Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сарӷьа смыхәозаргьы, сарма хысыртә иҟоуп!": Виачеслав Бганба 70 шықәса ихыҵуазаарын

© Foto / из семейного архива Вячеслава БганбаВячеслав Бганба
Вячеслав Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Анапаҵаҩра
Рашәара 13 рзы, аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Бганба диижьҭеи 70 шықәса ҵуеит. Апоет Анатоли Лагәлаа уи игәаларшәаразы Sputnik иазирхиеит анҵамҭа.
"Акуьтура иахәҭакуп абызшәа; аха иара акультура ахаҭа ҷыдала доуҳатә рҿиага хаданы, маруга хаданы иамоу абызшәоуп. Абызшәоуп еиҿкаау аҳәынҭқаррагьы маруга хадас иамоу. Бызшәада зхатә ҳәынҭқарра аԥҵаны, уи еизҳа-еизыӷьауа иҟазҵаз ҳәа жәларыкгьы адунеи ианым, иагьанымлац. Абри азоуп, ажәлар рсуверинитет шьақәзыргыло ахкқәа рыбжьара ихадараӡоу акакәны изырԥхьаӡо абызшәа." Виачеслав Бганба.
Аԥсуа -қырҭуатә еибашьра аԥхьа, 1989 шықәсазы, усҟан ауадақәа риура аԥсуаа ҳзы ишыцәгьаз жәдыруеит, аха Баграт Шьынқәбеи, Алықьса Џьонуеи, Алықьса Гогәуеи ацхыраара ду исырҭаз иабзоураны, аԥсуа поет қәыԥшк иаҳасабала, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахьӡала ԥшь-ҿык змаз ауадақәа соуит Аҟәа. Усҟан уи аҩыза ахҭыс бзиа сҩызцәа зегьы еигәырӷьеит, насгьы, ҩыџьа ахшара срабхахьан, исыдныҳәаларц инеиуаз маҷмызт. Сара ахаан исхышҭуам, убарҭ исыдныҳәаларц инеиуаз рҟынтә, уахык аишәа ҳшахатәаз, ҳажәлар рҭагылазаашьа ҳшалацәажәоз ишеицҳаршаз, ауха инеиз - Виачеслав Бганбеи, Виачеслав Кәакәасқьыри, Гиви Адлеибеи. Иахьа урҭ рҟынтә Виачеслав иԥсы ҭагәышьам, егьырҭ анцәа иҟынтә хар рымамкәа иҟоуп.
© Foto / Из архива семьи Виачеслав БганбаВиачеслав Бганбеи иԥшәмаԥҳәыс Емма Кьылԥҳаи
Виачеслав Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2023
Виачеслав Бганбеи иԥшәмаԥҳәыс Емма Кьылԥҳаи
Уаанӡа акырынтә ҳаибабахьан Виачеслави сареи, аха уи ауха убриаҟара гәаартыла ҳаицәажәеит, аиаша шәасҳәап, уи ҳцәажәара абриаҟара аамҭа шцахьоугьы иахьа уажәраанӡагьы амца аԥырԥырҳәа исыжәҵо, исхымԥсааӡацт.
Виачеслав хараӡа ихәыцуаз арԥысын, усҟангьы ацәалашәара бааԥсқәа изцәырҵхьан, аԥсуаа ҳмеибашьыр ада ԥсыхәа шҳамамыз, иаҳҭахы-иаҳҭахым уи шаҳԥеиԥшыз.
Уи нас, уажәы иааркьаҿны ҳалацәажәап аҵарауаҩ, апоет, аибашьҩы, Аԥсны Афырхаҵа инысымҩа.
Виачеслав Бганба (1953-2005 шш.) 1976шықәсазы ибзиаӡаны (диплом ҟаԥшьыла) далгеит Максим Горки ихьӡ зху апедагогикатә институт афилологиатә факультет. Уи ашықәсан Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура далагоит. 1980 шықәсазы Қарҭ Аспирантура дҭалоит, 1983 шықәсазы далганы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аҭҵааратә усура инапы алеикуеит. Асовет аамҭазыҳәан аԥсуажәлар рхақәиҭратә қәԥара активла иалахәыз дреиуан. 1992-1993шш. рзы ицоз аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аан, актәи амш инаркны аибашьра еилгаанӡа, ижәлар дрылагылан. Деибашьуан раԥхьа Гагра, анаҩс Мрагыларатәи афронт аҟны, далан Борис (Дед) Ԥачлиа икоманда, изныкымкәа ӷәгәала дырхәхьан, 15 мшы ақырҭқәа дытҟәаны дрыман. 2001 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхаа аҭырцәра далахәын.
