Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит УАМ Запорожиатәи ахырхарҭаҿы ржәыларақәа еиҳа идырхыцхыцт ҳәа

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая работа расчетов РСЗО "Торнадо-Г" 1-й гвардейской танковой армии ЗВО в ЛНР
Боевая работа расчетов РСЗО Торнадо-Г 1-й гвардейской танковой армии ЗВО в ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2023
Анапаҵаҩра
Аӷа ихы иаирхәоит акәылӡтехника хыԥхьаӡара рацәала: 50 ак., урҭ рҟынтәи 26 танки 13 кәылӡмашьынеи ҭархан.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Украина арбџьармчқәа Запорожиатәи ахырхарҭаҿы рхымҩаԥгашьа еиҳа идырхыцхыцт, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин асаммит "Урыстәыла-Африка" аҟны иқәгылараҿы.
"Аҵыхәтәантәи амшқәа ртәы ҳҳәозар, ииашаны иаагәоуҭартә аиҿагыларақәа рыҽдырххоит. Аиҳарак аиҿагыларақәа мҩаԥысуеит Мраҭашәара ихадароу ҳәа иршьоу ахырхарҭаҿы – Запарожиатәи ахырхарҭаҿы", - иҳәеит Путин.
Ахада иазгәеиҭеит ажәылара ду ҳәа иршьо ԥхынгәы 4 рзы ишалагаз, уи ус шакәу шышьақәдырӷәӷәо аинырра азонаҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа.
Украина аконтыржәылара аанкылан, аӷа қәҿиарак имоуит, шьҭахьҟа дыԥхьацан ҳәа иҳәоит ахада.
"Аӷа џьаргьы иарбанызаалак қәҿиарак иаҳамҭеит. Зехьынџьара даанкылоуп, шьҭахьҟагьы дыԥхьацоуп. Убри аан ицәыӡқәа рацәоуп", - иҳәеит Путин.
Ажәабжьқәа зегьы
0