https://sputnik-abkhazia.info/20230827/ainformatsia-ama-azyzuaz-anzor-marshan-aibashra-iazku-igalasharaa-1047250735.html
Аинформациа амаҵ азызуаз: Анзор Маршьан аибашьра иазку игәалашәарақәа
Аинформациа амаҵ азызуаз: Анзор Маршьан аибашьра иазку игәалашәарақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы 413 мшы аблокада иҭакыз Тҟәарчал аанзмыжьыз, ԥсыхәа аныҟамызгьы, абџьар шьҭызхуаз – абас изаҳҳәар ҳалшоит уажәтәи... 27.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-27T15:00+0300
2023-08-27T15:00+0300
2023-08-29T09:20+0300
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/01/1047255921_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_c3e4f888357f001e97929d6e02d74a43.jpg
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы 413 мшы аблокада иҭакыз Тҟәарчал аанзмыжьыз, ԥсыхәа аныҟамызгьы, абџьар шьҭызхуаз – абас изаҳҳәар ҳалшоит уажәтәи санҵамҭа зызку Анзор Маршьан. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет даушьҭымҭоуп, аха аибашьра иднагалеит даҽа занааҭк. Аибашьра ианалагоз иара ихыҵуан 22 шықәса, ахәбатәи акурс ахь диасит, идипломтә усумҭа дазхәыцуан.Ауниверситет анеиҩыршоз1989 шықәсазы ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәа ААУ аиҩшара азҵаатәы рнапы адыркит, усҟантәи амчра ақырҭқәа рнапаҿы излаҟаз ала, уи нарыгӡеит. Абри аамҭазы Анзор аррантәи дгьежьын, лаҵарамзазы дналагылеит аҵараиурҭаҿы иҟаз ахынҭаҩынҭара. Уи аиҩшара иаҿагылоз аԥсуа студентцәа дыруаӡәкхеит аррамаҵзура зышьҭахьҟа иныжьны зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арԥыс. "Уи аԥхьа сара цқьа исзеилкааӡомызт имҩаԥысуаз. Сибра Баикал ахықә аҿы Ангарск арра сыҟан ажәҩанхьчаратә архәҭақәа рҿы (ПВО). Сара аҭыхра сазҟазан азы, арра саныҟаз еиҳарак убри иадҳәалаз аусқәа сырҿын. Санааи, аибарххарақәа цон, аха аԥхьа иҟаз цқьа исзеилымкааит. Абри Лыхны рнапы зҵарҩыз ашәҟәы санаԥхьа ауп аус ахы ахьцоз анеилыскаа. Ауниверситет еиҩшаны ианыҟала, абри алекциақәа рҿы еиҳа-еиҳа иалацәажәо иалагеит аполитикатә ҭагылазаашьа. Аҵарагьы аанҳажьыр ауазма, аха Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа шыӡбатәу, уҳәа аполитикатә ҟазшьа рыманы имҩаԥысуа иалагеит ҳлекциақәа рӷьырак. Исгәалашәоит ианымҩаԥыргоз адепутатцәа ралхрақәа, уи ашьҭахь СССР аиқәырхара иазкыз ареферендум. Убраҟа астудентцәа активла ҳхы ааҳарԥшит, алҵшәа 50 процент еиҳаны иҟалар акәын, уи азы аурысқәа, аерманқәа уҳәа ҳтәылаҿы инхоз егьырҭ амилаҭқәа адыԥхьалатәын. Исгәалашәоит, убысҟан ҳара наԥшыҩцәас ҳнеиуан 14-тәи ашкол аҿы еиҿкааз алхратә ҭыԥ ахь. Акурс аҿы аҵара сыцызҵоз Адгәыр Цымцба, Даур Ҵнариа, Мсоусҭ Шамба уҳәа сыцын. Ақырҭқәа асиа шьҭырхуан нас иахьдырхәырц ареферендум зхы алазырхәыз", - абас далагоит Анзор аибашьра аԥхьатәи аполитикатә ҭагылазаашьа иазку иажәабжь.Абџьар абаҟаз?