Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аҵараиура апроблемақәа, ашкол аҿы ашәарҭара, Аԥсни Белоруссиеи русеицура

© Sputnik / Марианна Кубрава Учеников сухумской школы №2 эвакуировали из-за сообщения о минировании
Учеников сухумской школы №2 эвакуировали из-за сообщения о минировании - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит цәыббра 11-17 рзы иалкаахаз амчыбыжь ахҭысқәа.
Аҵара аусхк аҟны апроблемақәа рыӡбразы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа, ареспублика Белоруссиа аганахьала иофициалтәым азхаҵара, азинхьчаратә усбарҭақәа иааныркылази иззааныркылази, Аиааира аиубилеи аҽазырхиара ишаҿу уҳәа ахҭыс рацәа Sputnik аҟны.

Аҵарадырра азҵаарақәа

Ииасыз амчыбжь азы Аслан Бжьаниа аҵара аусхк апроблемақәеи аҵарашықәс ҿыц азыхиареи рызҵаарақәа дрылацәажәеит Аҵара аминистрра, араионтә ҟәшақәа рхаҭарнакцәа алархәны.
Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит ареспублика ашколқәа 2023 шықәсазы ишрыдыркылаз актәи акласс ахь 2500-ҩык ахәыҷқәа, ахәыҷбаҳчақәа рахь ишымҩахыҵыз 1500-ҩык, Аҳәынҭқарратә университет ишаданкылаз 650-ҩык абитуриентцәа.
Урыстәыла аҵара зҵар зҭаххаз рзы Россотрудничество аквотақәа рхархәарала 84-ҩык уахь амҩа иқәлеит аҵараз, Аҵара аминистраа ахырхарҭала урыстәылатәи аҵаратә усҳәарҭақәа ирҭалеит 15 абитуриент, IT-коллеџь "Сириус" иҭалеит ҩыџьа.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аҵараиурҭақәа рремонт ишақәхарџьу 64 миллион мааҭ.
Аилацәажәараҿы ирзааҭгылан ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҿы ашәарҭадара азҵаара. Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит акамерақәа ықәдыргыларц ашколы-интернатқәеи егьырҭ ашколқәеи рҿы.
Иара убасгьы адҵа ҟаиҵеита кадырқа разымхара азҵаара ӡбазарц, аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа еилыргазарц.

Ҟазахсҭан атурфорум

Цәыббра 15 рзы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа Актау имҩаԥысуа I Жәларбжьаратәи атурфорум "Иҭышәынтәалам адунеи аҿы атуризм аҿиаразы ишьақәгылоу астратегиа" алахәхаразы Ҟазахсҭанҟа инеит.
Аԥсни Ҟазахсҭани атуризм ахырхарҭала русеицура ҳақәыӷәуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Актау имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи атурфорум аҟны иқәгылараан.
"Аԥсни Ҟазахсҭани, егьырҭ атәылақәеи ҳареи ҳусеицура ҳақәгәыӷуеит. Аҳәаа ахысразы уадаҩра ҳамаӡам, ҳара ҳҟны ишәарҭаӡам. Ҳҳәынҭқарра ашәарҭадаразы Урыстәыла ахәдықәҵа ҟанаҵоит, уи азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - иҳәеит Хышба.
Взаимодействие в турсфере между Абхазией и Мангистауской областью обсудили в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2023
Аԥсны
Атуристтә усхк аҟны Аԥсни Мангистаутәи аобласти русеицура иалацәажәеит Ҟазахсҭан
Хышба Аԥсны амилаҭ рацәа шынхо азгәеиҭеит, ауаа роуп-амал иҳәеит иара.
Аԥсны ижәытәӡатәиу тәылоуп. Гәыкала иҳазнеиуа зегьы ҳарзыразуп иҳәеит Ҭеимураз Хышба.

