Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Зегь рыла дҿырԥшыган": Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз Даур Аиба изкны

© Sputnik / Дьячков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазские ополченцы контролируют дорогу на Гагро-Бзыбском направлении.
Абхазские ополченцы контролируют дорогу на Гагро-Бзыбском направлении. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2023
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 1992 шықәсазы, Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы ақәиҭтәразы ажәыларатә аоперациа ианалага, абџьар шимамызгьы, иҩызцәа дрыцны аӷа диҿагылоит 27 шықәса зхыҵуаз оҭҳаратәи арԥыс Даур Аиба. Иара дҭахоит Ԥсахара ақыҭан, ақырҭцәа рганахь аграната аниршәуаз аамҭазы. Арԥыс инысымҩа анылҵеит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иҭаца Циала Еныкьԥҳа лажәақәа рыла.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аламҭалазы, Даур Аиба аус ахьиуаз Аҟәатәи аҩызауад аҟны аԥсшьарамшқәа ганы ашьхаҟа дцоит. Ахьшьцәа ажәабжь хлымӡаах анраҳа, аӡәаӡәала ишеибырҳәоз Даур иҟынӡагьы инаӡоит. Арԥыс иаразнак аҩныҟа Оҭҳараҟа даауеит. Даур иҭаацәараҟны фҩык ахшара ыҟан, хәҩык аишьцәеи аиаҳәшьеи. Дара раб Алықьсеи ран Бубчка Барцыцԥҳаи ахәыҷқәа иҿырԥшыганы ирааӡеит. Уи арҵабыргуеит, ҷыдала Даур итәы уҳәозар, Қарҭ аррамаҵура данахысуаз икомандаҟаҵаҩцәа ирҭаз аҟазшьарба. Ажәакала, Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла Алықьсеи Бубчкеи рԥацәа рыхәҩыкгьы фырхаҵарала рыԥсадгьыл аҿаԥхьа руалԥшьақәа рынагӡара иалагоит.
© Foto / из семейного архива семьи АибаДаур Аиба
Даур Аиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2023
Даур Аиба
Даур Гагра ахырхарҭахь Реваз Аибеи Руслан Папбеи дрыцны даауеит. Ԥсахара ирықәшәоит ирдыруаз аҷкәынцәа гәыԥҩык. Араҟа иахәҭакхоит Гәылик Еныкь икоманда.
"Раԥхьатәи амшқәа рзы абџьар ыҟамызт. Аҷкәынцәа инеиҭак-ааиҭакуа акәын аибашьратә цәаҳәаҿы иштәаз. Гагратәи аоперациа уамак шагмыз, Даур автомат иҩыза иҭаны Оҭҳараҟа даауеит. Араҟа иаҳауеит жьҭаара 2 рзы жәылара ишдәықәло. Абџьар шимамзгьы, напышьашәала аӷа сиҿагылоит ҳәа иҩызцәа дрыхьӡоит", - лҳәоит иҭаца Циала Еныкьԥҳа.
Джофик Цкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2023
Аԥсны
"Гагроуп аиааира ашьаҭа ахьакыз": аибашьҩы Џьофик Цкәуа игәалашәарақәа
Даур аибашьцәа дрыцны Гагра ақалақь аҭарцәра иҽалаирхәоит. Иара уажәтәила абџьар имамызт, аха идыркоит агранатақәа. Ус ӷәӷәала аиҿахысрақәа ирықәшәоит Ԥсахара ақырҭуа школ ааигәара. Ҳаибашьцәа ишьҭаианы ихысуан. Раԥхьаҟа аӷацәа ааиуашәа аниба, ахышьҭхра шыҟамлозгьы, Даур дҩагылан агранатақәа иршәуа далагеит, аха убри аамҭазы аӷа апулемиот ала Даур диеихсуеит. Арԥыс имгәа иақәшәаз ахы икьатеиқәа ҭнагоит. Уажәшьҭа дышнымхоз дырны, "сышәшьы" ҳәа иҩызцәа рахь аҳәара ҟаиҵоит, аха дара Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дыршьҭуеит. Даур иоуз ахәра дзаиааиуам, аҽныцәҟьа иԥсҭазаара далҵуеит.

"Даур иҭахара рыԥсҭазаара аркьаҿит иани иаби. Абыргцәа рԥацәа зегьы еибашьуан аҟнытә, егьырҭ рзгьы агәҭынчымра рыман. "Уара ула иаангыларыма арыцҳара" рҳәон. Деибашьуан рымаҳә заҵә Руслан Ҭраԥшьгьы. Иара илахьынҵа еиқәаҵәахоит Хәажәкыратәи ажәылараан. Аӷацәа дыргәаҟны дыршьоит, анаҩс дыржоит ареспубликатә хәышәтәырҭа авара. Ибаҩ аамз рышьҭахь ауп иҭаацәа ианроуа", - еиҭалҳәоит Циала.

Даур Аиба данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал. Иара аҭаацәара даламлацкәа дыҟан. Аԥсҭазаара зызхара иззымбаз аибашьҩы ихьӡ иацызҵашаз ахылҵ димамкәа дымҩасит. Ус шаҟаҩы…
Васили (Феликс) Базба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Аԥсны
"Ажәылара раԥхьатәи амш": Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьҩы Васили Базба изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0