Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа

© Sputnik / Сария КварацхелияФотовыставка к 15-летию признания независимости Абхазии, открылась в Сухуме
Фотовыставка к 15-летию признания независимости Абхазии, открылась в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Анапаҵаҩра
Аекспозициа иаанарԥшуеит Аԥсны асуверенитет Урыстәыла иазханаҵаанӡеи уи ашьҭахьи имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы иаатит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа.
Уа ицәыргоуп афотоҭыхыҩцәа Ибрагим Ҷкадуеи Владимир Попови рфотоҭыхымҭақәа шәкы инареиҳаны.
Ибрагим Ҷкадуа иажәақәа рыла, аекспозициа иаанарԥшуеит Аԥсны асуверенитет Урыстәыла иазханаҵаанӡеи уи ашьҭахьи имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа.
"Ара ижәбоит аҭоурыхтә кадрқәа рацәаны, аҭынчреиҿкааҩцәа рмиссиа, Штаинмаиери (Франк-Вальтер Штаинмаиер, анемец политик - аред. азгә.) Хавьер Солани (аиспан политик - аред.азгә.) раара, ахьыԥшымра азхаҵара, Багаԥшь дызхагылаз аделегациа Никарагуа анеира, Лавров иаара. Абарҭ қәа зегьы дҳарбар ҳҭахын ахәаԥшцәа. Владимири сареи ари аҩыза ацәыргақәҵа ахьыԥшымра азхаҵара 10 шықәса анахыҵуаз иҟаҳҵахьан", - иҳәеит Ҷкадуа.
Ацәыргақәҵа нанҳәа 26 аҽны зегьы аус ауеит, изҭаху зегьы ахәаԥшыр рылшоит.
Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уи аахыс ари амш атәылаҿы иҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит.
Обращение президента РФ В. Путина по случаю Дня молодёжи - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Владимир Путин: Урыстәыла наҟ-наҟгьы Аԥсны жәлар ирыцхраалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0