Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ихьӡала медалк ҳнапы иакызҭгьы": аибашьҩы Игорь Жьиба иҭоурых

© Foto / предоставила Саида ЖибаИгорь Жьиба
Игорь Жьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2023
Анапаҵаҩра
Аиааирахь агәазыҳәара, аҭаацәа рызхәыцра, аԥсҭазаара абзиабара – абарҭ ацәаныррақәа ирыбзоураны Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан Цугуровка амина иахаԥжәаз, хымш зшьапы хжәаны асы илаиаз, аконтузиа змаз 22 шықәса зхыҵуаз абиԥазаҵә Игорь Анатоли-иԥа Жьиба иԥсы еиқәхеит. Иара зыҽзмырҽеиз ихәрақәа ирхырҟьаны 2017 шықәсазы идунеи иԥсахит, аха иҭынхеит хҩык аԥҳацәа. Аиҳабы Милана Жьиԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит лаб иҭоурых.
Игорь иаб Анатоли Жьибеи иан Нонна Камлиаԥҳаи иара ида хшара дрымамызт аҟнытә, ихӡыӡаауа драаӡеит. Арԥыс Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №4 даналга, иҭаацәа дрышьҭуеит Урыстәылаҟа. Уа дҭалоит Ленинградтәи аимадаратә институт. Ҩышықәса рышьҭахь аррамаҵурахьы иԥхьоит Москваҟа. Ус иҵара дазыхынҳәаанӡа иалагоит аибашьра, иԥсадгьыл ашәарҭара иҭагылоит. Игорь шьхала Аԥсныҟа даауеит.
© Foto / предоставила Саида ЖибаИгорь Жьиба
Игорь Жьиба - Sputnik Аҧсны
1/3
Игорь Жьиба
© Foto / предоставила Саида ЖибаИгорь Жьиба
Игорь Жьиба - Sputnik Аҧсны
2/3
Игорь Жьиба
© Foto / предоставила Саида ЖибаИгорь Жьиба
Игорь Жьиба - Sputnik Аҧсны
3/3
Игорь Жьиба
1/3
Игорь Жьиба
2/3
Игорь Жьиба
3/3
Игорь Жьиба
"Сара саб иеибашьратә ҭоурых сандуи сабдуи рҟнытә ауп ишыздыруа, избанзар иара алацәажәара бзиа ибаӡомызт. Дара изласзеиҭарҳәаз ала, саб Аԥсныҟа данааа, усҟан Мысра инхон, иҩызцәа зегьы рҽеибаркны Гәдоуҭаҟа ицахьан, уаҟа агәыԥқәа еидыркылон. Саб напылаҟаҵаратәи арҭҟәацгақәа ҟазҵоз дреиуахеит. Анаҩс иҽалаирхәит Гагра араион ахақәиҭтәра. Уи ашьҭахь Гәымсҭатәи афронт аҟны иациҵоит иеибашьратә мҩа", - еиҭалҳәоит аԥҳа Милана Жьиԥҳа.
Жәабранмза анҵәамҭазы 1993 шықәсазы, Сергеи Захаров командаҟаҵаҩыс дызмаз, быжьҩык аруаа рыла ишьақәгылаз аԥшыхәратә гәыԥ Цугуровка азааигәара аӷа иеибашьыгатә техника аԥыххааразы ирымаз адҵа анагӡара иалагеит. Хәажәкыра ԥшьба рзы, рус хыркәшаны ишааиуаз, аминатә дәы иқәнагалеит. Игорь аԥхьа дгылан. Уи ашықәсан акы иеиԥшымкәа илеиз асы макьана ашьҭыҵра агәы иҭамызт. Ажәакала, Игорь ишьапқәа рыҵаҟа изгәамҭаз амина анҭҟәац, аа-метрак аҩада дхаланаҵан иарӷьа шьапы ҿнажәеит. Арԥыс дахьышьҭаз иҩызцәа зымнеиӡеит, аӷацәа ргәырҽанӡамкәа ирылахысуа иалагеит. Хымш рышьҭахь ауп Игорь данылбаарга.
"Саб хымш дшьабо, ахьаақәа чҳауа диан. Ишәыз имаҭәа хаԥыцла иԥжәаны аҿаҳәагақәа ҟаҵаны ихәра иакәиршон. Имцашоура ҳаракын азы, асы дахьылаиаз ахьшәашәара зынӡа даргәаҭеиуан. Ашьҭахь, ахысбыжьқәа анеиқәтәа, иҩызцәа ишьҭаланы инеин, ԥшьаала ҵаҟа дылбааргеит. Иара имчқәа цахьан, аха ихшыҩ аҭыԥ аҟны иҟан. Ус дрыманы Гәымсҭа аӡиас ируеит ҳәа ианалага, аӷацәа ахысра хдыртит. Саб иаанхаз иарма шьапы ӷәӷәала ахқәа ақәшәеит. Анаҩс ихырҵәар акәхеит", - ахҭыс еиҭалҳәоит аԥҳа.
