Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сыҟоуп ҳәа ишәыԥхьаӡа": Гәымсҭа иаанахәаз аибашьҩы Алхас Гәлариа изкны

© Foto / из архива семьи ГулариаАлхас Гәлариа
Алхас Гәлариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2023
Анапаҵаҩра
Ицәажәондаз Гәымсҭа аӡиас, шаҟа маӡа ҳзаанартуазеи, иахьанӡа идырым шаҟа лахьынҵа цәырнагозеи… Гәымсҭа алеишәа џьбара иԥнашәеит шәҩыла ҳаибашьцәа, уи иазымиааиз жәаҩыла рыԥсы агеит. Иахьатәи санҵамҭа изкуп Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан иманшәаламхаз, ԥхынгәытәи ажәылараан шьҭахьҟа ихьаҵны, Цугуровкантәи илбааны Гәымсҭа аӡиас ируаз аибашьцәа иреиуаз, абиԥазаҵә, 20 шықәса зхыҵуаз Бзыԥаа рҵеи Алхас Митиа-иԥа Гәлариа.
Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ аҿы қәҿиарала аҵара зҵоз, ареспубликатә ԥхьаҩцәа реицлабра аҿы "Убжьы Аԥсны иагымхааит" ҳәа зныз аҳаҭыртә шәҟәқәаа ирыԥсахоз, ахатәы бызшәеи алитературеи рнаҩс егьырҭ амаҭәарқәагьы зықәҿиоз ҵаҩын Алхас Гәлариа. Арԥыс ашкол даналга, дҭалоит Ҟабарда-Балкариатәи ааглыхра-уаажәларратә ргыларатә университет. Аҩбатәи акурс хыркәшаны, Бзыԥҭатәи аихабетонтә зауад аҟны апрактика иахысуаз астудент Алхас Гәлариа, нанҳәа 23 рзы иҵарахь дцараны дыҟан. Аха мчыбжьык аԥхьа иалагаз Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра гәҩарас измаз аҷкәын, шаҟа Аԥсны далҵны дымцарыз, аӷацәа иԥсадгьыл рнапахьы иааргарц шыргәиҭоу дырны.
"Аибашьра иалагеит ҳәа ажәабжь хьанҭа анааҳалҩҩы, иаразнак ақыҭсовет аҟны ауаа аизара иалагеит. Абџьар шыҟамызгьы, махәҿыла аӷа ҳаиҿагылоит ҳәа агәаӷь аарԥшны рҽеизыргеит хаҵеи ԥҳәыси. Аԥсуа школ аҟны ишьақәгылеит аштаб. Уи аибашьцәа хыҵакырҭас ирзыҟалеит. Дара риара, рыфатә, рыжәтә еиқәыршәатәын аҟнытә, ашкол арҵаҩцәеи, иара убас хатәгәаԥхарала ацхыраара аазырԥшырц зҭаххаз аҳәса ҟалеит. Саргьы аҩны сзымтәеит", - еиҭалҳәоит зыӡбахә шәсырдыруа сфырхаҵа иан Наҭелла Ладариаԥҳа.
© Foto / из архива семьи ГулариаАлхас Гәлариа иан-Наҭелла Ладариаԥҳа.
Наҭелла Ладариап,ҳа, Алхас Гәлариа иан - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Алхас Гәлариа иан-Наҭелла Ладариаԥҳа.
Алхас Гәлариа иаб аашәарыцга шәақь заҵәык иман. Аби аԥеи аимакра иалагазаап изманы еибашьра ицо ҳәа. "Уара ухәыҷуп, уара уҭаҳмадоуп" ҳәа ишеицлабуаз, ашьыжь Алхас ашәақь иманы маӡала аибашьцәа ахьтәаз дрызцоит. Ахацәа ахәыҷы ихымҩаԥгашьа аџьшьара шарҭазгьы, ируазма аб дшыҟоу иԥазаҵә ашәарҭара иҭаргылара. Хымԥада иабџьар имхны аҩныҟа даарышьҭуеит.
"Алхас ихы иқәыжьны аҩны дааит, аиҳабацәа аибашьра ишьҭра мап ахьацәырказ азы. Аха уеизгьы даангылозма. Гагра араион ахы иақәиҭыртәаанӡа, напылаҟаҵаратәи арҭҟәацгақәа еибызҭоз аҷкәынцәа дрыцлеит", - лҳәоит ан.
Гагра араион аӷа даналцаха, Алхас иаб Митиа Гәлариеи ианшьа Алик Ладариеи дрыцны Гәымсҭатәи афронт ахь дцеит. Аамҭак азы деибашьуан Валикәа Багаҭелиа икомандаҟаҵарала, ашьҭахь диасуеит Фата Дбар игәыԥ ахь.
Сафер Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Аԥсны
"Иара иеиԥшу дыҟаӡам": аибашьра иалаӡыз Сафер Бганба изкны
1993 шықәсазы, ԥхынгәытәи ажәылараан, шәхьаҵроуп ҳәа адҵа аныҟала, Алхас аҷкәынцәа дрыцны Цугуровкантәи Гәымсҭа ахықәахь дылбааит, аха макьана шәырыр ҟалаӡом ҳәа рарҳәеит. Ауха, асааҭ хԥа рзы, ақырҭцәа аԥсуа еибашьцәа ахьтәаз ирылахысуа ианалага, аӡиас имырыр ада ԥсыхәа ҟамлеит.
