Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аимҳәаршәаа: аԥсыуала ахәышәтәышьеи амедицинеи еиҿыбаауа

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСезонный рост заболеваемости гриппом и ОРВИ в России
Сезонный рост заболеваемости гриппом и ОРВИ в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2023
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы чмазарақәа иреиуоу аимҳәаршәаа, мамзаргьы аимҳәабзиа ԥсыуала ишыршьо атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аимҳәаршәаа, мамзаргьы аимҳәабзиа ҳәа изышьҭоу ахәыҷтәы чмазарақәа иреиуоуп, аха адугьы ихьыр ауеит даныхәыҷыз ихыимгацзар. Ачымазара ахыгара реиҳа изцәыцәгьоу ахәыҷы ԥшқақәеи згәабзиара уашәшәырои роуп. Аимҳәаршәаа аҿаԥхьа амедицина мчымхоуп, акызаҵәык уи иалшо ахәыҷы еимҳәа армариаразы ацхыраагӡақәа адгалара. Убри ауп изызку жәлар рмедицинагьы.
Ачымазара ахаҭа мҩасуеит хымчыбжь рҟынӡа (убри аан иара анцәырҵуа иаразнак иузгәамҭар ауеит), абри абжьараз ауп уи зыхьуа егьырҭ згәы бзиоу рзы даншәарҭоу. Хымчыбжь рынахысгьы аимҳәа зынӡа ицаӡом, аха еиҳа-еиҳа имаҷхоит, аамҭала шықәсыбжакынӡагьы еиқәтәаӡом. Аԥсыуала ахәышәтәышьа атәы зҳәо аиҳабацәагьы ишазгәарҭо ала, аимҳәаршәаа зхьыз рҭаацәара 21 мшы иршьароуп. Абри аамҭазы урықәныҟәалароуп зеилагара ҟамло аԥҟарақәа.
Аимҳәашьа иаабац аимҳәа еиԥшӡам, ҽнак 5-15-нтә рҟынӡа ухәцә уакуеит ("реприз" ҳәа медицинала иззырҳәо). Еимҳәо иԥсы изеивымго, аԥскра аҟынӡа днанагоит, зны-зынла агәыхынҳәра изцәырнагоит. Аимҳәаа ахаҭа цәаакӡам. Аиҳабацәа, атәы здыруа ишырҳәо ала, "арбаӷь абжьы" ахоуп (абжьы хҵаӡаны ахәда аныҭнацо еиԥш).
Ишԥаршьо 21 мшы аԥсыуала:
Актәи - аҩны иаԥырҵоит иҭынчу, агәамҵхамҵра злам аҭагылазаашьа, ахәыҷ-чымазаҩ игәы ҟазҵо, изларылшо ала, ахәыҷы дымҵәуартә, игәы меицакырц азы. Ажәытәан, хәылбыҽхала, ачамгәыр арҳәо, ашәа ҳәо аҵх рхыргон. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа аԥҵара зыбзиоу, ахәыҷы ианиқәгәамҵуа дҵәуоит, деицралоит – ихәцә анеибарххо аимҳәа еиҳагьы изнарҵысуеит, насгьы уахынланоуп аимҳәа еиҳа аҽанарӷәӷәо, ашәа мамзаргьы ихаау амелодиа ахәыҷы ихы иханаршҭуеит, ҭынч дарцәоит, иемоциатә фон шьақәнаргылоит.
Иҩбахаз – акырӡа иахылаԥшуеит ацқьара. Лассы-лассы ицәааку акала идрыцқьоит ауада. Ахәыҷы дахьыцәо ауадаҿы аӡы дыргылоит.
Ихԥахаз – аҳауа цқьа. Ичмазаҩхаз ахәыҷы иаамҭа аиҳарак аҳауа цқьаҿы ихигозар бзиоуп, еиҳагьы еиӷьуп аӡиасқәа ма амшын аҟәараҿы. Насгьы аҟәара уқәтәаны аасҭагьы амшын асқьала уқәланы иара аӡы заҟа иааукәаршаны изыҟало аҟара аимҳәаршәаа змоу ицәеижь иазеиӷьуп, еимҳәа арҭынчуеит, иԥсыԥ алагаҩагара еиӷьнатәуеит, ижьцәа аанашьҭуеит.