Маршьан ишигәалашәо ала, аибашьра ҟалар ауеит ҳәа ацәажәарақәа ыҟан . Август 14 1992 шықәсазы иара Тҟәарчал иҩны дыҟан, идипломтә усумҭа аҟаҵаразы ашәҟәқәа дрыԥхьон. "Хымԥада, иубаратәы иҟан аҭагылазаашьа еибархханы ишыҟаз. Иҳаҳауан ақырҭқәа авертолиотқәа рыла абџьар ааганы дара ртәқәа ишрырҭоз. Аха, убасҟан Шеварднаӡе Аахыҵ-Уаԥстәыла аидысларақәа анааникыла, агәаанагара ҳауит, издыруада аибашьра далагарым ҳәа. Ҭынч мҩала аус аҭыԥ ақәҵара ҟалап ҳәа ҳазхәыцит. Нас, Дагомыс Ельцини иареи еицәажәеит…", - иҳәоит Анзор, урҭ аамҭақәа ахҳәаа рызуа. Ус акәзаргьы, Анзор иазгәеиҭеит аибашьра ҟамлар ада ԥсыхәа ыҟаӡам ҳәа зҳәоз шырацәаҩызгьы. Август 14 рзы Анзор Маршьан игәыла рашҭа дааҭалан, ирзааигеит игәыҭшьаагаз ажәабжь. Тҟәарчал аблокада иҭашәеитАжәабжьҳәаҩ иазгәаҭақәа рыла, афатә-ажәтә аҟамзаара ауааԥсыра иаразнак ирныруа иалагеит, аха аамҭа уадаҩ азын ауаа аихаҵгылара аадырԥшуан. Абар иара ишигәалашәо уи амшқәа:"Ҩымш рыла ача нҵәеит Тҟәарчал. Амгьал чашылак налаԥсаны ирӡуан, еиҳарак абысҭа акәын ирфоз. Абысҭеи асалаҭи еидкыланы исфаӡомызт, аха исфар акәхеит, сабацоз? Аха, Анцәа иџьшьаны, ашықәсан аџьықәреи цәгьамкәа иҟалеит, ақыҭақәа рахь ицон, уантәи иааргон. Аԥара ҵәахны измаз ак аархәон. Нас, ахҵәацәагьы аара иалагеит. Ашьҭахь Тҟәарчал еиҿкаан акомитет. Урҭ ақыҭақәа ирылаланы аџьықәреи еизыргон. Еиҳарак изцәыуадаҩхаз ақыҭақәа ирыдҳәаламыз аурысқәа ракәхеит. Аха, рхәы шаны ирырҭон, аицхырааара ыҟан. Агәыла-азла еибабон, ишьҭибахуан".Ҳаибашьыроуп, ҳхы раҳҭаӡомАнзор ишеиҭеиҳәо ала, Тҟәарчал инхоз агырцәеи ақрыҭцәеи раԥхьа ашьшьыҳәа иҟан, акгьы рҳәаӡомызт. Аха ҳаҷкәынцәа ахырӷәӷәарҭақәа рахь ацара ианалага, урҭ рҿаԥхьа ицәырҵит азҵаара - иҳадгыло, мамзаргьы иҳақәлаз рахь иадырцәыло? Нас дара ашьшьыҳәа иқәҵны ицеит. Амла иакызаргьы, ахьҭа иакызаргьы, инхаз зегь аԥсуа политика иадгылеит. "Тҟәарчал инхоз иаԥсыуамыз амилаҭқәа рахьтә ҳара иҳадгылеит аерманцәа, ауаԥсқәа, аурысқәа. Абџьар шьҭыхны ицаз ыҟоуп, иҭахазгьы ыҟоуп. Вова Коваленко, иаҳҳәап, снаиперс дыҟан, уи доурсын. Бицоев ҳәа ауаԥс ҷкәын деибашьуан. Актәи амш инаркны ианҳаҳаҵәҟьа агәылацәа амҩаду ахь ицәырҵуа иалагеит еилацәажәарц. Иџьоушьаша, аҳәса убас рҳәон "ҳаибашьыроуп, ҳхы раҳҭаӡом" ҳәа. Ирымдыри ақырҭқәа еиқәных ишааз. Абџьар ҳамаӡамызт ҳара, аха ҳгәылацәа аҳәсақәа, сангьы дналаҵаны, ирҳәеит "ҳхы раҳҭаӡом, иаҳаулакгьы ҳаибашьыроуп" ҳәа. Избанзар, ирымдыруази Гыртәылан мхедрионаа иҟарҵахьаз. Ахацәа илакҩакыз ыҟоуп, абџьар ҳамаӡам, ҳандырҵәоит зҳәоз, аха аҳәса "хьаҵшьа ҳамам" рҳәон"."Кукурузник" аауа иалагеитМрагылараҿтәи афронт иадҳәалоу ахҭысқәа дырзааҭгыло, ҳзыҿцәажәахьоу аӡәырҩы реиԥш, Маршьан иаликаауеит декабр 14 1992 шықәса Лаҭа авертолиот анҭахаз. "Тҟәарчал арациа ала иҳарҳәеит ақырҭқәа авертолиот шкарыжьыз. Даара игәкажьган, ҳәҳәарахеит, ҵәыуарахеит. Издыруаз, исҭынхаз иҭахаз ыҟоуп. Тҟәарчал еизаны иҟаз Очамчыра араион иалҵыз ахҵәацәа убри ала акәымзи Гәдоуҭаҟа ишцоз. Насгьы агәыҳалаларатә цхыраара ааргон, ачашыла уҳәа зда ҳхәарҭамыз ааргон вертолиотла. Ари аҵыхәа ԥҵәеит уи ашьҭахь. Аҳаиртә мҩала аџьаԥҳангьы ҳмоуаз. Ашәарҭара ҟалеит абри ашьҭахь. Иҵегь икарыжьуама ҳәа ахәыцрақәа ыҟан. Ианвармзазы ҳа ҳзы аџьаԥҳаны аазгоз вертолиотк аҵла ахықәцә илықәсын, амца акит, уи Тҟәарчалынтәи иубон. Аҭыԥ арбану сгәалашәом, аха атҟәацбжьы геит. Ақырҭқәагьы иҟалаз рзымдырит, афронт ацәаҳәа иацәыхаран азы. Нас, ишҳаҳаз ала, аԥырыҩцәа еиқәхеит, аха иҭаз аџьаԥҳаны зегь блит. Уигьы ҳгәы канажьит. Убри анкарыжь аџьаԥҳаны азы даара иуашәшәырахеит аҭагылазаашьа. Нас, уахынла "кукурузник" ҳәа изышьҭоу аауа иалагеит", - абас иҟан аҭагылазаашьа Анзор Маршьан иблақәа рыла.