Лили Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2018
Арадио
Ҳагԥҳа аҵарауаҩ Виачеслав Бганба изкны: илаԥш, иажәа, ихшыҩ ҳагыуп
Инапы иҵыҵхьеит аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рнылеит апериодикатә аҭҵаарадырратә журналқәа, Аԥсуаҭҵааратә институт иҭнажьуа- "Адыррақәа"; апублицистикатә статиақәа рацәаны ирнылеит; "Аԥсны", "Республика Абхазия", "Эхо Абхазий", "Нужная газета", "Абзамҩа", ажурналқәа - "Алашара", "Абаза", "Гражданское общество", иааиԥмырҟьаӡкәа радиола, тельехәаԥшрала дықәгылон.
2006 шықәсазы иҭыҵуеит иажәеинраалақәа реизга "Саҿа", 2011 шықәсазы иҭыҵуеит аԥсышәалеи урысшәалеи истатиақәа реизга знылаз " Гәаартыла ҳаицәажәап - Как живётся тебе, речь абхазская?" ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы. Виачеслав Бганба иҭынхеит имаҷымкәа аҭҵаарадырратә усумҭақәа.

Сара иахьа иалыскааӡом Виачеслав еиҳа ирҿиаратә цәқәырԥа аус ахьынӡаинаруз, апоезиаҿы акәу, аҭҵаарадырраҿы акәу, избанзар, уи дҭышәынтәалан, игәы рҭынчны џьарак аус иуртә аҭагылазаашьа имоуӡацызт… Аибашьра аԥхьа ауаажәларратә усқәа ихы иԥсы зегьы рыҭаны дырҿын, аибашьра аан, хықәҵаха имоуӡакәа аӷа диҿагылан, аибашьра ашьҭахь, иоуз ахәра ӷәӷәақәа дшырҿагылазгьы, аҭҵаарадырраҿгьы апоезиаҿгьы илиршаз акрыҟоуп, ҳгәы аладууп.

© Foto / из семейного архива Вячеслава БганбаВиачеслав Бганба
Вячеслав Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Виачеслав Бганба
Ҳазааҭгылап иажәеинраала ссир " Ацәқәырԥа хагақәа" ҳмилаҭ қәԥарыла иҭәу рыԥсҭазаара шаҟа философиала иааирыԥшуа:
Ацәқәырԥа хагақәа,
Ацәқәырԥа хоурақәа,
Рҽырҟьеит, рыҽкыдырҟьеит,
Иаст аҟәара…
Иҿырыӡәӡәеит агаҿа,
Иҵыршәааит агаҿа,
Ашьхеи амшыни
Еибырҭарц рҭаххазаап.
Рымч зегь аныршәа,
Иҿырыӡәӡәааз агаҿа,
Тынч инрыхҭнырҵан,
Ицәеит иҭаҳәахаа-
Ицәоуп макьана.
Акызаҵәык- маӡала
Аӡыхь азкылсит аҟәара,
Игәыднакылар ацәқәырԥа,
Абранӡа акәзаап ауахҭа.
Араҟа иаарыԥшуп аԥсуа милаҭ рхықәкы хада, рсимвол, рыԥсадгьыли, рыжәлари, рбызшәеи реиқәырхара, егьа мыҟәмаба бааԥс рзыԥшызаргьы, уи аиааира, аҿиара, ҳдацқәа рыӷәӷәара…
Виачеслав инарҭбаан ихәыцуаз ҵарауаҩын, бызшәадырҩын, ҳаԥсадгьылаҿ инхо аԥсуаа рымацара ракәым, адунеи иԥсаҟьаны иалаԥсоу ҳмилаҭ зегьы рбызшәа аиқәырхашьа, амырӡшьа дазхәыцуан…
Абра иаазгар сҭахуп 2004 шықәса лаҵарамзазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны имҩаԥгаз аҭҵаарадырра-практикатә конференциаҿ дзыԥхьаз иажәахә ацыԥҵәаха хәыҷык. Уи ажәахә иахьӡын "Мшын нырцә инхо аԥсуаа рбызшәа аиқәырхаразы."