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2023
Агәымшәара ушьа ианалоу: Ахра Кьехьыриԥа иеибашьратә мҩа иазкны
Игорь Афонҿыцтәи агоспиталь аҿы дԥырҟеит. Иарма шьапгьы хырымҵәар ада ԥсыхәа ҟамлеит. Рԥа ахәра иманы агоспиталь аҿы дшышьҭоу адырра анроу, Анатолии Ноннеи уахь инеит, аха апалата аҩналара рзыгәаӷьуамызт. Еснагь изыхӡыӡаауаз рыҷкәын заҵә дхымхәаны дахьыҟалаз ргәы кылнаҵәон, аха зԥацәа анышә иамаздоз анацәа ианрыхәаԥшуаз, еилыркаауан шаҟа насыԥ рымаз иԥсы ҭаны дахьынхаз.
"Санду исзеиҭалҳәеит, саб апалатаҟны дахьышьҭаз амедиаҳәшьа дышлыҳәаз ишьапқәа шамамыз иан илымбарц азы ахчы иҵалҵарц. Аха уи аамҭазы аиаша здырхьаз санду лцәаныррақәа дыриааит. Алаӷырӡ камҭәақәа лыҽлырӷәӷәеит", - лажәа иацылҵоит Милана.
Гиви Аиба иҩызцәа-аибашьцәа рыбжьара - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2023
Аԥсны
"Аԥсҭазаара агьама изымбеит": аибашьҩы Гиви Аиба изкны
Игорь Афон ҿыцынтәи Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дрышьҭит. Уаҟа занааҭла имедиаҳәшьаз иан имаҵ луа далагеит, лԥа инаҩсгьы илылшоз ала дрывагылеит егьырҭ ахәцәагьы. Ҽнак, Игорь иан лгәы шылнархьуаз идыруан, аха длазҵааит ишьапқәа абаргеи ҳәа, "уабду инышәынҭра авара иаҳжит" ҳәа иалҳәеит Нонна. Убасҟан лхаҿгьы ицәырҵит асанитар лԥа ишьапқәа шылиркыз. Шықәсы рацәа рышьҭахь, лмаҭацәа ирзеиҭалҳәоит шаҟа илцәыхьанҭахаз ихҵәоу лԥазаҵә ишьапқәа арылакьысра. Уи аҽны лара лыԥсгьы лылышәшәаны дкаҳаит, данҿыха лызлак иамбо иҟалеит.
Игорь игәабзиара ашьақәыргыларазы Шәачаҟа дрышьҭуеит. Уаҟа инхоз иашьцәа-ижәлантәқәа иреиуаз Сулико Жьиба ибзоурала раԥхьатәи апротезқәа изыҟарҵоит. Игорь апротезқәа данрықәгыла, ԥшьаала аԥсҭазаара дазыхынҳәуа далагеит, аха аамҭа-аамҭала ихьаақәа анцәырҵуаз ареабилитациа дахысуан. Аибашьра ашьҭахь Игорь Жьиба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аиуристтә факультет дҭалоит, аха аҵарахьы ацара-аара ицәыуадаҩхеит аҟнытә инижьыр акәхоит.
© Foto / предоставила Саида ЖибаИгорь Жьиба
Игорь Жьиба - Sputnik Аҧсны
1/3
Игорь Жьиба
© Foto / предоставила Саида ЖибаИгорь Жьиба
Игорь Жьиба - Sputnik Аҧсны
2/3
Игорь Жьиба
© Foto / предоставила Саида ЖибаИгорь Жьиба
Игорь Жьиба - Sputnik Аҧсны
3/3
Игорь Жьиба
1/3
Игорь Жьиба
2/3
Игорь Жьиба
3/3
Игорь Жьиба
1999 шықәсазы, Игорь динасыԥхоит Шәача ихәшәтәраан машәыршәа дзабадыраз аурыс ԥҳәызба Мариа. Дара ирхылҵуеит хҩык аԥҳацәа. Анатолии Ноннеи ргәырӷьара ҳәаа амамызт, рԥазаҵә аҭаацәара даналала. Аамҭақәа шыхьанҭазгьы ачара ду изыруит.
Игорь дзыҿхагахоз иԥҳацәа изхара изымбеит. Ихәрақәа ирхырҟьаны 2017 шықәсазы 46 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵуеит. Зԥазаҵә иԥсра зызхымгаз ани аби хара изымнеит, шықәсык иалагӡаны рыдунеи рыԥсахуеит. Абас рлахьынҵа еиқәаҵәахеит еихӡыӡаауа адәы иқәыз аҭаацәа. Ак заҵәык ари аҭагылазаашьаҿы угәы ҿазҳәо - Игорь иҭынхаз ахшара ахьыҟоу ауп.
Аҵыхәтәаны исымҳәарц залшом, Игорь иԥҳацәа ргәы ишалоу, аибашьра ибжанатәыз раб илшамҭақәа ахьалкаам.
"Иара дыҟамзаргьы, ҳара ҳзы иаҵанакуа рацәахон, ихьӡала медалк ҳнапы иакызҭгьы", - рҳәеит, рылаӷырӡқәа ҵәахуа.
Игорь ицызҳаз иҩыза гәакьа, аибашьра аветеран Ахра Кьехьыриԥа иакәзар, аиҩызцәа зегь рыхьӡала иахәҭоу амаҵзурақәа рахь аҳәара ҟаиҵоит Гагра Игорь Жьиба дахьынхоз игәашә аҿы абраҟа инхоз аибашьҩы дзакәыз арбаны аҭӡы кыдзарц…
© Foto / предоставила Саида ЖибаИгорь Жьиба
Игорь Жьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2023
Игорь Жьиба
Ажәабжьқәа зегьы
0