Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Мызкы амацәаз ҳҭакын": аибашьраан Гагра иалаханы иҟаз Заур Хәупориа игәалашәарақәа

© Foto / Саида ЖибаЗаур Хупориа
Заур Хупориа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, Гагра араион аӷа хәымга инапахьы ианааига, амацәаз иҭаркыз аԥсуа ҭаацәарақәа рацәахеит. Абыргцәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи, адырцәа маӡала иаларго иалагеит. Ахацәа ракәзар, Ԥсоу аҳәаа иахыҵны, анаҩс Гәдоуҭаҟа игьежьыз ҟалеит, аха абарҭқәа зегьы аамҭа аҭаххеит. Аҭынч ԥсҭазаараан ақырҭцәа ҩызас измаз рылоуп уигьы шалҵыз. Иахьатәи сажәабжь аҟны, Гагра иалаханы иҟаз Заур Хәупориа еиҭеиҳәоит аӷацәа аҟазаареи аҟамзаареи дҭаргыланы дышрымаз атәы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аԥхьа, Заур Хәупориа аус иуан Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҟны, акатер ныҟәцаҩс. Убраҟа иара диабадырит есышықәса зыԥсшьарамшқәа зхызгоз еицырдыруаз абла ҳақьым Свиатослав Фиодоров. Аурыс хаҵа цәалашәарак имазшәа, аҵыхәтәантәи Заури иареи реиԥылараан иаиҳәеит, "абарҭ ақырҭцәа еибашьрала ишәықәларц рҭахушәа сгәы иабоит, шәара шәмаҷуп, даара шәрыцҳасшьоит" ҳәа, ус ак ҟалозар, иҭаацәа иманы иара иахь днеирц ааԥхьара ииҭеит. Заур Хәыпориа 1967 шықәса раахыс амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" далан, иполитикатә интересқәа ицеиҩызшоз "Аидгылара" анапхгаҩцәеи активистцәеи Борис Кьехьыриԥа, Ҳараз Чамагәуа, Вова Бениа, Жора Чагәаа, Виктор Барцыц, Лиуфа Ԥсардиа, Лиониа Чыкәбар уҳәа реиԥш иҟаз ирдыруан ақырҭцәа аԥсуаа рзы ргәы иҭаз ацәгьахәыцрақәа ртәы, аха абас иаалырҟьаны ҳнырҵәара рҽазыршәоит ҳәа иҟамызт. Нанҳәа 14 аҽны, "Аидгылара" ахаҭарнакцәа иахьреизарҭа ҭыԥыз Гагратәи аԥсуа школ аҿы ишеилатәаз ауп ажәабжь хлымӡаах шраҳаз.
Сафер Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Аԥсны
"Иара иеиԥшу дыҟаӡам": аибашьра иалаӡыз Сафер Бганба изкны
"Ақырҭцәа бџьарла еиқәных абаржала Гагра ахырхарҭахь иаауеит ҳәа адырра ҟалеит. Сара схы здыруеижьҭеи ашәарацара бзиа избоит азы абџьар аҩны иҵәахны исыман. Аӷацәа ҳарԥыларазы Цандрыԥшь ахырхарҭахь ҳцеит, аха дара еиқәных иҳажәлеит, иҳалахысуа иалагеит авертолиот алагьы. Спатронақәа анынҵәа, егьырҭ ахацәа реиԥш саргьы сшьамхы сҽасыргеит. Анаҩс Гагра ахадара ахыбраҟны ҳаизахт. Нас Лиосик Сабуеи сареи, ақалақь ажәытә хәҭаҟны аблокқәа еиқәҵаны амҩа хада аҳаркырц ҳаӡбеит. Бзыԥҭа, Гыцба ҷкәынак ихьӡ сгәалашәом, ашьҭыхга машьына иман, убри ҳхы иаҳархәарц азы ҳизцан, ус ҳаиманы ҳшааиуаз Ԥсахара ақыҭан аиҿахысрақәа ҳрықәшәеит. Убра Жьиаа ҩыџьа аҷкәынцәа ҭадырхеит. Руаӡәы иԥсы шихыҵхьазгьы, машьынала цас иӷрысит. Дрыԥҟеит иҳацыз Едик Ԥсардиа, амашьына змаҳхыз Гыцбагьы дылбааганы аума изаарцеит. Ашьҭахь иԥыржәаз ацҳа аҵаҟала қырҭшәала издырқәоз неилаҵаны, "шәнаскьа" сҳәан, дара срыцкару џьышьа соурыжьит. Изгақәаз аԥсуа ҷкәынцәагьы ыҟан", - игәалашәоит аибашьра аветеран Заур Хәупориа.