Иҟоуп ихадароу даҽакгьы. Ари ачымазара зцәа иалалаз ахәыҷы дымчыдахоит, иимунитет ланарҟәуеит, убри аҟнытә уи ицәеижь авитаминқәа рацәаны иаҭахуп. Ари аганахьала, аҳақьымцәа иузышьақәдыргыло ахәшәқәа рнаҩсгьы, акырӡа ихәарҭоуп аҽы ахш ҳәа иазгәаҭан ирымоуп аԥсуаа. Ҽнак знык, ахәыҷы ашьыжь какал икаанӡа мҳаҵәк-мҳаҵәк идыржәуеит, хымш рыҩнуҵҟала. Аҽы ахш аиашазы ирацәаны иалоуп авитамин-С, ачымазара злаҽны иҟоу имч аҭаҵаразы даара хәарҭара злоу, иара убас уи иалоуп егьырҭ авитаминқәагьы: Е, В1, В2, В12.
Новорожденный малыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Аԥсны
"Ани ахәыҷи еимаздо": жәлар рмедицина азааҭгылара
Иазгәаҭатәуп, аҽы ахш ҳаамҭазы аԥшаара шымариам, иара ахш амхрагьы шымариам еиԥш. Ахәыҷыԥшқақәа (шықәсык зхымҵыц инадыркны ҩышықәса зхыҵуа рҟынӡа) аиҳарак ақашьлыхқәа шырфо ала, ргәабзиаразы ибзиоуп иара убас, ашыла ҷыҷ иалху ақашь, ацха аҭаны.
Арҭқәа рнаҩсангьы, аҭаацәа ахәыҷчымазаҩ иахьынӡаихылаԥшуа аԥсра, арыцҳара ахьыҟоу инеиӡом. Аҭаацәа рҟынтәи руаӡәк (ан, ма аб) ишьоит. Ахәыҷы дахнаԥаауашәа рбозар, аҭаацәараҿы аԥҳәыс еиҳабы аҿаҭахьа лықәылҵоит (акәырбан ҟарҵоит) – ахәыҷы ихы арбаӷь акәыхшан. Анцәа иҳәоит: "Амаалықь игәы бзиа, ихы бзиа дҟаларц ҳуҳәоит, улԥха-угәыԥха Анцәа иҳаҭ! Абри агәи-агәаҵәеи шуҳарбо" ҳәа. Ахәыҷы ичымазара даналҵлак ашьҭахь 21 цыра акәакәарқәа жәны иҟарҵоит, ахәыҷы ацәашьы ихыганы иныҳәоит (аҿаҭахьа зымҳәаз акагь ршьӡом). Аҿаҭахьа зҳәаз, ишырҳәаз еиԥш, арбаӷь агәи агәаҵәеи ацәашьи кны ахәыҷы дырныҳәоит. Ахәыҷырацәа ахьыҟоу ачымазара анрыхьуаз аамҭа ԥыҭк рыбжьазар, хаз-хазы ирныҳәоит. Ус акәымкәа, аамҭала рацәак рыбжьамзар, акны иуныҳәаргьы ҟалоит.
Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
"Ҷиа, ҷиа! Рыс, рыс…": ахәыҷтәы чымазарақәак ирызкны
Аимҳәаршәаа ахыгара зцәыцәгьахоз иара убас, ара адац иҵыргон. Ара адацқәа ааԥшратәы иаакәыршаны иржуан, нас убра дыҵыргон. Ара, аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла, абзиарақәа ишрыдыркыло еиԥш, уи адацқәа иагьхәшәуп.
Арҭ аԥҟарақәеи аҳақьымцәа иуабжьыргои еиҿурԥшуазар, излеиԥшу даара ирацәоуп. 21 мшы аиҳарак ахәыҷы дызбо ан лоуп изшьо, уи ари аамҭазы џьаргьы ддәылымҵуазар (ауаа рацәа ахьеизо), уи иаанаго аҿкы егьырҭ ирылауҵаӡом ауп. Адуцәа ирызгәамҭаӡакәа аҿкы рылазар ауеит, убриаан дара ишәарҭоуп ари ачымазара змыхьыц рзы. Иҳәатәуп, знык аимҳәаршәаа зхызгахьо даҽазны ишимыхьуа, уи аиммунитет ширҳауа ала, ихьыргьы имарианы ихгоит, иагьизгәамҭар алшоит.
Хымԥада, аиҳаракгьы ахәыҷыԥшқақәа рзы ихадароуп аҳақьым ихылаԥшрала аҟазаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0