"Аԥсуа дшаԥсуоу даанхаразы, иаԥсуара шныҟәигац иныҟәигаразы, еиқәхароуп, зегь раԥхьа иргыланы, ибызшәа- дызлахәыцуа, адунеи злеибо, иабшьҭра дшеиуоу змырҩашьо ихатәы бызшәа; еиқәхароуп моу, уи аамҭа иацныҟәо, иахьеи уахеи зҽеиҭазкуа, иҿиауа аԥстазаара аганқәа зегьы- аекономикатә, аполитикатә, акультуратә уҳәа идырҿиауа, аилкаара ҿыцқәа реибаркыра рымаҵ ауа иҟазароуп. Иҟалароуп. Асеиԥш ала аԥсҭазаара аганқәа рымаҵ ззымуа абызшәа- иарбан бызшәазаалакгьы, хәыҷы-хәыҷла аамҭа иналаӡыҭны ицоит."
© Foto / Из архива семьи Виачеслав БганбаВиачеслав Бганба
Виачеслав Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2023
Виачеслав Бганба
Даара уаҩы ихахьы иааган дазхәыцыртә иҟоуп ҳбызшәа аиқәырхаразы аҵарауаҩ еиҳа ихадароуп ҳәа иаликаауаз афакторқәа. Урҭ иреиуоуп, ҳбызшәа аҵара уадаҩуп ҳәа ҳхы иҭаргалаз, ҳаргьы изыцҳарӷызуа ҳалагаз, уи шиашам ажәлар идеилыркаатәуп. Иара убасгьы, абызшәа аӡра ахы акуеит атәыла аиҳабыра рҿы иҟоу рбызшәа хьысҳахо ианалага.
Абызшәа мыӡразы инеиԥынкыланы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус ауроуп, ашәҟәеиқәыршәара иарала имҩаԥысроуп.
Ахатәы бызшәа аҭыԥи, атәым бызшәа аҭыԥи рҳәаақәа шьақәыргылазароуп.
Иара убасгьы, аҵарауаҩ даара ҳгәаҳҽаниҵоит аглоболизациа ҳәа изышьҭоу ацәырҵра иацааиуа – аинформациа, аӡхыҵреиԥш иҳажәлаз, аҽацәыхьчамҩақәа рыԥшаара.
Аҵарауаҩ еиҳа ҳажәлар иахьрыхьуаз, еиҳа ҳахьшәарҭаз инапақәикуан, уи ирласны, ԥырхага дук ҳнаҭаанӡа "ахәшәтәра" ҳахьӡарц.
Зыжәлари, зыбызшәеи, зыԥсадгьыли абас дышхәыҷӡаз аахыс бзиа избоз аҵарауаҩ, аибашьраан игәы дамыртәакәа еиҳарак иахьеилашуаз, иахьшәарҭаз деибашьуа ҳаҷкәынцәа рыгәҭа дгылеит. Уи ифырхаҵара анаҩысгьы, иабџьар шикыз, икаламгьы аус аируан, ахьхьаҳәа изааиуан злахьынҵа инапы ианызҵоз ажәеинраалақәа:
Аԥрышқәа- аҷнышқәа шәҽеиҵышәх,
Арԥарцәа шәажәҩақәа шәҟьа.
Ҳашхәақәа ԥрыроуп ишьҭхысаа,
Аҟәа ҳнаӡароуп, шәеиха!..
© Foto / Марина БарцыцВиачеслав Бганба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан
Вячеслав Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Виачеслав Бганба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан
Виачеслав Бганба иҩыза гәакьа Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәба ажурнал "Алашара" аҟны уи аусзуҩы Альбина Анқәаб-ԥҳа иҟалҵаз иҿцәажәарак аҿы игәалаиршәоит:

"Славик 1970-тәи ашықәсқәа раахыс аполитикатә, ауаажәларратә процессқәа, дызлахәымыз даара имаҷуп. Дахьыҟазаалак иара ихатәы иман, аӡәы дилаҩашьомызт. Жәлар рхеидкыла "Аидгылара" ахы анакы нахыс агәҭа далагылан, уа илшоз, иҟаиҵоз, ииуаз, ус иааинырслан акәымкәа, хазы усумҭак азукыртә иҟоуп. Аԥсны иҟан 8-тәи аполк ҳәа. Қырҭтәыла СССР ианалҵ, 1990 шықәсазы, СССР анхыбгала, Аԥсны аурысқәа рполк ықәыргеит, усҟан Қырҭтәыла ҳәа акәын ҳшыԥхьаӡаз, ҳара иҳазҵаауадаз, Гәымысҭа ахықәаҿыҵәҟьа абаза ыҟан. Владислав адгьыл аҵа иҵоу илаԥш азнеиуан!.. "Абри абаза иҟоу еиқәырхатәуп, Агвардиа ҟаҳҵап" иҳәеит. Аԥхьа аԥсуа гвардиа дахагылан Какалиа Валери Шьаликәа-иԥа, анаҩс Агрба Гиви Камыгә-иԥа. Аурысқәа абри абаза анынрыжьуаз, ҩба-хԥа БМП, 200-300 раҟара автоматқәа нхеит. Убри абазаҿы арезервтә полк шьақәдыргылеит. Убра ҳалан Славики сареи. Аибашьра иалагаанӡа, хәажәкырамза 1992 шықәсанӡа Егры аҳәаа ҳахьчон. Аполк иалшаз даара ирацәоуп. Аԥсуа гвардиа хыԥхьаӡарала 400-ҩык еиднакылон, анапхгара налаҵан 500-ҩык ыҟазар ҟаларын…"

Абра иаҳгәалаҳаршәап аибашьра аан амца шыра иалагылаз аҵарауаҩ рацәак идуум, аха аибашьра аҭагылазаашьа бзиаӡан иаазрыԥшуаз иажәеинраалақәа руак:
© Foto / из семейного архива Вячеслава БганбаВичеслав Бганба
Вячеслав Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Вичеслав Бганба
Ақәа иапҟон аҵых рыцҳа- хыхьынтәи,
Ахрыԥх еишьҭала агәы шьҭарҵон ираӡаны.