"Алхас иҟәнын, ивыршьааз Бзыԥҭатәи иҩыза Даур Барцыц иабџьаргьы, уимоу Даур илсыз ахы Алхасгьы ицәхасзаап. Ажәакала иҩыза иабџьари, иара иавтомати, иџьаԥҳани дызрыҵаз, арахь имаз ахьаа чҳауа, ашаха кны Гәымсҭа дшыруаз, иӷьаҩны иаауаз аӡиас имчқәа аган, ашаха импыҵнажәеит. Алхас иеиԥш гәыԥҩык аҷкәынцәа аӡы иаманы ицеит, аха хҩык рыда егьырҭ аҟәара иқәнажьит. Ԥхынгәы 10 ауха, Алхас Гәымсҭа длалахәаша дцеит. Иҩыза Гәырам Ростобаиа-Амҷбагьы дагеит, аха аамҭак ашьҭахь ибаҩ рбеит, дрыԥшааит убас Мықәба ҷкәынакгьы", - илцәыуадаҩу агәалашәарақәа дырзыхынҳәуеит ан.
Гәымсҭатәи афронт аԥсуа ган аҟны атыл аиқәаршәҩыс иҟаз Митиа Гәлариа, адырра иоухьан Алхас иҩызцәеи иареи хьаҵит, аӡы ирраны иҟоуп ҳәа. Аб рыцҳа, аҷкәынцәа амлеи ахьҭеи иакит игәахәын, амца еиқәҵаны ачаи иршит, ирмазеит ахшрыжәпа (сгущенка).
Гиви Аиба иҩызцәа-аибашьцәа рыбжьара - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2023
Аԥсны
"Аԥсҭазаара агьама изымбеит": аибашьҩы Гиви Аиба изкны
"Сыԥшәма деиқәҵәашо, уажәы-уажәы аамҭа абанеихьоу ҳәа дҵаауа иҷкәын дизыԥшын. Ус еилагылаз ахацәа ҟәынд-ҟәындуа акы ишалацәажәоз иаҳаит. Ахацәа иреиҳабыз Дикран Цкәуа даарылҵын, "иаҳҳәо акагь ыҟам, Алхас аӡы даҳцәагеит" ҳәа иаиҳәеит" - рԥа дшырцәыӡыз еиҭалҳәоит агәырҩа иамҽхаку Наҭелла Ладариаԥҳа.
Митиа Гәлариа Аҟәа ахақәиҭтәраан ахәра иоуит. Уи акыр даргәаҟит, аоперациақәа ааба ихигеит. 1994 шықәса жәабранмзазы, Митиа ахәтәшәырҭа аҟнытә данылырҩаа Гәлариаа рҭаацәараҟны Алхас имаҭәа кҿаҵаны аҵәыуара мҩаԥыргеит.
"Алхас рыцҳа имаҭәа икҿаҳҵозгьы цәгьала еидаҳкылеит. Иара зегьы Аҟәантәи иааз иҩызцәа рыбжьара иишахьан. Аҵәыуара мҩаԥаагеит, аха снапы ахьықәысшьшаз инышәынҭра ҟамлеит. Сыԥшәма ихәрақәа ирхырҟьаны 2007 шықәсазы идунеи аниԥсах, ибаҟа иаваҳаргылеит "Сыҟоуп ҳәа ишәԥхьаӡа" ҳәа аҩыра анҵаны, Алхас ифотосахьа зҭасоу абаҟа. Убри ауп иахьанӡа сыздыԥшыло. Ус сҳәаргьы, ԥыҭҩык анацәа среиӷьуп, уаҩ дзызнымхаз срызхәыцны, анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит аԥҳацәа ахьсымоу", - длаӷырӡышуа изыниаз арыцҳара далацәажәоит ан.
Алхас данҭаха ашьҭахь ианаршьеит Леон иорден, аб Митиа "Агәымшәаразы" амедал.
Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны еиҿкааз арратә штаб амаҵ азызуаз аҳәса, аҿаҭахьа рықәырҵахьан, Аԥсны аӷа далцахар, шьапыла Ԥсоунӡа ҳнаӡаны адгьыл ҳагәӡуеит ҳәа. Аха рыбжьара зԥацәа ҭахаз аныҟала, анацәа раҳаҭыр баны акыр шықәса ирзыгәаӷьуамызт уи алацәажәара. 2002 шықәазы, Гагра араион ахақәиҭтәра 10 шықәса анахыҵуаз, аштаб амаҵуцәа, Алхас иан Наҭелла Ладариаԥҳа аԥхьа днаргыланы ирықәырхеит рҿаҭахьа. Уи алагьы иԥшьаз ражәа нарыгӡеит.
Есма Саманджиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Аԥсны
Аԥсра иазцоз: Есма Саманџьиа еиҭалҳәеит лаб Иури иҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0