Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахьтәы уасцәа": амузыкатә спектакль аԥхьарбара

Анапаҵаҩра
Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" иалху амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы. Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.
Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәаҿ" ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа. Аҩымҭаҿ хадара рыҭаны ицәыргоуп ажәытә ҳабацәа рхаантәи ауаа ӷәӷәақәа, урҭ рҟазшьа џьбара, ргәамч, рфырхаҵара. Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи.
Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа.
Аԥсуа литература аклассикцәа иреиуоу, Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы иазгәеиҭеит 85 шықәса ихыҵра.
Мушьни Лашәриа – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.

Амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы. - Sputnik Аҧсны
1/12

Амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" ала иқәыргылоуп аспектакль.

Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" ала иқәыргылоуп аспектакль. - Sputnik Аҧсны
2/12

Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" ала иқәыргылоуп аспектакль.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Мушьни Лашәриа ирҿиараҿы ари раԥхьатәи ҩымҭоуп ари ажанр.

Мушьни Лашәриа ирҿиараҿы ари раԥхьатәи ҩымҭоуп ари ажанр. - Sputnik Аҧсны
3/12

Мушьни Лашәриа ирҿиараҿы ари раԥхьатәи ҩымҭоуп ари ажанр.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль аԥхьарбара Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкын.

Аспектакль аԥхьарбара Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкын. - Sputnik Аҧсны
4/12

Аспектакль аԥхьарбара Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкын.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәаҿ" ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа.

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәаҿ" ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа.  - Sputnik Аҧсны
5/12

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәаҿ" ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи.

Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи. - Sputnik Аҧсны
6/12

Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.

Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа. - Sputnik Аҧсны
7/12

Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Арежиссиор лажәақәа рыла, аҭоурых рызнагара лыгәҭакын.

Арежиссиор лажәақәа рыла, аҭоурых рызнагара лыгәҭакын. - Sputnik Аҧсны
8/12

Арежиссиор лажәақәа рыла, аҭоурых рызнагара лыгәҭакын.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Лхықәкы- акультуратә код аарԥшреи уи ахәаԥшцәа рҟынӡа анагареи ауп.

Лхықәкы- акультуратә код аарԥшреи уи ахәаԥшцәа рҟынӡа анагареи ауп. - Sputnik Аҧсны
9/12

Лхықәкы- акультуратә код аарԥшреи уи ахәаԥшцәа рҟынӡа анагареи ауп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа.

Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа. - Sputnik Аҧсны
10/12

Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Зынӡа аспектакль иалахәын 50-ҩык.

Зынӡа аспектакль иалахәын 50-ҩык. - Sputnik Аҧсны
11/12

Зынӡа аспектакль иалахәын 50-ҩык.

© Sputnik / Томас Тхайцук

"Ахьтәы уасцәа" дырбахоит цәыббра 6, 7 рзы.

"Ахьтәы уасцәа" дырбахоит цәыббра 6, 7 рзы. - Sputnik Аҧсны
12/12

"Ахьтәы уасцәа" дырбахоит цәыббра 6, 7 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0