Аныҳәа аҽазырхиара

Цәыббра 30, 2023 шықәсазы Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аԥсны ақалақьқәа зегь рҟны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.
Зқьи хәышәҩык рҟынӡа алахәхоит Аԥсны Аиааира 30 шықәса ахыҵразы апарад ҳәа иҳәеит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба.
Ҵәыџьба иажәақәа рыла, апарад иалахәхоит атәылахьчара иатәу архәҭақәа зегьы, амчратә усбарҭақәа рҟынтәи аколоннақәа - АШәМ, амиграциатә маҵзура, аҳазалхратә еилакы, АҶА, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура. Иара убасгьы Аахыҵ Уаԥстәыоа аррамаҵзурауаагьы апарад иалахәхоит. Аҽазыҟаҵара хада мҩаԥгахоит цәыббра 28 азы.
Площадь Свободы в красках осени  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2023
Аԥсны
Зқьи хәышәҩык рҟынӡа алахәхоит Аԥсны Аиааира 30 шықәса ахыҵразы апарад
Аиааира амш аҽны Аҟәа ақалақь агәы атранспорт азы иаркхоит асааҭ 6:00 инаркны.
Владимир Аршба, Гиви Агрба, Мушьни Хәарцкьиа рбиустқәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иқәдыргылоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз. Абиустқәа рескизқәа аус рыдыруылеит асахьаҭыхыҩцәа Амиран Адлеибеи Руслан Габлиеи. Дара роуп Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иқәгылоу Сулҭан Сосналиеви Сергеи Дбари рбиустқәагьы авторцәас ирымоу.
Аиааира амшныҳәазы иҭахаз рҭаацәарақәа 20-20 нызқь мааҭ рызшәахоит.
"Аԥсна ахада иҟаиҵаз адҵа ала 4 категориак рахь иаҵанакуеит: Аԥсны зхы ақәызҵаз рҭаацәара; аибашьраҟны хатәгәаԥхарала иҭахаз рҭаацәа; жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷқәынмза 1994 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа; аҭаацәараҿы иҭахаз ма аинвалид дахьыҟоу ", - иҳәеит Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәлариа.
Зынӡа арҭ ашәарақәа ирзырхахоит 23 миллион мааҭ.
Гәлариа иҳәеит Аиааира аҳаҭыраз иҭахаз рҭаацәарақәа зныктәи ашәарақәа шрырҭо - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2023
Аԥсны
Гәлариа иҳәеит Аиааира аҳаҭыраз иҭахаз рҭаацәарақәа зныктәи ашәарақәа шрырҭо

Де-факто азхаҵара

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Афон, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда актив дырԥылеит аԥшьаша, цәыббра 14 рзы. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иқәгылараҟны иҳәеит Белоруссиа економикала де-факто Аԥсны азханаҵеит, белоруссиатәи ахада Александр Лукашенко атәылақәа рыбжьара абаџьдатә хәҳаахәҭра шьақәиргылоит ҳәа.
"Ҳара ҳзы ари економикала де-факто зхаҵароуп. Ари аҭагылазаашьа ҳхы ишаҳархәо иабзоурахоит Белоруссиеи ҳареи ҳполитикатә еизыҟазаашьақәа рхырхарҭа", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Уи адагьы, аиԥылараҿы иалацәажәеит Аԥсни Ааигәа Мрагылара иҟоу атәылақәеи рыбжьара ашәарҭадареи реизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа. Ахәҭакала иазааҭгылан "Аԥсны - Еиду Арабтә Емиратқәа" аусутә еилакы алыршара.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Аԥсны
Арӡынба иҳәеит Белоруссиа економикала де-факто Аԥсны азханаҵеит ҳәа

