https://sputnik-abkhazia.info/20230619/sputnik-amchybzh-asni-urystylei-reishaaraa-asabarat-rytsaraa--1046394581.html
Sputnik амчыбжь: Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа
Sputnik амчыбжь: Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 12 инаркны рашәара 18 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа. 19.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-19T09:00+0300
2023-06-19T09:00+0300
2023-06-19T09:00+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аекономика
аполитика
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0e/1046333323_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_a7c378885dbac153d1ae04e72ae5dc46.jpg
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа амшцәгьа бааԥсы аԥхасҭа анаҭеит, аҩнуҵҟатәи асуқәа рминистр ҿыц даҭан, аԥсуа делегациа Петербург имҩаԥысуаз аекономикатә форум иалахәын.SputnikАԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәаРашәара 14 рзы илеиз ақәыршҩы ареспубликатә мҩадуи Гагра араион ахыбрақәаки аԥхасҭа анаҭеит. Амшцәгьа аихамҩеи ашьаҟақәеи аԥхасҭа рынаҭеит, уи иахҟьаны Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аанкылан. Аԥснытәи рколлегацәа рыцхрааразы Урыстәылантәи атехника ҷыда рыманы иааит аиҭашьақәыргыларатә гәыԥ, иара убас ахархәара рыҭан аҭыԥантәи атехникеи аихамҩа аусзуҩцәеи.Реиҳа аԥхасҭа ахьыҟалаз аҩнаҟны рыԥсы ршьон урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа жәаҩк, урҭ рҟынтәи быжьҩык хәыҷқәоуп. Иахьыҩназ ахыбра ааха ӷәӷәаны иаиуит. Гагра араион анапхгара дара хәыда-ԥсада асасааирҭа иҩнарҵеит, ирцәыӡыз рмал азы 100-100 нызқь мааҭ аԥара рзыршәеит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа хаҭала иҭиҵаарц Гаграҟа днеит. Аусбарҭақәа рымчқәа рыла сааҭқәак рнаҩс амҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара алдыршеит.Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, аԥхасҭа зауз аҭаацәарақәа зегьы аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭоит. Уи азҵаара хылаԥшра арҭоит амшцәгьа ахьҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу акомиссиа.Рашәара 15 рзы иауз ақәыршҩы иахҟьаны Гәдоуҭа ацрыҵцарҭақәа еимаҳаит, ихыҵыз аӡтасқәа ақалақь ауааԥсыра рхатәы ҩнқәа ирыҩналеит, ақалақь ахәҭак лашарада иҟан.Афон ҿыц ақалақь ахәҭак аӡы анылеит, ахатәы ҩнқәеи аҩнеихагылақәеи аԥхасҭа рынамҭаӡеит.Ахада амаҵзураҭаразы иусԥҟа ҿыцқәаРашәара 13 рзы Аԥсны ахада иусԥҟала Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан уаанӡатәи АШәМ ахада Роберт Киут. Атәыла ахада иусԥҟала ихҵоуп амилициа аинрал-маиор ҳәа ахьӡ.Рашәара 14 рзы Аслан Бжьаниа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Роберт Киут аколлектив дыдирдырит. Агәра згоит аминистр ҿыц иаалырҟьаны, инарҵауланы дазымхәыцкәа азыӡбақәак идикыларым ҳәа иҳәеит атәыла ахада.Аслан Бжьаниа иҳәеит, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра афинанстә цхыраара шаҭахо.Петербургтәи афорумПетербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара ахаҭарнакцәа. Аделегациа аилазаара аҟны иҟан Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Алхас Ҳагба, Алиса Гәылариаԥҳа, Наур Нарманиа, иара убас аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, афинансқәа рминистр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Афорум аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит Урыстәыла аусеицуразы ахаҭарнак ҷыда Лауреано Ортега Мурильо зхадараҿы дыҟаз Никарагуантәи аделегациа. Аганқәа алацәажәеит, ахәҳаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәеи аинформациатә политика ахырхарҭалеи аусеицура апҳьаҟатәи аԥеиԥш, ирҳәеит Аԥсны-Никарагуа амедиаеиҿкаара аԥҵара шхымԥадатәиу.