Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа баџьда агаз Аԥсныҟа аагара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа баџьда агаз Аԥсныҟа аагара иазкны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра Аҳәынҭдумахь инанашьҭит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара атауарқәа рыла ахәҳаахәҭразы аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы аԥкаанҵа, уи баџьда апропан Аԥсныҟа аагара алнаршоит. Аамҭалатәи аԥкаанҵа жәамш рыҩнуҵҟа ахархәара арҭоит, амчра аиуоит иахәҭоу аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи ауснагӡатәқәа шынарыгӡаз азы адырра аныҟалак ашьҭахь. Ари аӡбамҭа анрыдкылаха, иахьынӡафеидахо, иахьа иҟоу ахәԥсақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә еилахәыра “Аԥсныбылтәы” аиҳабы Рамаз Џьопуа.
"Иахьа агаз пропан-бутан ҳәа иҟоу абаллонқәа рыла шықәсык 2 нызқь тонна, уи инацынгьы ҳхы иаҳархәоит Аԥсны. Афымцамч ахә иаҳа иахьмаҷу иахҟьаны иаҳа уахь ҳҽадаҳкылон, аха 2 нызқь тонна рҟынӡагьы агаз рхы иадырхәоит. Ҳәарада, аԥсабаратә газ ахь аиасра бзиоуп, уи ахә иаҳа еиӷьуп. Егьыс адунеи аҟны ицо ахҭысқәа ҳрылахәданы ҳзыҟалом. Урыстәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳԥырхагахоит, избанзар агаз, абылтәы ҳара Аԥсны иҳамаӡам. Дара ирҳәо ахә ала ауп ишааҳго. Акызаҵәык иҳалшо Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә (НДС) ҳәа иҟоу аиҳабыра ирзагырхар, убра ф-мааҭк иагхоит", - иҳәеит Џьопуа.
Иара иазгәеиҭеит мышқәак раԥхьа агаз тоннак 39 нызқьмааҭ ҳәа иаархәозҭгьы, иахьазы уи 45 нызқь мааҭ ахшәаатәхеит ҳәа.
"Есымчыбжьа Урыстәыла ахә ацлара иаҿуп. Уахь иацлеит ҳәа ара ишьҭаҳхӡом, избанзар агаз абаллон 11 кьыла иҟоу азна узырҭәӡом, ишәарҭоуп урҭ рҭагылазаашьа злаҟоу ала, 10 - 10, 5 еиҵаӡам. Убри 1000 мааҭ иаԥсоуп. Ҳәарада, аԥсабаратә газ ҟалар, уи ахә хынтә-хәынтә еиҵахоит. Насгьы алшара ыҟоуп уи аԥсабаратә газ араанӡа иааир, абаллон иҭартәо агаз пропан алхра", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0