Амедицина

Ииасыз амчыбжь азы ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа адиагностикатә маҭәахә ҿыцқәа азаархәеит, амедицинатә маҭәахә ҿыцқәа ирықәхарџьуп 9,5 миллион мааҭ. Уи адагьы ахәшәтәырҭа алабараториа арҽеиреи аиқәыршәареи рзы аусурақәа мҩаԥысуеит.
Амедусҳәарҭа иаҭоуп еиҭаҵуа арентген-аппарат, афымцагидравлиатә операциатә стол, адезинфекциа ҟазҵо арепроцессор, адерматом, авидеогастроскопқәа ҩба, авидеобронхоскоп, ендоскоптә авидеопроцессор, амедицинатә кәырҷыжь, амедицинатә монитор, афымцатә аквадистиллиатор, адиагностикатә отоскоп.
Аҳақьым хада и.н. Инесса Камлиаԥҳа лажәақәа рыла, амаҭәарқәа реибыҭара иалагахьеит.
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа амедицинатә маҭәахә ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2023
Аԥсны
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа амедицинатә маҭәахә ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп
Ԥсҳәы ақыҭа ауааԥсыра ргәабзиара гәарҭоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Агәабзиарахьчара аминистрреи еицымҩаԥырго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура ишазгәанаҭаз ала, Ԥсҳәы ақыҭа ауааԥсыра 30 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡакәны адиспансеризациа иахысуеит.
Аԥсны ашколхәыҷқәа амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит, игәарҭоит ранализқәа, иаҭаххар афлиурографиа, арентген, УЗИ, ЕКГ ашҟа идәықәырҵоит. Апроект мҩаԥнагоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Агәабзиарахьчара аминистрреи Аҵара аминистрреи рыцхыраарала. Апроект хацыркын 2023 шықәса хәажәкырамзазы.
Хырԥашьа змам аҭагылазаашьақәа раан ацхыраара ахьрырҭаша акардиохирургиатә ҟәша аартра ргәы иҭоуп Аԥсны ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Зыӡбахә сымоу акардиохирургиатә ҟәшаҟны ацхыраара рыҭахоит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан, аинфаркт ма егьыс адатә патологиа змоу ауаа. Адатә патологиа змоу ианаамҭоу аинвазиамаҷтә цхыраара рыҭазар, рыԥсҭазаара еиқәнархоит. Уи азы ари ахырхарҭала аус ҳуеит"- иҳәеит Быҭәба.
Аԥсны акардиохирургиатә ҟәша аартра хыԥадатәиуп ҳәа раԥхьаӡакәны ирҳәеит 2019 шықәсазы, аха апроект нагӡамкәан ус иаанханы иҟан.
Кардиохирург Лео Бокерия удостоен награды Орден Александра Невского - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2023
Аԥсны
Аԥсны акардиохирургиатә ҟәша аартра ргәы иҭоуп

Ашкол аҿы аилаҩеиласра

Аҳҭнықалақь ашколқәа руак арҭҟәацга аҵоуп ҳәа Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь аҭел иасит цәыббра 14 рзы. Аҩбатәи ашкол аҟынтәи аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ашкол идәылган ари адырра ашьҭахь. Ашкол ахь инеины аус руан асапиорцәа, акинологцәа Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа.
Ашкол аҿы аус зуаз асапиорцәа, акинологцәа ахыбра зегь гәарҭеит, аха ишәарҭаз ҳәа акгьы рымбеит, аҭел иасыз ихаҭара шьақәыргылам ҳәа иҳәеит Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа.
Работа МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Аԥсны
Аҩбатәи ашкол аҟны арҭҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз адырра мцхеит

Тҟәарчал амаининг-ферма

Аус зуаз амаининг-ферма рбеит Тҟәарчал абнараҿы ҳәа аарыцҳаит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзураҿы. Афермаҿы зынӡа 148 аппарат ыҟан. Урҭ изакәанымкәа инырхуаз афымцамч амчхара 100.3 кВт иҟан.
Аобиект гәарҭон Аԥсны АҩАР иатәу аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭеи иҷыдоу аҟәшеи русзуҩцәа, иара убас Аҳәынҭстандарт аҟазауааи.
Аферма зтәу Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭа анхаҩы Еснаҭ Агрба иганахьала административтә ԥкаанҵа шьақәыргылоуп.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2023
Аԥсны
Амаининг-ферма рбеит Тҟәарчал абнараҿы