Афорум аҟны еилкаахеит Аԥсны аҳаҭыртә хаҭарнакра Санкт-Петербург иаартхоит ҳәа. Ахаҭарнакра аусура иаарласны иалагоит, аԥхьаҟа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиқәшаҳаҭразы Аԥсны аҳаҭыртә хаҭарнак икандидатура атәыла ахада Аслан Бжьаниа иӡбоит.Питер Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵариҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы аиқәшаҳаҭра. Урыстәыла аганахьала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Аԥсны аганахьала - аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган."Аиқәшаҳаҭра усҟак имариоу ак акәым. Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара зегьы - ашьҭыԥраара-атәаратә цәаҳәа, иахәҭоу амаругақәа, атерминал аргылара, абри зегьы мҩаԥыслоит хаҭалатәи аинвестор ихарџь ала, афедералтә биуџьет аҟынтәи аԥара аламгалакәа", - ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Максим Решетников.Иара инаҵшьны иҳәеит, аҩ-ганк рхахьы ахыдҵақәа шыргаз: Аԥсны - афымцамчтә инфраструктуразы иахәҭоу зегьы шыҟанаҵо, адгьыл азҵаара шаӡбо, Урыстәыла - аинвестори аԥснытәи агани ишрыбжьаҟазо.Аекономика аминистр Кристина Озган аиқәшаҳаҭра анапаҵеиҩра ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа ахылҳәааит."Амшын еиқәа абырлаш"Арзҩыдаратә центр "Амшын еиқәа абырлаш" аадыртит Очамчыра аԥшьаша, рашәара 15 рзы.Аартра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ахь инеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб. Аслан Бжьаниа ари ацентр аартра атәылазы акрызҵазкуа хҭысуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит Аԥсны макьана "Амшын еиқәа абырлаш" аҩыза шыҟам. Атәыла ахада апроект аԥара алазгалаз аинвесторцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, урҭ руаӡәк - Михаил Сыҷынаа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит.Актәи аихагылаҿы иҟоуп арзҩыдаратә центр, аҳақьым иуада, акосметолог, аспелео-аероионотерапиа, афизиотерапиа, амассаж. Аҩбатәи аҿы - акрыфарҭа, ақьафурҭа. Егьырҭ рҿы - аԥсшьаҩцәа рзы ауадақәа.Урыстәыла амшУрыстәыла амш азгәарҭеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны рашәара 12 аҽны, аныҳәа еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Аурыстәылауаа реиҿкааратә хеидкыла. Аныҳәатә концерт еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рыла ишьақәгылан, уи иалахәын 12 коллектив, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟан Абыжьбатәи арратә база аоркестр, афолк-театр "Казачий спас", ацәыргақәҵа "Многоликая Россия", анапҟазацәа рцәыргақәҵа-џьармыкьа.Аслан Бжьаниа Урыстәыла Амш азы Ацҳаражәҳәарҭа имҩаԥнагоз адкылара далахәын. Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа акыр шықәса шахыҵуа. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәыла Амш- еицаҳзеиԥшу ныҳәоуп иҳәеит.Ацәгьоурақәеи урҭ рзы аӡбамҭақәеиРашәара 12 рзы урыстәылауаҩ лцәа ԥырҽит ҳәа Гәдоуҭатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы арзаҳал лыҩит. Абри атәы иҳәеит Зосма Гыцба араион ахадара есымчыбжьатәи аизараҟны. Гыцба иажәақәа рыла, арзаҳал рыдыркылеит, зыхьӡ лҳәаз ахаҵа иҿахәы иҿыхразы амилициа рахь дааргеит. Рашәара 13 Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа иазханаҵеит Ҳаџьараҭ Џьопуа гәҭакрыла Аҟәа инхоз Раиса Оганиан дшишьыз азы. Ауаҩшьра ҟалеит цәыббра 20 2022 шықәсазы. Аусеилыргара ишазгәанаҭо ала, Ҳаџьараҭ Џьопуа 80 шықәса зхыҵуаз Оганиан лбаҳча анирыцқьоз ашәырҵлақәа ҩ-шьапык хиҵәеит.Џьопуа жә-шықәса арежим ӷәӷәа аколониаҿы ҭакрала ахгара иқәҵоуп. Иара ихара азхеимҵеит.Рашәара 15 рзы Очамчыра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Гәыԥ ақыҭан иҟалаз ауаҩшьразы. Заанаҵтәи ашьаусҭҵаара ишьақәнаргылеит рашәара 11 ҵхыбжьон, асааҭ 00:30 рзеиԥш 17 шықәса зхыҵуа Инал Делба, заа игәы иҭакны, ашәарыцага шәақь ала иаб, Џьамал Делба, диеихсит. Ахаҵа иаразнак иԥсҭазаара далҵит.