Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бганба еиҭеиҳәеит ареспубликатә мҩаду аҿы ақәаршҩы иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы

Бганба еиҭеиҳәеит ареспубликатә мҩаду аҿы ақәаршҩы иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра гагратәи аҟәша аиҳабы Давид Бганба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра арион аҿы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны ареспубликатә мҩаду аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, ԥынгылада амашьынақәа рныҟәара аналыршахо.
Гагра араион аҟны илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа аԥхасҭа анаҭеит ареспубликатә мҩаду хада ахәҭак, иарбгеит хыбрақәак. Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп.
Псоунтә уауазар, 23-тәи акилометр аҟны амҩаду ҵыӡәӡәаауп. Аусбарҭақәа зегьы ҳаицхырааны амҩа ҳрыцқьеит, ауаа аԥхасҭа роуит, аха аӡәгьы дҭамхеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Бганба.
"Ашьыжь адырра шааҳауз ауаа еидаҳкылеит. Сааҭк рааҟара амашьынақәа зныҟәаӡомызт. Шьапыла ицоз, абилеҭқәа знапаҟны иҟаз ииаҳгеит. Иҵегь ирацәоуп иҟаҳҵаша, аха амашьынақәа ииасыртә еиԥш аҭагылазаашьа шьақәгылеит, атехника аус ауеит, макьана аԥынгылақәа ыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.
Уажәы аихамҩа аиҭашьақәыргылара иалагеит. Автобусқәа аарышьҭит, адәыӷбақәа ирҭаз Гагра, Афон доусы руадақәа ахьрымоу инаргоит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0