Аанкыларақәеи ашьаусҭҵаарақәеи

Беслан Гогәуа ихысуа абџьар ахархәарала ацәеижьаахақәа ҟаиҵеит ҳәа иганахь ала ашьаус хацыркуп ҳәа аанацҳаит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла ацәгьоура мҩаԥган Гәдоуҭа. Гогәуа Аҟәа инхоз ауаҩԥсы диехсны аҭыԥаҟынтәи дыбналеит.
Ашьаусҭҵаара аусзуҩцәа Гогәуа дныркылеит. Агәаҭара данахрыжьуаз закәаншьаҭада иааихәаз "Макаров" итапанча, апатронақәа, аметадон еилаҳәара идбалан.
Суд города Сухум избрал меру пресечения в нападении на премьер-министра Абхазии. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Аԥсны
Беслан Гогәуа иганахь ала ашьаус хацыркуп
Иара убасгьы Аҟәа, амшын аԥшаҳәаҿы аҵәахырҭа ҭыԥқәа рҿы ирбеит Гогәуа уаанӡа ишьҭеиҵахьаз аметадон аилаҳәарақәа.
Иаанкылоу ишиҳәаз ала, анаркотикқәа ихази аҭирази иҵәахит. Иԥшаау анаркотикқәа - 103 грамм ыҟоуп. Гогәуа даанкылоуп.
Хҩык аҳәаанырцәуаа ашьҭаҵарҭа маӡақәа зхы иархәаны анаркотиикатә маҭәашьарқәа аҟәатәи амҩақәа рҿы ишьҭазҵуаз Аԥсны АҩАР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбараҭа аусзуҩцәа иааныркалеит.
Таџьикистан атәылауаа - 21 шықәса зхыҵуа Фарух Амирови 25 шықәса зхыҵуа Шахмансур Абдурахмонови анааныркылоз ирыдбалан 39 еилаҳәара аметадон, зынӡа 40 грамм.
ФСБ РФ  задержала членов преступной группы - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2023
Аԥсны
Хҩык аҳәаанырцәуаа аанкылоуп анаркотикқәа аладырҵәоит ҳәа агәызҩара ыҟаны
Туркменисҭан атәылауаҩ Севинчбек Џьумениазов Амировуи Абдурахмонови дрыцхраауан аилаҳәарақәа рыҵәахраҿы - аҳҭнықалақь авокзал ашҭаҿы, Агәмаа имҩа аҩнеихагылақәа рышҭаҿы, аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа араион аҿы.
Иарбаз аҭыԥқәа рҿы азинхьчаҩцәа аҽа жәа-еилаҳәарак аметадон аадырԥшит. Зынӡа 46 грамм.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа аметадон аиагара иҽазишәеит аҳәаанырцәтәылауаҩ ҳәа аанацҳаит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
37 шықәса зхыҵуа ахаҵа дааныркылеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ихымҩаԥгашьаз агәызҩара анроу. Иара аҳәаахьчаҩцәа рзин имамкәа апаспорттә хылаԥшра ацәаҳәа нижьит.
Агәаҭара иахыжьраан иеиқәа аџьыбаҿы ирбеит анаркотикқәа реилаҳәара.
Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит анаркотикқәа рконтрабандаз.
Метадон пытался перевезти из России в Абхазию иностранный гражданин - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2023
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы анаркотикқәа риагара аԥдырҟәҟәааит
Аԥсны атәылауаҩ Леон Зарандиа 16 шықәса иқәырҵеит зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ихигарц анаркотикқәа раахәареи рыҭиреи рзы, иара убас ареспублика абиуџьет ахь иршәахоит 650 000 мааҭ ахараԥса.
Зарандиа закәаншьаҭада 48,853 грамм аметадон аахәара, амазаара, аҭиразы амҩангареи гәыԥҩык дрылахәны 0,869 грамм анаркотикқәа рыҭиреи, атәылауаҩ Гаиазова Д.Е. аԥхасҭа ӷәӷәа лыҭареи рзы ахара идырҵоит.
Человек в наручниках. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2023
Аԥсны
Аԥсны атәылауаҩ 16 шықәса иқәырҵеит анаркотикқәа раахәареи рыҭиреи рзы