Аинформациатә блокадаАибашьра ианалага дук мырҵыкәа ақалақь аҿы алашара дырцәеит, иаангылеит аус зуаз ателехәаԥшра. Аинформациатә блокадагьы ааҟалеит. Аха Тҟәарчалаа рыҷкәынцәа ирхәыцит ажәабжь злараҳашаз. Анзор еиҭеиҳәоит ирыӡбаз: "Абри Ӷьеџьыр аӡиас аҿы агенератор ҭадыргылеит. Убри агенератор ала афымца неиуан агоспиталь, апочта, администрациа рахь. Атехникцәа ыҟан уи аимадара ашьақәыргылашьа здыруаз. Арадио аиҿкааара администрациаҿы ирхәыцит, избанзар абри аџьаԥҳанеиԥш идефицитхеит аинформациа. Уи аныҟам, ауҳәансҳәани апаникеи ҟалоит. Ажәабжь еиларҩынтны иануаҳалакгьы, угәы канажьуан. Нас, ароль дуӡӡа нанагӡеит Аԥсуа радио. Уахык арадио ҳшаҿыз апочтаҿы асаркьақәа рыбжьы геит дыжә-дыжә ҳәа. Иаҳдыруан Чхәарҭалынтәи ишхысуаз. 16, 17 секунд ракәын иҳамаз аамҭас. Уа аус зуаз аҳәса иаразнак ираҳҳәеит илбаарц ҵаҟа. Убри аҽны ақалақь агәҭаҵәҟьа ақырҭқәа ирылшеит град ала аснариадқәа ралажьра. Мартмзазы акәзар ҟаларын. Аԥсыҭбарақәа ҟалеит".Умцан џьаргьы удгьыл кажьны…Анзор Маршьан иахьатәи аветеранцәа рзакәан инақәыршәаны атыл ҳәа изышьҭоу аусзуҩ ҳәа изуҳәар алшоит. Раԥхьа аибашьра ианалагаз рҳабла аҷкәынцәа рҽеидыркылт, Баслахә, Бедиа уҳәа апозициақәа рахь ицо иалагеит, абџьар еимданы. Ус акәзарагьы, иара ихаҭа абас ихы иазиҳәоит. "Сара абри аинформациа иадҳәалаз уаҩуп сҳәар еиҳа ииашоуп. Апресс-центр аҿы аус зуан, ателехәаԥшраҿы алашара андырцәа - арадио аҿы. Сҩызцәа Торник Амҷба, Геронти Қардаа ателехәаԥшраҿы иҟан, зны абри 1993 шықәса ианвар анҵәамҭазы саннеи, акы аҭыхра иаҿын. Иаразнак агәыбылра шьҭысхит. Акамера еиқәаҵәа-шкәакәа ҳәа изышьҭаз акәын техникас иҟаз. Сара абри аинформациатә ҭыжьымҭа ҳәа адырраҭара ахышә (заставка) ҭыхтәыс исырҭеит. Нас, амикрофон ҳазкы, нас ара уҳацхраа ҳәа адҵақәа сырҭон. Ахырӷәӷәарҭақәа рахь аҭыхра ҳанцо, аԥсышәала азҵаара рызҭо даҳҭахуп рҳәо - абас сжурналистхеит аибашьра аамҭазы". Анзор ишиҳәо ала, тҟәарчалтәи аблокадатә аамҭазы иҟан игәышьҭыхгаз ахҭысқәагьы. Абар иара иаликаауа.Аибашьра аамҭазы ажурналистра адагьы ицәырҵит Анзор илаз егьырҭ аҟазарақәагьы. Ишигәалашәо ала, 9-тәи акласс аҿы дантәаз инаркны раԥхьатәи аккордқәа идырбеит."Витали Гәарамиа, Автандил (Дади) иашьеиҳаб, ашахтанапхгараҿы акомсомол дахагылан. Абри аусбарҭа ҳашкол хылаԥшра азнауан. Убра аккордқәак сирбан, саланагалеит. Ахәмаршьа ԥыҭк сҵан, ашкол аҿы ансамбльгьы еиҿаҳкааит, "ЛИГАТ" ахьӡын (Лерик, Инга, Геронти, Анзор - иалаз ҳахьӡқәа злалагоз). Усҟан еицырдыруаз аестрадатә ашәақәа ҳҳәон. Санстудентха, мелодиакқәак сызцәырцуа салаган, аестрадатә ашәақәа аԥысҵеит. Аибашьра аламҭалазҵҟьа абри аԥсуа поетцәа ражәақәа схы иархәаны абард стиль ала исҳәон. Аибашьра ианалагаз, Кәымф Ломиа иажәеинраала иалхны "Умцан џьаргьы" ҳәа ашәа зҩит. "Умцан џьаргьы удгьыл кажьны, Урыбжьагылазаргьы аԥсра, абзара". Аибашьра алагамҭаз исыҩхьан "Сон ли?" ҳәа урысшәала ашәа. Инасыгӡон уа тҟәарчалтәи апозициақәа рҿы, нас "Скорпион" аибашьцәа ахьтәаз 5-тәи ашкол аҿы", - иҳәоит Анзор. Иара иҩыза Заур Ԥлиеи иареи ашәала аибашьцәа ргәы шьҭырхуан аибашьра анцоз, дара аибашьцәагьы уи ргәы иаҭахны аҳәара ҟарҵон агитара иарҿиоз амелодиа галарц."