Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан ааха зауз хҩык ахәышәтәырҭа иҭарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница
Республиканская больница - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2023
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭа иахьаҵанакуа амашьынақәа ҩба еиҿасит нанҳәа 26-27 руха.
АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Авариа ашьҭахь ахәышәтәырҭа иадҵаалаз ааҩык рахьтә хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, даҽаӡәы - дыбжьаратәуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Асҭана Аҩӡба.

"Ԥсырӡха ақыҭа иахьаҵанакуа иҟалаз амҩатә машәыр ашьҭахь ааҩык ҳара ҳахь иааргеит. Ишьҭаҳҵеит ԥшьҩык, урт рахьтә хҩык аоперациа рзымҩаԥаагеит, уажәы дара аԥсеиқәырхарҭаҿы ишьҭоуп, рҭагылазаашьа уадаҩуп, дара зегьы Аԥсны атәылауаа роуп. Даҽа туристкак лҭагылазаашьа бжьаратәуп", - иҳәеит иара.

Аҩӡба иажәақәа рыла, егьырҭ актәи амедицинатә цхыраара рырҭан, иоурышьҭит.
Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭа иахьаҵанакуа амашьынақәа ҩба еиҿасит нанҳәа 26-27 руха асааҭ 02:49 рзы. "Мерседеси" "Тоиотеи" анеиҿас, жәҩык апассаџьырцәа аахақәа роуит, урҭ рыбжьара иҟоуп атуристцәагьы аҭыԥантәи ауааԥсырагьы.
Машина МЧС РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2023
Аԥсны
Жәҩык ауаа аахақәа роуит Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан
Ажәабжьқәа зегьы
0