Иҿнаҭуамызт, аҽырмашьцан алашьцара зегь чҳаны,
Кәаӡы-хамны шьҭа имаӡамыз иршәылон ирыхьӡаны.
Амрагылара мақаруан, аҵх аршлар аҭахны,
Акәалӡы-хамқәа рышәнакәыцәаарц инеиуаз уи зышәны…
Ацәгьеи абзиеи аргама еиҿамлеи, еибарыԥсуан,
Мрагылареи мраҭашәареи уи ауха еибашьуан…
Виачеслав ажәыларақәа акыр дрылахәын, акырынтәгьы дырхәхьан, аха акы еиԥшымкәа ашәарҭара ду зцыз жәыларан "Дед игәыԥ" даланы Очамчыра ианалалаз. Урҭ дҵас ирыман ҩымш-хымш рыла ақалақь ҭарцәны, нас иара ақалақь ахаҭа аанкылара. Аха рыцҳарас иҟалаз ажәылара аҽны дара ззыԥшыз Гәдоуҭантәи адесант, атехника, абџьар рымн инеир акәын. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, абаржа зыӡхымҵит.
Дара зынӡа 32-ҩык ыҟан. Насгьы, аоперациа дара ргәыԥ амацара акәӡамызт иалахәыз, х-гәыԥк еилахәын. Аҵыхәтәан урҭ агәыԥқәа ақалақь еицалалар акәын, аха уи аҩыза анзалымша, дара ргәыԥ рышьҭахьҟа ихынҳәыр акәхеит, аӷа еиликааит урҭ бџьарла ишеиқәшәамыз, иагьшырацәаҩымыз. Урҭ хынҳәны рышьҭахьҟа ишцоз, Бедиатәи абжьаларҭаҟны ирыкәшаны иркит, 32-ҩык рыҟнытә 19-ҩык рыцәҭахеит, 6-ҩык ақырҭқәа иҭҟәаны иргеит, даҽа 6-ҩык ирулакгьы иалҵит.
Ӷәӷәала данырхә ашьҭахь, Виачеслав Бганбагьы дытҟәаны дыргеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь аиҭныԥсахлараҿы ддырхынҳәит.
© Foto / из семейного архива Вячеслава БганбаВичеслав Бганба
Вячеслав Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Вичеслав Бганба
Ҳҵарауаҩ бзиа, ҳпатриот ду, иман зеиӷьҭам аҭаацәара, ахшара цқьа, иԥшәма ԥҳәыс - ҳара ҳарҵаҩы ссир, аҵарауаҩ хатәра, ҳбызшәа аиқәырхараҿы зхы аџьыка ықәызххьаз – Емма Кьылԥҳа, ргәалашәара дыздыруаз зегьы есымша иԥхаӡа, илашаӡа иҳацзаауеит.
Аҵыхәтәан, сажәа хсыркәшар сҭахуп Виачеслав Бганба иахьеи уахеи ицыз иҩыза гәакьа Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәба уи изикыз ажәеинраала алагамҭа ала:
Сааигәа уҟам сҩыза гәакьа,
Лассы саанужьит уааццакцәан.
Аха уаԥсуара зқәухуаз уҳаҟьа,
Уи аанымхеи, иагьҷаӡам!..
Ажәабжьқәа зегьы
0