Аибашьра ашәа аҭахуп, угәы шьҭнахуеит. Угәаҵаҿ иҟоу, узыргәаҭеиуа унарҳәоит", - иҳәоит Анзор, ашәа аҵакы дазхәыцуа.Аиааира ааигәазтәыз ажәылараАнзор Маршьан аиааира шааигәахоз агәра дзыргаз жәылараны иаликаауеит Тамшьтәи ииультәи ажәылара. Адесант аныӡхыҵ, уи арратә операциа анымҩаԥыс, ҳаӷацәа рыҭра ианыҭҟьа, тҟәарчалаа ргәыӷрақәа еиҳахеит. "Аибашьра анцоз ахы инаркынгьы аиаара ҳара ишаҳгоз атәы рҳәон зегьы, аха, абри аоперациа қәҿиарала ианымҩаԥыс, аиааира шааигәахаз ҩашьомызт. Сара аинформациа садҳәаламзи, аҽныҵәҟьа исаҳаит Тамшьтәи ахҭысқәа", - иҳәоит Анзор.Цәыббрамза 30 аибашьра анхыркәшазтәи амш игәаларшәо Анзор абас иҳәоит: "Сара арадио амаҵ азызуан азы, иаразнак исаҳауан ажәабжьқәа. Аха аиааира анаҳгоз аламҭалазы ҳгенератор аӡы иҭагылаз блит, убри азы аинформациа ҳзымышьҭӡеит арадио ала. Сентиабр 16 рзы ажәылара ишалагаз иаразнак ақалақь иалаҩит. Аиааира амш Тҟәарчал ҳаԥылеит. Ҳгәырӷьон зегьы, аблокада амхын, аха ацәыӡқәа иҳамаз егьиз уҳәа ихьааҳгозгьы рацәан…".Мчыбжьык ахь зныкАибашьра анеилга, Тҟәарчалтәи ателехәаԥшра абаза арӷәӷәаразы уи аԥара азоуижьҭит Владислав Арӡынба. Уи иабзоураны Тҟәарчалтәи ателехәаԥшра аусура иацнаҵеит. "Аибашьра анцозгьы акамера скхьан, аха иҭызхуаз еиҳарак Нодар Џьынџьал, Рамин Қаџьаиа, Анатоли Шьониа роуп. Сара еиҳарак исзырҵоз Шьониа иакәын. Аппаратура ҿыц анҳау, адырраҭарақәа рыҟаҵара ҳалагеит. Астудиа бзианы еиҿкаан, акамера бзиа ҳауит. Быжь-шықәса аус ауит уи ашьҭахь ателехәаԥшра. Нас ауаа цо иалагеит уантәи, убри иахҟьаны аусура аангылеит. Адырраҭарақәа мҩаԥызгон аԥсышәала. Мчыбжьык ахь знык ҳҭыҵуан. Аибашьцәа иҭахаз ирызкны адырраҭарақәа ҟаҳҵон. Архив зегь ҳзеиқәмырхаӡеит, избанзар акассетақәа рзымхара ыҟан. Нас маҷ-маҷ аоператоррахь сиасит. Ҳоператор Торник Амҷба акультура ахан еиҳабыс данарҭа, акы анеиҿыркаауаз, убра иара хадара азиуан. Сцаны иҭысхлар акәхеит урҭ ахҭысқәа. 1994 шықәсазы корреспондентс Тҟәарчал ахьӡала Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура салагеит. Иҭыхны арепортажқәа ҳашьҭуан Торники сареи Аҟәаҟа. 2000 шықәсазы аҭаацәара салалеит. Хҩык аҷкәынцәа сымоуп. Аҳәынҭқарратә ҳамҭа сымам, зегь иреиҳау аҳамҭа - Аиааира ауп", - иҳәоит Анзор Маршьан.
https://sputnik-abkhazia.info/20230729/aiaaira-shagoz-azy-agyra-aman-aida-chachkhaliaa-lgalasharaa-1046752363.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220929/1031023767.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/01/1047255921_71:0:1210:854_1920x0_80_0_0_362bf6f4a4fa4784523a44b7e6e156f0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса, аԥсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы 413 мшы аблокада иҭакыз Тҟәарчал аанзмыжьыз, ԥсыхәа аныҟамызгьы, абџьар шьҭызхуаз – абас изаҳҳәар ҳалшоит уажәтәи санҵамҭа зызку Анзор Маршьан. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет даушьҭымҭоуп, аха аибашьра иднагалеит даҽа занааҭк. Аибашьра ианалагоз иара ихыҵуан 22 шықәса, ахәбатәи акурс ахь диасит, идипломтә усумҭа дазхәыцуан.
