Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гал аӡоушьҭра еиԥҟьоит аарҩарақәа ирыхҟьаны

© Sputnik / Томас Тхайцук Отключения воды
Отключения воды - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Анапаҵаҩра
ГалМедиа ишаанацҳауа ала, мышқәак ирылагӡаны Гал араион аҿы аӡы хәба-хәба сааҭ ҳәа идырцәалар ҟалоит.
АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гал араион аҿы аӡы аиԥҟьара зыхҟьаз аарҩарақәа ирыхҟьаны аӡеизгарҭақәа рҿы аӡы аҩаӡара ахьылаҟәыз азоуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Дмитри Адлеиба.
Иара иажәақәа рыла, аӡеизгарҭақәа рахь аӡы неиуеит Кавказтәи ашьхеибаркыра хыхьтәи ахәҭаҟынтәи илбааҽҽаны иаауа аӡқәа ирыбзоураны.

"Ашьхарақәа рҟынтәи аԥсабаратә ӡыршьҭрақәеи ауаҩы инапала иҟаиҵаз аӡыршьҭрақәеи рыла илбааны аӡеизгарҭақәа аӡы рҭалоит, уантәи аӡымҩангагақәа ҩба рыла ақалақь аладатәии аҩадатәии ахәҭақәа рахь ицоит. Арҭ ацәаҳәақәа рыла Тҟәарчал араион ақыҭақәакгьы аӡы роуеит", - иҳәеит иара.

Аарҩарақәа рнаҩсгьы, аҭагылазаашьа еиҳагьы идыруадаҩуеит аӡымҩангагақәа ахькылҵәоу. Иахьатәи аамҭазы ҩажәаџьара убас аӡы ахьацәцо рыԥшаахьеит иҳәеит Адлеиба, урҭ рахьтә 10 ҭыԥк рҿыгҳара дууп.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Гал араион аҿы аӡы еиԥҟьалоит ҳазҭало амчыбжь зегьы иалагӡаны ҳәа. Ашьхараҿы ақәа шлеилак, аԥсабаратә ӡеизгарҭақәа ҭәуеит, убасҟан акранқәа рҿгьы аӡрыжәтә неиуеит, аӡымҩангагақәа аӡы рыцәцозаргьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0