Амҩатә машәырқәа

Тула ақалақь аҟны инхо Александр Мамонов амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит цәыббра 13-14 руха, Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа иахьаҵанакуа.
36 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ амашьына аԥсҟы изнымкылаӡакәан аҵла дасит.
Аусбарҭаҟны ирҳәеит, амҩатә машәыр шыҟалаз асааҭ 00:27 рзы. Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ аҟны инеиаанӡа Александр Мамонов иԥсҭазаара дшалҵыз.
Цәыббра 14 азы 32 шықәса зхыҵуа ахаҵа Афон амҩан иҟалаз амашәыр аҟны дҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Иара иазгәеиҭеит амҩатә машәыр шыҟалаз аԥшьаша, цәыббра 14 ашьыжь асааҭ 6:00 реиԥш. Амашьына аԥсҟы зкыз изаанымкылаӡакәан ашьаҟа дшасыз.
Машина милиции Ткуарчалского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Аԥсны
Афон амҩатә машәыр аҟны ахаҵа дҭахеит
Адизельтә былтәы зҭаз ацистерна мҩанызгоз аидарамҩангага ааҳәит ареспубликатә мҩаду аҿы цәыббра 11 азы.
Амашәыр ҟалеит Аҩада Ешыра. Амца амкырц азы аҭыԥ ахь инеит АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба. Ахҭыс аан аӡәгьы ааха имоуӡеит, амҩаду аҿы аныҟәара аанкылаӡам.
Цәыббра 10 азы Ареспубликатә мҩаду 102-тәи акилометр Аҩада Ешыратәи амҩаҿы авариа ҟалеит ҳәа аанацҳауеит аинформмаҵзура "Аԥсныпресс".
"Автомашьына аԥсҟы зкыз аԥҳәыс ааха лоуит. Лара ахәышәтәырҭахь днагоуп, аха лыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.
Произошла авария на 102 км трассы Псоу-Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2023
Аԥсны
Автомашьына ааҳәит Аҩада Ешыра амҩаҿы

Акультуратә фестивальқәа

Аԥсуа культуреи анапҟазареи рфестиваль мҩаԥысит Мықә ақыҭан цәыббра 15 рзы. Афестиваль иалахәын Гал, Тҟәарчал, Очамчыра, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рҟынтәи 125-ҩык ахәыҷқәа.
Ашколхәыҷқәа хә-гәыԥкны еихшан: "Акыцӡҩцәа", "Аҽыбӷаҟазацәа", "Ахыцеибашьцәа", "Асыҩцәа", "Ахәыҟаҵаҩцәа". Акомандақәа зегьы рзы иҷыдоу апрограмма еиҿкаан.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколхәыҷқәа ахшаара рааӡареи, аԥсуа кьанџьақәеи, аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы аҽи аҽыбӷаҟазареи ирымоу аҵаки рзеиҭарҳәеит, иара убас ахыци-ахәымпали рыла ихысуан, иҭыхуан, амилаҭтә чысхкқәа ҟарҵон.
Афестиваль алахәылацәа ражәақәа рыла, зегь реиҳа иргәаԥхаз иреиуоуп аԥсуа хәмарра "Ахылԥахас".
Аԥсуа культуреи анапҟазареи рфестиваль мҩаԥысит Мықә ақыҭан - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2023
Аԥсны
Аԥсуа культуреи анапҟазареи рфестиваль мҩаԥысит Мықә ақыҭан
Есышықәсатәи аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" аатит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны, цәыббра 16 рзы.
Апроект автор апоет Зарина Ҟаныҟәа лажәақәа рыла, уажәраанӡа афестиваль иалахәыз Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи ракәзар, сынтәа ирҭбаауп агеографиа, афестиваль иаднаԥхьалоит Адыгеиеи Ҟарачы-Черқьесиеи рҟынтәи апоетцәеи ажурналистцәеи.
Зарина Ҟаныҟәа лажәақәа рыла, афестиваль ихадоу ахәҭа Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны имҩаԥысуеит. Алахәылацәа аӡиа Риҵа иаҭааит цәыббра 17 рзы. Афестиваль "Арифмақәа Риҵа-2023" еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, адыга поет, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Заур Налоев диижьҭеи 95 шықәса аҵра ахьӡала.
Абхазо-адыгский литературный фестиваль Рифмы на Рице открылся в Сухуме    - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2023
Аԥсны
Аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" аатит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0