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, Заур Хәупориа иашҭаҟнытә ибон, иаԥхьа иҟаз аԥсшьарҭа ҩны "Тбилиси" (иахьа Нарҭ ҳәа иҟоу) иатәыз агарж аӷацәа шадеизалоз, уаҟа иҵәахны ирыман аибашьыгатә техника. Аиҳарак ақәыџьмақәа реиԥш еилагьежьуаз "мхедрионаа" ракәын. Урҭ ирҿыҵашәоз иԥсы ҭаны дызцар, насыԥ зманы анцәа иишаз ҳәа дыԥхьаӡан. Заур иҭаацәа рзы игәы ҭынчӡамызт. Ҩыџьа имаҭацәа зынӡа ихәыҷӡан. Нас аус ицызуаз ақырҭуа ԥҳәыс лыԥшәма анефттә база дшеиҳабыз игәалашәеит, иара ақырҭцәа рыбжьара ҳаҭыр иман, иажәа иацныҟәон азы, Заур ихы иаҭәеишьеит иҭаацәара ралгараҿы дицхраарц азы диҳәарц. Аиашазы, уи ақырҭуа хаҵа анцәа иаԥхьа ихы ҿихеит, Заур иҭаацәа Урыстәылаҟа иигеит.
Есма Саманджиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Аԥсны
Аԥсра иазцоз: Есма Саманџьиа еиҭалҳәеит лаб Иури иҭоурых
"Иуадаҩын уи ақырҭуа хаҵа игәра гара, аха уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт, сыла шааԥшоз исцәыршьыр ҳәа сшәон. Ԥсоу аҳәаа ианахыс, иара иԥшәмаԥҳәыс лахь адырра ҟаиҵеит "зегь бзиоуп, Заур игәы ҭынчзааит" ҳәа. Ашьҭахь, аҩны, сымаҳә Вахо Дбари, сҭынха гәакьа Лиова Ӷәазааи, сгәыла Заур Сергьегьиеи, сареи ҳаздәылымҵо ҳаҩнахеит. Сара ашьхаҭыԥқәа кәацԥхьаӡа схатәы ҩны еиԥш издыруан, иалшон шьхала Бзыԥҭаҟа ҳалбааргьы, аха сымаҳә ишьапы ихьуан, алаба данын аҟнытә ҳзымцеит. Акрымфа-акрымжәа, иара иагьҳгәалашәомызт аха, ҳаҽԥхьакны, ианалшоз ҳкылԥшуа ҳтәан", - еиҭеиҳәоит Заур Хәупориа.
Ус ишыҟаз, быжьҩык амилициа аусзуҩцәа Заур иашҭа иҭалеит. Урҭ рахьтә ҩыџьа Гагратәиқәан, Заур ибзианы идыруан, руаӡәы ацәгьа зҳәаз ҳәа ирыцыз деирманын, аҩбатәи изныкымкәа Заур ичеиџьыка зфахьаз қырҭуа хаҵан, егьырҭ Қарҭынтәи иааны иҟан.
"Ани ақырҭуа хаҵа, изныкымкәа аҩны исзааихьаз, "шәиҟәаҵ наҟ, ари ҳара даҳтәуп" ҳәа ижьаны идәылганы игеит. Хә-минуҭк ҵаанӡа, амала уи аамҭазы аҽыҵәахра ҳахьӡеит "мхедрионаа" ашҭа иҭалеит. Ҳахькылԥшуаз иаҳбарҭан анаркотик рылаҽны ишыҟаз, акәымзар ас ахымҩаԥгашьа зыҟаломызт. Ажәакала "мхедрионаа" рыла иабоз зегьы адәылгара иалагеит, ачанахқәацәҟьа рыманы ицеит. Уи шџьаҳшьоз сышәараца ла ашаха хаҵаны иргеит. Амшын аҟәараҿы абаржа гылан, ирӷьычуаз зегьы уи иақәырҵон", - иҳәоит Заур Хәупориа.
Гиви Аиба иҩызцәа-аибашьцәа рыбжьара - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2023
Аԥсны
"Аԥсҭазаара агьама изымбеит": аибашьҩы Гиви Аиба изкны
Аамҭак ашьҭахь, Заур ҩызас имаз, изныкымкәа шәарацара иццахьаз ашәуа Гиви Самсиани аҩны дааин, "Ԥсоу сахьыҟаз, Заур Хәупориа иԥсы ҭаны ҳнапаҿы дааҳгароуп ҳәа ацәажәарақәа саҳаит. Иахьа узымгар, нас сызуцхрааӡом" ҳәа аҽгәанҵара ииҭеит.