Инал Делба даанкылан. Аусӡбарҭа ишаӡбаз ала, иара ауаҩы аамҭалатәи иаанкыларҭа дыҩнакуп.Рашәара 15 рзы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа Алада Ешыра анхаҩы Сергеи Тәанба ихарарҵеит иқыҭантәыз Оҭари Мышәба гәҭакрыла ишьра. Ацәгьоура ҟалеит жьҭаара 15 2022 шықәса рзы аус зымуа аӡлагаразауад аҿы. Иҟоу адыррала, Сергеи Тәанба арыжәтә џьбара дашьны дыҟан, игәы иҭакны еимакык аҵыхәала дишьит. Иара Оҭари Мышәба ҩынтә аҳәызба илеиҵеит, уи аҭыԥан иԥсҭазаара далҵит.Лыхнашҭа аҭәаҵла ԥиҟеит ҳәа агәҩара ззыҟоу Иракли Багаҭелиа иганахьала ашьаус ахәаԥшразы идәықәҵоуп Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭахь.АмашәырРашәара 17 рзы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда аминистррахь адырра ҟалеит аӡы дшагаз ԥшьышықәса зхыҵуа Белоруссиа атәылауаҩ Александр Вакулич.Аԥшаарақәа ирылахәуп Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра рҟынтәи 50-ҩык аиқәырхаҩцәа. Аҭыԥаҟны иҟоуп АҶА аиҳабыра.
https://sputnik-abkhazia.info/20230614/amshtsga-iakhany-amabzha-iaankhaz-adybaa-rpassayrtsa-rymangara-eikaakhoit-1046329314.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230617/afymtsadyba-lastochka-anyara-eiakhatsyrkkhoit-rashara-19-inarkny-1046383374.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230614/aslan-bzhania-anuati-ausa-rministr-yts-robert-kiut-akollektiv-dydirdyrit-1046332584.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230615/arzydarat-tsentr-amshyn-eia-abyrlash-aadyrtit-ochamchyra-1046355900.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230612/aslan-bzhania-urystyla-amsh-azy-atsarazhara-imanagoz-adkylara-dalakhyn-1046294674.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230612/urystylaua-ltsa-yrit-a-amilitsia-akh-arzaal-lyit-1046286171.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230613/aara-opua-aa-inkhoz-ays-dshishyz-azkhaoup-1046303103.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230615/gy-ayan-ialaz-auashrazy-ashaus-khatsyrkup-1046358222.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230615/sergei-tanba-iyantyz-auay-dishit-a-akhara-idyreit-1046359767.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0e/1046333323_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_c59a542a69e2e60452ce0dfc548181df.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аекономика, аполитика, ауаажәларра
аԥсны, ажәабжьқәа, аекономика, аполитика, ауаажәларра
Sputnik амчыбжь: Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 12 инаркны рашәара 18 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа амшцәгьа бааԥсы аԥхасҭа анаҭеит, аҩнуҵҟатәи асуқәа рминистр ҿыц даҭан, аԥсуа делегациа Петербург имҩаԥысуаз аекономикатә форум иалахәын.
Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа
Рашәара 14 рзы илеиз ақәыршҩы ареспубликатә мҩадуи Гагра араион ахыбрақәаки аԥхасҭа анаҭеит. Амшцәгьа аихамҩеи ашьаҟақәеи аԥхасҭа рынаҭеит, уи иахҟьаны Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аанкылан. Аԥснытәи рколлегацәа рыцхрааразы Урыстәылантәи атехника ҷыда рыманы иааит аиҭашьақәыргыларатә гәыԥ, иара убас ахархәара рыҭан аҭыԥантәи атехникеи аихамҩа аусзуҩцәеи.
Реиҳа аԥхасҭа ахьыҟалаз аҩнаҟны рыԥсы ршьон урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа жәаҩк, урҭ рҟынтәи быжьҩык хәыҷқәоуп. Иахьыҩназ ахыбра ааха ӷәӷәаны иаиуит. Гагра араион анапхгара дара хәыда-ԥсада асасааирҭа иҩнарҵеит, ирцәыӡыз рмал азы 100-100 нызқь мааҭ аԥара рзыршәеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа хаҭала иҭиҵаарц Гаграҟа днеит. Аусбарҭақәа рымчқәа рыла сааҭқәак рнаҩс амҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара алдыршеит.
Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, аԥхасҭа зауз аҭаацәарақәа зегьы аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭоит. Уи азҵаара хылаԥшра арҭоит амшцәгьа ахьҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу акомиссиа.
Рашәара 15 рзы иауз ақәыршҩы иахҟьаны Гәдоуҭа ацрыҵцарҭақәа еимаҳаит, ихыҵыз аӡтасқәа ақалақь ауааԥсыра рхатәы ҩнқәа ирыҩналеит, ақалақь ахәҭак лашарада иҟан.
Афон ҿыц ақалақь ахәҭак аӡы анылеит, ахатәы ҩнқәеи аҩнеихагылақәеи аԥхасҭа рынамҭаӡеит.
Ахада амаҵзураҭаразы иусԥҟа ҿыцқәа
Рашәара 13 рзы Аԥсны ахада иусԥҟала Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан уаанӡатәи АШәМ ахада Роберт Киут. Атәыла ахада иусԥҟала ихҵоуп амилициа аинрал-маиор ҳәа ахьӡ.
Рашәара 14 рзы Аслан Бжьаниа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Роберт Киут аколлектив дыдирдырит. Агәра згоит аминистр ҿыц иаалырҟьаны, инарҵауланы дазымхәыцкәа азыӡбақәак идикыларым ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Аслан Бжьаниа иҳәеит, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра афинанстә цхыраара шаҭахо.
Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара ахаҭарнакцәа. Аделегациа аилазаара аҟны иҟан Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Алхас Ҳагба, Алиса Гәылариаԥҳа, Наур Нарманиа, иара убас аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, афинансқәа рминистр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Афорум аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит Урыстәыла аусеицуразы ахаҭарнак ҷыда Лауреано Ортега Мурильо зхадараҿы дыҟаз Никарагуантәи аделегациа.
Аганқәа алацәажәеит, ахәҳаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәеи аинформациатә политика ахырхарҭалеи аусеицура апҳьаҟатәи аԥеиԥш, ирҳәеит Аԥсны-Никарагуа амедиаеиҿкаара аԥҵара шхымԥадатәиу.
Афорум аҟны еилкаахеит Аԥсны аҳаҭыртә хаҭарнакра Санкт-Петербург иаартхоит ҳәа. Ахаҭарнакра аусура иаарласны иалагоит, аԥхьаҟа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиқәшаҳаҭразы Аԥсны аҳаҭыртә хаҭарнак икандидатура атәыла ахада Аслан Бжьаниа иӡбоит.
Питер Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵариҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы аиқәшаҳаҭра. Урыстәыла аганахьала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Аԥсны аганахьала - аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
"Аиқәшаҳаҭра усҟак имариоу ак акәым. Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара зегьы - ашьҭыԥраара-атәаратә цәаҳәа, иахәҭоу амаругақәа, атерминал аргылара, абри зегьы мҩаԥыслоит хаҭалатәи аинвестор ихарџь ала, афедералтә биуџьет аҟынтәи аԥара аламгалакәа", - ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Максим Решетников.
Иара инаҵшьны иҳәеит, аҩ-ганк рхахьы ахыдҵақәа шыргаз: Аԥсны - афымцамчтә инфраструктуразы иахәҭоу зегьы шыҟанаҵо, адгьыл азҵаара шаӡбо, Урыстәыла - аинвестори аԥснытәи агани ишрыбжьаҟазо.
Аекономика аминистр Кристина Озган аиқәшаҳаҭра анапаҵеиҩра ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа ахылҳәааит.
Арзҩыдаратә центр "Амшын еиқәа абырлаш" аадыртит Очамчыра аԥшьаша, рашәара 15 рзы.
Аартра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ахь инеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Аслан Бжьаниа ари ацентр аартра атәылазы акрызҵазкуа хҭысуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит Аԥсны макьана "Амшын еиқәа абырлаш" аҩыза шыҟам.
Атәыла ахада апроект аԥара алазгалаз аинвесторцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, урҭ руаӡәк - Михаил Сыҷынаа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит.
