Урыстәыла

Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабра аинтернет-хархәаҩцәа рыбжьара абжьыҭара хацнаркит

© Foto / Giacomo d'OrlandoКонкурс Стенина-2023 запустил голосование среди интернет-пользователей
Конкурс Стенина-2023 запустил голосование среди интернет-пользователей - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥыжәаратә ҭыԥқәа згаз аноминантцәеи Гран-при занашьои рыӡбахә рылаҳәахоит цәыббрамзазы.
АҞӘА, ԥхынгәы 4 — Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи афотоеицлабра асаит аурыси англызи версиақәа рҿы онлаин-бжьыҭара иалагеит.
Ахархәаҩцәа ироуеит алшара иреиӷьу аусумҭа алырхырц, ажиури жәларбжьаратәи ркоманда аӡбарала асиа кьаҿ иалалаз рҟынтә. Абжьыҭаразы асоциалтә ҳақәа руак аҿы апрофиль умазароуп.
Абжьыҭара илшоит дарбанызаалак, нанҳәа 1 аҟынӡа. Нанҳәа алагамҭанӡа ирыларҳәоит онлаин-бжьыҭараҿ аиааира згаз ихьӡгьы, иара ихәҭоу адиплом иҭахоит.
Открытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2023
Урыстәыла
Андреи Стенин игәалашәара иазку 2023 шықәсазтәи аицлабра асиа кьаҿ ркьыԥхьит
Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аицлабра афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥуп. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааит. Есышықәса уи иалахәхо атәылақәа рхыԥхьаӡа иацлоит.
Сынтәа 50 тәыла рҟынтәи иаарышьҭит х-нызқь рҟынӡа афотосахьақәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Бурунди, Бахреин, Босниеи Герцеговинеи. Жәларбжьаратәи аинформациатә партниорны иҟоуп: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, RT ателеканали апортали , амедиахолдинг Independent Media (ЮАР), ажәабжьтә маҵзура ANA (ЮАР), Shanghai United Media Group (SUMG) (Китай), агазеҭ China Daily (Китаи) аинтернет-портал, аинтернет-портал The Paper (Китаи), амедиаҳа Al Mayadeen (Ливан).
Ажәабжьқәа зегьы
0