1989 шықәсазы ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәа ААУ аиҩшара азҵаатәы рнапы адыркит, усҟантәи амчра ақырҭқәа рнапаҿы излаҟаз ала, уи нарыгӡеит. Абри аамҭазы Анзор аррантәи дгьежьын, лаҵарамзазы дналагылеит аҵараиурҭаҿы иҟаз ахынҭаҩынҭара. Уи аиҩшара иаҿагылоз аԥсуа студентцәа дыруаӡәкхеит аррамаҵзура зышьҭахьҟа иныжьны зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арԥыс.
"Уи аԥхьа сара цқьа исзеилкааӡомызт имҩаԥысуаз. Сибра Баикал ахықә аҿы Ангарск арра сыҟан ажәҩанхьчаратә архәҭақәа рҿы (ПВО). Сара аҭыхра сазҟазан азы, арра саныҟаз еиҳарак убри иадҳәалаз аусқәа сырҿын. Санааи, аибарххарақәа цон, аха аԥхьа иҟаз цқьа исзеилымкааит. Абри Лыхны рнапы зҵарҩыз ашәҟәы санаԥхьа ауп аус ахы ахьцоз анеилыскаа. Ауниверситет еиҩшаны ианыҟала, абри алекциақәа рҿы еиҳа-еиҳа иалацәажәо иалагеит аполитикатә ҭагылазаашьа. Аҵарагьы аанҳажьыр ауазма, аха Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа шыӡбатәу, уҳәа аполитикатә ҟазшьа рыманы имҩаԥысуа иалагеит ҳлекциақәа рӷьырак. Исгәалашәоит ианымҩаԥыргоз адепутатцәа ралхрақәа, уи ашьҭахь СССР аиқәырхара иазкыз ареферендум. Убраҟа астудентцәа активла ҳхы ааҳарԥшит, алҵшәа 50 процент еиҳаны иҟалар акәын, уи азы аурысқәа, аерманқәа уҳәа ҳтәылаҿы инхоз егьырҭ амилаҭқәа адыԥхьалатәын. Исгәалашәоит, убысҟан ҳара наԥшыҩцәас ҳнеиуан 14-тәи ашкол аҿы еиҿкааз алхратә ҭыԥ ахь. Акурс аҿы аҵара сыцызҵоз Адгәыр Цымцба, Даур Ҵнариа, Мсоусҭ Шамба уҳәа сыцын. Ақырҭқәа асиа шьҭырхуан нас иахьдырхәырц ареферендум зхы алазырхәыз", - абас далагоит Анзор аибашьра аԥхьатәи аполитикатә ҭагылазаашьа иазку иажәабжь.
Маршьан ишигәалашәо ала, аибашьра ҟалар ауеит ҳәа ацәажәарақәа ыҟан . Август 14 1992 шықәсазы иара Тҟәарчал иҩны дыҟан, идипломтә усумҭа аҟаҵаразы ашәҟәқәа дрыԥхьон.
"Хымԥада, иубаратәы иҟан аҭагылазаашьа еибархханы ишыҟаз. Иҳаҳауан ақырҭқәа авертолиотқәа рыла абџьар ааганы дара ртәқәа ишрырҭоз. Аха, убасҟан Шеварднаӡе Аахыҵ-Уаԥстәыла аидысларақәа анааникыла, агәаанагара ҳауит, издыруада аибашьра далагарым ҳәа. Ҭынч мҩала аус аҭыԥ ақәҵара ҟалап ҳәа ҳазхәыцит. Нас, Дагомыс Ельцини иареи еицәажәеит…", - иҳәоит Анзор, урҭ аамҭақәа ахҳәаа рызуа.
Ус акәзаргьы, Анзор иазгәеиҭеит аибашьра ҟамлар ада ԥсыхәа ыҟаӡам ҳәа зҳәоз шырацәаҩызгьы. Август 14 рзы Анзор Маршьан игәыла рашҭа дааҭалан, ирзааигеит игәыҭшьаагаз ажәабжь.
"Ҳгәыла Толик Какәбаа иаб аарла иԥсы еивго ҳашҭа дааҭалеит. Иҟалаз шәмаҳаӡеи иҳәеит, аибашьра иалагеит, ақырҭқәа рабџьари дареи еиқәных Аҟәаҟа амҩа иануп иҳәеит. Ҳнеилууаа ҳцеит. Шьыжьын, асааҭ сгәалашәом. Амала сара иаразнак иснырит ари шуҳәансҳәанмыз, аибашьра ишалагаз. Нас, ахацәа абџьар акра зылшо авоенкоматқәа рахь шәца иҳәеит. Ҳцеит, аха абџьар абаҟаз?".
