Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ажәылара раԥхьатәи амш": Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьҩы Васили Базба изкны

© Foto / из архива семьи БазбаВасили (Феликс) Базба
Васили (Феликс) Базба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, адырҩаҽны аӷа хәымга идесант Цандрыԥшь иӡхыҵит. Амчқәа ахьеиҟарамыз инамаданы, ҳаибашьцәа Ԥсахараҟа ихьамҵыр амуит. Мызки бжаки ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гагра араион рнапаҿы иҟан. Жьҭаара 2 1992 шықәсазы ҳкомандаҟаҵаҩцәа Сергеи Дбари Муҳаммад Кьылбеи аус здырулаз ажәыларатә план инақәыршәаны, араион аӷа иалцаразы аҽазышәара мҩаԥган, ақәҿиарагьы ацын. Аха аибашьра еибашьроуп, аԥсҭбара ҟамлар ауам. Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахеит 117-ҩык аҵеицәа. Убарҭ рыгәҭа дыҟан 28 шықәса зхыҵуаз Васили (Феликс) Фазлыбеи-иԥа Базбагьа. Аибашьҩы инысымҩа анҵоуп иаҳәшьа Дианеи иашьа иԥҳа Кристинеи ражәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Васили (Феликс) Фазлыбеи-иԥа Базба диит Гәдоуҭа араион, Абӷархықә ақыҭан. Аб Фазлыбеи Маҳҭы-иԥа 1972 шықәсазы машәырла данҭаха, ан Индира Џьгәанаҭ-иԥҳа Ԥкьын лхала хҩык ахәыҷқәа лааӡеит. Феликс аҭаацәараҿы зегьы дреиҵын, деиҳабын аԥҳа Диана, уи длышьҭанеиуан аиашьа Џьемал.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аишьцәа ргәы меиҭаскәа рыԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Феликси Џьемали раԥхьа Алада Ешыраҟа идәықәлеит рашьцәа Базааи рҩызцәеи ирыцны. Аамҭак ашьҭахь, Гагра араион аҭарцәразы ажәыларатә аоперациа азԥхьагәаҭоуп ҳәа аибашьцәа рыбжьара алаҳәара аныҟала, Феликси, Џьемали, Зурик Цәышбеи, Бесик Базбеи, Вадик Ҵәызбеи, Анзор Смыри Ԥсахараҟа иаауеит. Аибашьцәа рҽеихшаны агәыԥқәа ирылалоит. Феликс дахәҭакхоит амшын аԥшаҳәаҟны итәаз Алик Ажьиба командаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ, Џьемал Сергеи Анқәаб командаҟаҵаҩс дызмаз, Мамзышьха еибашьуаз агәыԥ дацлоит.
Адгур Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2023
Аԥсны
"Ахәра шимазгьы Аиааира даԥылеит": аибашьра аветеран Адгәыр Жьиба изкны
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәыларатә аоперациа ианалага, Алик Ажьиба игәыԥ ахь аҟабарда ҷкәынцәа ацхырааразы иаиаанӡа, рганахь идәықәлаз аӷа итанкқәа ҩба рхала иҭадырхоит, аха аӷа иитәыз аекипаж зегь ҭамхаӡеит. Ихәны иҟаз аӡәы Феликс ахыԥсаҟьагала диеихсуеит. Ашьҭахь иара Феликс иҩызцәа дҭадырхоит, аха иҟаиҵаша ҟаиҵоит.
"Аекипаж зегь ҭахаз џьышьа, Феликс ибылуаз атанкқәа рааигәара даннеи, аҭагылазаашьа ихы иархәаны ихәыз, аха макьана зымч ҭаз ақырҭуа мпыҵахалаҩ абџьар ҭирҟьоит. Феликс ихәдаџьал иақәшәоит", - лашьа иҭахашьа лгәалашәоит аиаҳәшьа Диана.
Џьон Бжьаниа иҩызцәа рыгәҭа. Архив М. Барцып,ҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2023
Аԥсны
"Ҩынтә дшырхәызгьы, дхьамҵит": аибашьра аветеран Џьон Бжьаниа изкны
Уи аамҭазы, Мамзышьхаҟа арациала Алик Ажьиба Сергеи Анқәаб адырра ииҭоит Феликс дышҭахаз ала. Џьемал иашьа иахь дылбаарц иақәикуеит, аха ирхаԥыруаз аӷа иҳаирпланқәа инаҭомызт ахышьҭхра. Феликс иԥсыбаҩ ақыҭахь иргоит амедиеҳәшьа Инга Барцыцԥҳаи Киса ҳәа изышьҭаз иҩыза аҟабарда ҷкәыни.
"Саб иҳәоны исаҳаит, аӷа имбарц азы, амандаринаҭрақәа ирҭаланы, аҵлақәа рывара напыла иҭыжааны, хахьла анышә рықәԥсаны рыҽшырҵәахуаз. Феликс данҭахагьы, саб иаразнак аҩныҟа дзымааӡеит. Мамзышьхантә данылбаахгьы, иашьа имҩа дықәҵаны иҩызцәа рахь дгьежьуеит. Арыцхә фба рзы, Гагра араион шьаҭанкыла аӷа далцахоит", - лҳәоит Џьемал иԥҳа Кристина Базԥҳа.
Феликс данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы амедал".
© Foto / из архива семьи БазбаФеликс иашьа Џьемал Базба
Џьемал Базба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Феликс иашьа Џьемал Базба
Џьемал Гагратәи аоперациа инамаданы, Аԥсны ахыи-аҵыхәеи аҭарцәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа жәпакы иҽрылаирхәоит. Аҩныҟа дхынҳәуеит Аиааира ашьҭахь.
2012 шықәсазы, ачымазара бааԥсы иахырҟьаны идунеи иԥсахуеит аибашьра аветеран Џьемал Базба. Иара иҭынхоит ԥшьҩык аԥҳацәа.
Фазлыбеи Базбеи Индира Ԥкьынԥҳаи рԥацәа Аԥсадгьыл иафырхацәаны иазгылеит. Дара реибашьратә лшамҭақәа ҳҭоурых иазынхоит, еиҵагыло абиԥара рзы иҿырԥшыгазаауеит.
ИАЦУ
2006 шықәсазы еилкаахеит, Феликс Урыстәыла Вологда ақалақь аҟны аԥҳа Надежда дышимаз. Џьемал иԥсы ҭанаҵы дахьӡеит лара Аԥсныҟа, лабду игәараҭахь дааԥхьаны ачара лзура. Уи нахыс аԥҳәызба есышықәса Аԥсныҟа даауа далагеит. Лара дҭаацәароуп, ԥшьҩык ахшара дрануп.
Ажәабжьқәа зегьы
0