳагьы аӷа аҿагылара аиҭареи иқәхреи рҽазыршәоит. Ашьха ҭыԥқәа ҭарцәуа Аҟәа иалалоит, анаҩс Очамчыра араионынӡа инаӡоит. Убраҟа ишыҟаз ауп Сулҭан Сосналиев иҽрымаданы, "шәылбаа, Аԥсны ҭацәуп" ҳәа адырра шриҭаз.
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2018
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Баҳадыр Абаӷба ифырхаҵара иазкны
Аибашьра анеилгагьы Муҳаммад Шәҳамыз шықәсык Аԥсны дыҟан. Аха ибзазара ахьышьақәгылаз Ҭырқәтәыла, Лоуқыҭҟа дымцар амуит. Иара иахьынӡаилшоз иналаршә-ааларшәны иԥсадгьыл ахь даалон. Иахьа Муҳаммад Зиа-иԥа иқәра шмаҷымгьы, "Анцәа имҳәааит, аха ҽазны сџьынџьдгьыл ашәарҭара иҭагылар абџьар шьҭыхны ҩаԥхьа сашьцәа срывагылоит" иҳәоит. Муҳаммад Шәҳамыз иеибашьратә лшамҭақәа рзы Владислав Арӡынба ианеишьеит "Агәымшәаразы" амедал.
Ҳџьынџьуаҩ иахьагьы Лоуқыҭ дынхоит. Иԥсҭазаара ицеиҩызшоз иԥшәмаԥҳәыс лыдунеи лыԥсаххьеит. Дара ахшара рымамызт аҟнытә абырг ихала дыҟоуп. Игәы ихашҭоит бзиа ибаны инапы злаку амхы ақәаарыхреи, арахә ааӡареи рыла.
© Foto / Саида ЖибаМуҳаммад Зиа-иԥа Шәҳамыз
Муҳаммад Зиа-иԥа Шәҳамыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Муҳаммад Зиа-иԥа Шәҳамыз
Шәҳамызаа аамҭала Ҟарачы-Черқьесск Лоуқыҭынтәи Ҭырқәтәылаҟа иқәнагалаз роуп.
"Сара сабду Аҳмаҭи уи иашьеи иаҳәшьеи амҳаџьырра раԥхьатәи ацәқәырԥа ду ашьҭахь 30 шықәса ааҵуаны ахҵәара иақәдышәеит. Ҭырқәтәылаҟа ианықәнагала, анкьатәи ргәылацәа ишьақәдыргылаз ақыҭахь иааит. Аамҭак ашьҭахь сабду иашьа Мураҭ иԥсадгьыл ахь дхынҳәит. Уа еиҵагылеит абиԥара ҿа. Аԥсныҟа санцалоз сабду иашьа ихылҵшьҭреи сареи ҳаибабон. Иахьагьы аимадара ҳабжьоуп", - иҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Сынтәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Ари акразҵазкуа ҳажәлар рзы арыцхә инамаданы Муҳаммад Шәҳамыз ҳазшаз иахь ихы нарханы диҳәеит ари нахыс иџьынџьдгьыл аҟны ауаа рықәхра иазынархоу ахысбыжьқәа мгарц. Амшын нырцәи-аарцәи инхо аишьцәа еиԥимырхарц.
Октай Чкотуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Аԥсны
Иреиӷьӡоу ҳҵеицәа рыгәҭа игылоу: Октаи Чкотуа иҿцәажәара
Ажәабжьқәа зегьы
0