Тҟәарчал аблокада иҭашәеит
Ажәабжьҳәаҩ иазгәаҭақәа рыла, афатә-ажәтә аҟамзаара ауааԥсыра иаразнак ирныруа иалагеит, аха аамҭа уадаҩ азын ауаа аихаҵгылара аадырԥшуан. Абар иара ишигәалашәо уи амшқәа:
"Ҩымш рыла ача нҵәеит Тҟәарчал. Амгьал чашылак налаԥсаны ирӡуан, еиҳарак абысҭа акәын ирфоз. Абысҭеи асалаҭи еидкыланы исфаӡомызт, аха исфар акәхеит, сабацоз? Аха, Анцәа иџьшьаны, ашықәсан аџьықәреи цәгьамкәа иҟалеит, ақыҭақәа рахь ицон, уантәи иааргон. Аԥара ҵәахны измаз ак аархәон. Нас, ахҵәацәагьы аара иалагеит. Ашьҭахь Тҟәарчал еиҿкаан акомитет. Урҭ ақыҭақәа ирылаланы аџьықәреи еизыргон. Еиҳарак изцәыуадаҩхаз ақыҭақәа ирыдҳәаламыз аурысқәа ракәхеит. Аха, рхәы шаны ирырҭон, аицхырааара ыҟан. Агәыла-азла еибабон, ишьҭибахуан".
Ҳаибашьыроуп, ҳхы раҳҭаӡом
Анзор ишеиҭеиҳәо ала, Тҟәарчал инхоз агырцәеи ақрыҭцәеи раԥхьа ашьшьыҳәа иҟан, акгьы рҳәаӡомызт. Аха ҳаҷкәынцәа ахырӷәӷәарҭақәа рахь ацара ианалага, урҭ рҿаԥхьа ицәырҵит азҵаара - иҳадгыло, мамзаргьы иҳақәлаз рахь иадырцәыло? Нас дара ашьшьыҳәа иқәҵны ицеит. Амла иакызаргьы, ахьҭа иакызаргьы, инхаз зегь аԥсуа политика иадгылеит.
"Тҟәарчал инхоз иаԥсыуамыз амилаҭқәа рахьтә ҳара иҳадгылеит аерманцәа, ауаԥсқәа, аурысқәа. Абџьар шьҭыхны ицаз ыҟоуп, иҭахазгьы ыҟоуп. Вова Коваленко, иаҳҳәап, снаиперс дыҟан, уи доурсын. Бицоев ҳәа ауаԥс ҷкәын деибашьуан. Актәи амш инаркны ианҳаҳаҵәҟьа агәылацәа амҩаду ахь ицәырҵуа иалагеит еилацәажәарц. Иџьоушьаша, аҳәса убас рҳәон "ҳаибашьыроуп, ҳхы раҳҭаӡом" ҳәа. Ирымдыри ақырҭқәа еиқәных ишааз. Абџьар ҳамаӡамызт ҳара, аха ҳгәылацәа аҳәсақәа, сангьы дналаҵаны, ирҳәеит "ҳхы раҳҭаӡом, иаҳаулакгьы ҳаибашьыроуп" ҳәа. Избанзар, ирымдыруази Гыртәылан мхедрионаа иҟарҵахьаз. Ахацәа илакҩакыз ыҟоуп, абџьар ҳамаӡам, ҳандырҵәоит зҳәоз, аха аҳәса "хьаҵшьа ҳамам" рҳәон".
"Кукурузник" аауа иалагеит
Мрагылараҿтәи афронт иадҳәалоу ахҭысқәа дырзааҭгыло, ҳзыҿцәажәахьоу аӡәырҩы реиԥш, Маршьан иаликаауеит декабр 14 1992 шықәса Лаҭа авертолиот анҭахаз.
"Тҟәарчал арациа ала иҳарҳәеит ақырҭқәа авертолиот шкарыжьыз. Даара игәкажьган, ҳәҳәарахеит, ҵәыуарахеит. Издыруаз, исҭынхаз иҭахаз ыҟоуп. Тҟәарчал еизаны иҟаз Очамчыра араион иалҵыз ахҵәацәа убри ала акәымзи Гәдоуҭаҟа ишцоз. Насгьы агәыҳалаларатә цхыраара ааргон, ачашыла уҳәа зда ҳхәарҭамыз ааргон вертолиотла. Ари аҵыхәа ԥҵәеит уи ашьҭахь. Аҳаиртә мҩала аџьаԥҳангьы ҳмоуаз. Ашәарҭара ҟалеит абри ашьҭахь. Иҵегь икарыжьуама ҳәа ахәыцрақәа ыҟан. Ианвармзазы ҳа ҳзы аџьаԥҳаны аазгоз вертолиотк аҵла ахықәцә илықәсын, амца акит, уи Тҟәарчалынтәи иубон. Аҭыԥ арбану сгәалашәом, аха атҟәацбжьы геит. Ақырҭқәагьы иҟалаз рзымдырит, афронт ацәаҳәа иацәыхаран азы. Нас, ишҳаҳаз ала, аԥырыҩцәа еиқәхеит, аха иҭаз аџьаԥҳаны зегь блит. Уигьы ҳгәы канажьит. Убри анкарыжь аџьаԥҳаны азы даара иуашәшәырахеит аҭагылазаашьа. Нас, уахынла "кукурузник" ҳәа изышьҭоу аауа иалагеит", - абас иҟан аҭагылазаашьа Анзор Маршьан иблақәа рыла.