Ахыбра асасааирҭа-рзҩыдаратә комплексуп. Ара иҟоуп еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵаркуа ауадақәа 270 – алиукс инаркны аеконом аҟынӡа.700-ҩык рҭыԥ змоу ари ахыбраҿы аусура иалагахьеит 150-ҩык.
Актәи аихагылаҿы иҟоуп арзҩыдаратә центр, аҳақьым иуада, акосметолог, аспелео-аероионотерапиа, афизиотерапиа, амассаж. Аҩбатәи аҿы - акрыфарҭа, ақьафурҭа. Егьырҭ рҿы - аԥсшьаҩцәа рзы ауадақәа.
Урыстәыла амш азгәарҭеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны рашәара 12 аҽны, аныҳәа еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Аурыстәылауаа реиҿкааратә хеидкыла.
Аныҳәатә концерт еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рыла ишьақәгылан, уи иалахәын 12 коллектив, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟан Абыжьбатәи арратә база аоркестр, афолк-театр "Казачий спас", ацәыргақәҵа "Многоликая Россия", анапҟазацәа рцәыргақәҵа-џьармыкьа.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла Амш азы Ацҳаражәҳәарҭа имҩаԥнагоз адкылара далахәын. Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа акыр шықәса шахыҵуа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәыла Амш- еицаҳзеиԥшу ныҳәоуп иҳәеит.
Ацәгьоурақәеи урҭ рзы аӡбамҭақәеи
Рашәара 12 рзы урыстәылауаҩ лцәа ԥырҽит ҳәа Гәдоуҭатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы арзаҳал лыҩит. Абри атәы иҳәеит Зосма Гыцба араион ахадара есымчыбжьатәи аизараҟны.
Гыцба иажәақәа рыла, арзаҳал рыдыркылеит, зыхьӡ лҳәаз ахаҵа иҿахәы иҿыхразы амилициа рахь дааргеит.
Рашәара 13 Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа иазханаҵеит Ҳаџьараҭ Џьопуа гәҭакрыла Аҟәа инхоз Раиса Оганиан дшишьыз азы. Ауаҩшьра ҟалеит цәыббра 20 2022 шықәсазы. Аусеилыргара ишазгәанаҭо ала, Ҳаџьараҭ Џьопуа 80 шықәса зхыҵуаз Оганиан лбаҳча анирыцқьоз ашәырҵлақәа ҩ-шьапык хиҵәеит.
Џьопуа жә-шықәса арежим ӷәӷәа аколониаҿы ҭакрала ахгара иқәҵоуп. Иара ихара азхеимҵеит.
Рашәара 15 рзы Очамчыра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Гәыԥ ақыҭан иҟалаз ауаҩшьразы.
Заанаҵтәи ашьаусҭҵаара ишьақәнаргылеит рашәара 11 ҵхыбжьон, асааҭ 00:30 рзеиԥш 17 шықәса зхыҵуа Инал Делба, заа игәы иҭакны, ашәарыцага шәақь ала иаб, Џьамал Делба, диеихсит. Ахаҵа иаразнак иԥсҭазаара далҵит.
Инал Делба даанкылан. Аусӡбарҭа ишаӡбаз ала, иара ауаҩы аамҭалатәи иаанкыларҭа дыҩнакуп.
Рашәара 15 рзы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа Алада Ешыра анхаҩы Сергеи Тәанба ихарарҵеит иқыҭантәыз Оҭари Мышәба гәҭакрыла ишьра. Ацәгьоура ҟалеит жьҭаара 15 2022 шықәса рзы аус зымуа аӡлагаразауад аҿы. Иҟоу адыррала, Сергеи Тәанба арыжәтә џьбара дашьны дыҟан, игәы иҭакны еимакык аҵыхәала дишьит. Иара Оҭари Мышәба ҩынтә аҳәызба илеиҵеит, уи аҭыԥан иԥсҭазаара далҵит.
Лыхнашҭа аҭәаҵла ԥиҟеит ҳәа агәҩара ззыҟоу Иракли Багаҭелиа иганахьала ашьаус ахәаԥшразы идәықәҵоуп Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭахь.
Рашәара 17 рзы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда аминистррахь адырра ҟалеит аӡы дшагаз ԥшьышықәса зхыҵуа Белоруссиа атәылауаҩ Александр Вакулич.
Аԥшаарақәа ирылахәуп Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра рҟынтәи 50-ҩык аиқәырхаҩцәа. Аҭыԥаҟны иҟоуп АҶА аиҳабыра.