"Гиви асааҭ ҩба рзы сааиуеит аниҳәа, игәра згеит, Лиова Гәазаа иҩызцәақәак Гагра далыргахьан, аха Вахо, Заур, сара ҳицны ҳцеит. Ԥсоу ҳаннеи, ҳазҭатәаз амашьынаҟнытә адәахьы игылаз аӡәы сидырит. Гиви ицыз, ҳамҩаԥызгоз даҽа хаҵаки, сыздырызи аимак-аиҿак рыбжьалеит, "мап уҩашьеит" ҳәа Гиви иареи иқәымчуа иалагеит. Ирулакгьы Ԥсоу ҳаиаргеит", - ажәабжь иациҵоит Заур.
Заур Хәупориеи, имаҳәи, Заур Сергьегьиеи аҳәаа ианахыс иаразнак ааигәа иҟаз абаӷәазахь рҿынархеит. Уантәи жәа-тоннак ачашыла зқәыз, иара уигьы дара роуп иақәызҵаз, Гәдоуҭаҟа иаауаз абаржа иақәтәеит.

"Гәдоуҭа ҳаналбаа хәлахьан. Устәи ҳҽааизганы Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҿы еиҿкааз аштаб ахь ҳааит. Уажәшьҭа арантәи мышқәак рышьҭахь, Гагра араион ахақәиҭтәра ҳҽалаҳархәит. Амала агәыԥқәа зегьы еихшаны асиақәа шьақәдыргылахьан аҟнытә, ҳара акагьы ҳанымкәа ҳзықәшәаз ҳрыцны ҳцеит. Исгәалашәоит, усҟан, сымаҳә иашьа Фата Дбари сареи ҳлафны аимак шҳабжьаҳҵаз, раԥхьа сыҩны инеиуа ҳәа. Гагра ажәытә хәҭанӡа аӷа даналцаха, схалеит сынхарҭахь. Ашә аасыртызар, аишәаҟны иқәгылан иҭацәыз ашампан ҩны зҭаз аԥаҭлыка, уи иавагылан ихыртымыз, ҳара ҳзы. Абасала Фата даиааит уи ҳаимак. Ианысгәалашәо сгәы ԥшаауеит", - иҳәоит аибашьра аветеран.

Заур Хәупориа иҩызцәеи иареи Ԥсоунӡа инаӡеит, иара уаҟа иаԥылеит раԥхьатәи аиааира.
Гагра араион ахы ианақәиҭха, Заур Хәупориа Гагратәи амилициа аҟәшаҿы Лиониа Барцыци, Шутик Гәбази хатәгәаԥхарала дрыцхыраауан. Ус ишыҟаз, афронт ахь ицеит амилициа аусзуҩцәа рыла ишьақәгылаз 1-тәи арота, анаҩс 36-ҩык рыла ишьақәгылеит Заур Хәупориагьы дызлаз Лиониа Барцыц командаҟаҵаҩс дызмаз, Џьумка Чрыгба ибаталион иахәҭакхаз амилициа аусзуҩцәа 2-тәи ррота. Дара ршьҭуеит Шромаҟа.
"Цугуровка, Шрома, Каман ӷәӷәала аиҿахысрақәа цон. Ақырҭцәа зехьынџьара аминақәа ыҵарҵеит. Шромантәи ҳанылбаауаз, иҭҟәаны аԥсуа еибашьцәа ирымаз қырҭуа миниорк амҩа ҳирбон. Ҩыџьа зеивысӡомызт, аӡәаӡәала ҳшылбаауазгьы иахаԥжәаз ҟалеит", - еиҭеиҳәоит аибашьҩы.
Даур Сичинаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Аԥсны
"Аибашьра еицәахеит ҳашьцәа рыбаҩ аҵхра": Марттәи ажәылараан иҭахаз Даур Сыҷынаа изкны
Аидысларақәа руак аан, Заур иааигәара иԥжәаз арҭҟәацга илымҳа адаултә ӷәаӷә ԥнажәеит. Уи ашьҭахь ӷәӷәала ишьапы ҟәцит. Маҷк ихьаақәа антәа, Заур иҽалаирхәит Лаҭа аҭарцәрагьы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахьгьы, Заур Хәупориа "Сахарная голова" ицоз арыцқьаратә аоперациа далахәын. Аибашьра аветеран иахьа 84 шықәса дырҭагылоуп, аха ауаажәларратә усқәа иаҩижьуам, активла Гагра араион аԥсҭазаара дахәҭакуп.
Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз, абырг дсыҳәеит, анҵамҭа иасырбарц игәалагьы. Иара шықәсқәак раԥхьоуп Атәылахьчара аминистрраҟны аибашьра далахәын ҳәа ашәҟәы данҭаргала, иара уигьы ашаҳаҭцәа ианырҳәа ашьҭахь. Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа, иагьа умҳәан аибашьра иалагылаз ахацәа ргәы днархьоит…
Ажәабжьқәа зегьы
0