Аибашьра ианалага дук мырҵыкәа ақалақь аҿы алашара дырцәеит, иаангылеит аус зуаз ателехәаԥшра. Аинформациатә блокадагьы ааҟалеит. Аха Тҟәарчалаа рыҷкәынцәа ирхәыцит ажәабжь злараҳашаз. Анзор еиҭеиҳәоит ирыӡбаз:
"Абри Ӷьеџьыр аӡиас аҿы агенератор ҭадыргылеит. Убри агенератор ала афымца неиуан агоспиталь, апочта, администрациа рахь. Атехникцәа ыҟан уи аимадара ашьақәыргылашьа здыруаз. Арадио аиҿкааара администрациаҿы ирхәыцит, избанзар абри аџьаԥҳанеиԥш идефицитхеит аинформациа. Уи аныҟам, ауҳәансҳәани апаникеи ҟалоит. Ажәабжь еиларҩынтны иануаҳалакгьы, угәы канажьуан. Нас, ароль дуӡӡа нанагӡеит Аԥсуа радио. Уахык арадио ҳшаҿыз апочтаҿы асаркьақәа рыбжьы геит дыжә-дыжә ҳәа. Иаҳдыруан Чхәарҭалынтәи ишхысуаз. 16, 17 секунд ракәын иҳамаз аамҭас. Уа аус зуаз аҳәса иаразнак ираҳҳәеит илбаарц ҵаҟа. Убри аҽны ақалақь агәҭаҵәҟьа ақырҭқәа ирылшеит град ала аснариадқәа ралажьра. Мартмзазы акәзар ҟаларын. Аԥсыҭбарақәа ҟалеит".
Умцан џьаргьы удгьыл кажьны…
Анзор Маршьан иахьатәи аветеранцәа рзакәан инақәыршәаны атыл ҳәа изышьҭоу аусзуҩ ҳәа изуҳәар алшоит. Раԥхьа аибашьра ианалагаз рҳабла аҷкәынцәа рҽеидыркылт, Баслахә, Бедиа уҳәа апозициақәа рахь ицо иалагеит, абџьар еимданы. Ус акәзарагьы, иара ихаҭа абас ихы иазиҳәоит.
"Сара абри аинформациа иадҳәалаз уаҩуп сҳәар еиҳа ииашоуп. Апресс-центр аҿы аус зуан, ателехәаԥшраҿы алашара андырцәа - арадио аҿы. Сҩызцәа Торник Амҷба, Геронти Қардаа ателехәаԥшраҿы иҟан, зны абри 1993 шықәса ианвар анҵәамҭазы саннеи, акы аҭыхра иаҿын. Иаразнак агәыбылра шьҭысхит. Акамера еиқәаҵәа-шкәакәа ҳәа изышьҭаз акәын техникас иҟаз. Сара абри аинформациатә ҭыжьымҭа ҳәа адырраҭара ахышә (заставка) ҭыхтәыс исырҭеит. Нас, амикрофон ҳазкы, нас ара уҳацхраа ҳәа адҵақәа сырҭон. Ахырӷәӷәарҭақәа рахь аҭыхра ҳанцо, аԥсышәала азҵаара рызҭо даҳҭахуп рҳәо - абас сжурналистхеит аибашьра аамҭазы".
Анзор ишиҳәо ала, тҟәарчалтәи аблокадатә аамҭазы иҟан игәышьҭыхгаз ахҭысқәагьы. Абар иара иаликаауа.
"Усҟан ателехәаԥшра аныҟаз акәын, сара уа аус суӡомызт уи аамҭазы. Гәдоуҭантәи иааргеит Имам Алимсултанов иашәақәа зныз авидеокассета. "Абхазы, абхазы, вы правы" ҳәа абри абжьы анга, саҟара сыцлеит. 40 танк ҳаузшәа сааҟалеит".
Аибашьра аамҭазы ажурналистра адагьы ицәырҵит Анзор илаз егьырҭ аҟазарақәагьы. Ишигәалашәо ала, 9-тәи акласс аҿы дантәаз инаркны раԥхьатәи аккордқәа идырбеит.
"Витали Гәарамиа, Автандил (Дади) иашьеиҳаб, ашахтанапхгараҿы акомсомол дахагылан. Абри аусбарҭа ҳашкол хылаԥшра азнауан. Убра аккордқәак сирбан, саланагалеит. Ахәмаршьа ԥыҭк сҵан, ашкол аҿы ансамбльгьы еиҿаҳкааит, "ЛИГАТ" ахьӡын (Лерик, Инга, Геронти, Анзор - иалаз ҳахьӡқәа злалагоз). Усҟан еицырдыруаз аестрадатә ашәақәа ҳҳәон. Санстудентха, мелодиакқәак сызцәырцуа салаган, аестрадатә ашәақәа аԥысҵеит. Аибашьра аламҭалазҵҟьа абри аԥсуа поетцәа ражәақәа схы иархәаны абард стиль ала исҳәон. Аибашьра ианалагаз, Кәымф Ломиа иажәеинраала иалхны "Умцан џьаргьы" ҳәа ашәа зҩит. "Умцан џьаргьы удгьыл кажьны, Урыбжьагылазаргьы аԥсра, абзара". Аибашьра алагамҭаз исыҩхьан "Сон ли?" ҳәа урысшәала ашәа. Инасыгӡон уа тҟәарчалтәи апозициақәа рҿы, нас "Скорпион" аибашьцәа ахьтәаз 5-тәи ашкол аҿы", - иҳәоит Анзор.
Иара иҩыза Заур Ԥлиеи иареи ашәала аибашьцәа ргәы шьҭырхуан аибашьра анцоз, дара аибашьцәагьы уи ргәы иаҭахны аҳәара ҟарҵон агитара иарҿиоз амелодиа галарц.
"Аибашьра ашәа аҭахуп, угәы шьҭнахуеит. Угәаҵаҿ иҟоу, узыргәаҭеиуа унарҳәоит", - иҳәоит Анзор, ашәа аҵакы дазхәыцуа.
Аиааира ааигәазтәыз ажәылара
Анзор Маршьан аиааира шааигәахоз агәра дзыргаз жәылараны иаликаауеит Тамшьтәи ииультәи ажәылара. Адесант аныӡхыҵ, уи арратә операциа анымҩаԥыс, ҳаӷацәа рыҭра ианыҭҟьа, тҟәарчалаа ргәыӷрақәа еиҳахеит.
"Аибашьра анцоз ахы инаркынгьы аиаара ҳара ишаҳгоз атәы рҳәон зегьы, аха, абри аоперациа қәҿиарала ианымҩаԥыс, аиааира шааигәахаз ҩашьомызт. Сара аинформациа садҳәаламзи, аҽныҵәҟьа исаҳаит Тамшьтәи ахҭысқәа", - иҳәоит Анзор.
Цәыббрамза 30 аибашьра анхыркәшазтәи амш игәаларшәо Анзор абас иҳәоит:
"Сара арадио амаҵ азызуан азы, иаразнак исаҳауан ажәабжьқәа. Аха аиааира анаҳгоз аламҭалазы ҳгенератор аӡы иҭагылаз блит, убри азы аинформациа ҳзымышьҭӡеит арадио ала. Сентиабр 16 рзы ажәылара ишалагаз иаразнак ақалақь иалаҩит. Аиааира амш Тҟәарчал ҳаԥылеит. Ҳгәырӷьон зегьы, аблокада амхын, аха ацәыӡқәа иҳамаз егьиз уҳәа ихьааҳгозгьы рацәан…".
Аибашьра анеилга, Тҟәарчалтәи ателехәаԥшра абаза арӷәӷәаразы уи аԥара азоуижьҭит Владислав Арӡынба. Уи иабзоураны Тҟәарчалтәи ателехәаԥшра аусура иацнаҵеит.
"Аибашьра анцозгьы акамера скхьан, аха иҭызхуаз еиҳарак Нодар Џьынџьал, Рамин Қаџьаиа, Анатоли Шьониа роуп. Сара еиҳарак исзырҵоз Шьониа иакәын. Аппаратура ҿыц анҳау, адырраҭарақәа рыҟаҵара ҳалагеит. Астудиа бзианы еиҿкаан, акамера бзиа ҳауит. Быжь-шықәса аус ауит уи ашьҭахь ателехәаԥшра. Нас ауаа цо иалагеит уантәи, убри иахҟьаны аусура аангылеит. Адырраҭарақәа мҩаԥызгон аԥсышәала. Мчыбжьык ахь знык ҳҭыҵуан. Аибашьцәа иҭахаз ирызкны адырраҭарақәа ҟаҳҵон. Архив зегь ҳзеиқәмырхаӡеит, избанзар акассетақәа рзымхара ыҟан. Нас маҷ-маҷ аоператоррахь сиасит. Ҳоператор Торник Амҷба акультура ахан еиҳабыс данарҭа, акы анеиҿыркаауаз, убра иара хадара азиуан. Сцаны иҭысхлар акәхеит урҭ ахҭысқәа. 1994 шықәсазы корреспондентс Тҟәарчал ахьӡала Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура салагеит. Иҭыхны арепортажқәа ҳашьҭуан Торники сареи Аҟәаҟа. 2000 шықәсазы аҭаацәара салалеит. Хҩык аҷкәынцәа сымоуп. Аҳәынҭқарратә ҳамҭа сымам, зегь иреиҳау аҳамҭа - Аиааира ауп", - иҳәоит Анзор Маршьан.