Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Гагроуп аиааира ашьаҭа ахьакыз": аибашьҩы Џьофик Цкәуа игәалашәарақәа

© Foto / Джофик ЦкуаДжофик Цкуа
Джофик Цкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2023
Анапаҵаҩра
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, Мраҭашәаратәи афронт аҟны, ҳаруаа рыштаб хада Бзыԥҭа аҳаблан ишьақәгылеит. Мызки бжаки убрантәи Мамзышьхаҟа дхаланы аӷа Бзыԥҭа даламларцаз аминақәа шьҭаиҵон Џьофик Цкәуа. Иара игәалашәарақәа анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Аибашьра ҟалаанӡа, Гагра ақалақь азеиԥшнхарҭа иҩназ аԥсуа ҭаацәарақәа рацәан. Урҭ реиҳараҩык, ансамбль "Афырҭын" аҟны ишәаҳәози икәашози артистцәан. Убри азеиԥшнхарҭаҟны акәын дахьынхоз иахьатәи сажәабжьҳәаҩ, агәылацәа зегь бзиа еицырбоз, Ҵыма ҳәа изышьҭаз, Џьофик Цкәуа. Иара иахь ирымаз агәыбылра башагьы иҟамлеит. Аиашьара аганахь ала, аҩызара аганахь ала уҳәа дахьдырхалакгьы дрывагылан.
"Раԥхьа сара атакси сақәтәан, анаҩс автоколонна аиҳабыра сиаргоит Гагра ақалақь акультура аҩны иадҳәалаз автобус арныҟәарахь. Ус салагоит артистцәа еиуеиԥшым аконцертқәеи агострольқәеи рахь ргара. Уи иахьагьы сгәаҿы аҭыԥ ҷыда аанызкыло гәалашәарақәоуп. "Афырҭын" ахкынагӡаҩцәа аӡәырҩи сареи ҳаигәылацәан, убри аҟнытә гәахәарала аус рыцызуан. Ҭаацәак еиԥш ҳаҟан, ҳацәгьеи ҳабзиеи ак акәын. Нас аамҭақәа рҽеиҭаркит умҳәозар…", - ажәа хациркоит Џьофик Цкәуа.
Васили (Феликс) Базба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Аԥсны
"Ажәылара раԥхьатәи амш": Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьҩы Васили Базба изкны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Џьофик телехәаԥшрала иаҳаит уи ажәабжь. Азеиԥшнхарҭа иҩназ аԥсуаа рҽеидыркылеит. Ахацәа азнык азы иҟарҵара рзымдыруа иаанхеит. Аӷа уиҿагыларц азы абџьар аҭахын, аха раԥхьа уи абаҟахыз.
"Ҳзеиԥш нхарҭа иҩназ аҳәсеи ахәыҷқәеи снапы ианырҵан, автобус ала Гагра иалазгоит ҳәа салагеит. Ԥсахара ҳаназааигәаха, ана-ара рыхқәа ацаха шкәакәақәа акәаршаны, абласаркьақәа рхаҵаны, бџьарла еиқәных амашьынақәа УАЗ ҳәа изышьҭоу ирықәтәаны ақырҭцәа ааҳакәшеит. Сара сҿахәы сҿырхарц сынҭыргеит. Арҭ рхацәа абаҟоу ҳәа иансазҵаа, исҳәеит ишысзымдыруа, ус ирыцҳашьаны рқыҭақәа рахь изгоит ҳәа раҭаскит. Ахәыҷқәа ршаҭоу, сыгәра ргоу атәы сыздыруам, аха кьыс ҳамамкәа ҳаурыжьит", - ахҭыс игәалашәоит Џьофик.
Џьофик Цкәуа ахҵәацәа реиҳараҩык Бзыԥҭа инижьит, џьоукы Бармышь абжьаларҭанӡа игеит. Иара дгьежьны, аштаб ахьеиҿкааз Бзыԥҭатәи аԥсуа школ ахь днеит.
"Араҟа аминашьҭаҵаҩцәеи аҵхыҩцәеи разыҟаҵара иаҿын. Избанзар аӷа Мамзышьхала арахь дылбаар алшон азы, имҩақәа ктәын. Сара Рудольф Алшәындба сидикылеит. Убра урыс хаҵак аминашьҭаҵареи аҵхреи аҷкәынцәа иахьдирҵоз агәыԥ салеиҵеит. Усҟан аамҭа абаҟаз мчыбжьыла аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы. Сааҭк ахыи аҵыхәеи рыла иҟаҵатәыз наҳирбан, ашьхаҟа ҳдәықәлеит. Ашьхамҩа агәҭаны ахаҳәқәа ныжьланы, наҟ-ааҟ авара аибашьыгатә техника бжьысуеит ҳәа иалагар, иԥжәарц азы аминақәа ыҵаҳҵон", - еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран.
Лиана Багателиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2023
Аԥсны
"Ишәарҭан, аха ҳус наҳагӡон": аҳақьым Лиана Багаҭелиаԥҳа лгәалашәарақәа
Уахык аԥсуа ҷкәынцәеи, аҟабарда еибашьцәа гәыԥҩыки амҩаԥгаҩцәа Закан Агрбеи Динарик Ӡаӡбеи ирыцны Мамзышьха ихалеит. Убраҟа 20 кьыла аммонал зыҟәныз Џьофикгьы дрыцын. Дара уахь ианхалоз аӷацәа хыхьынтәи игәарҭан, ианылашьца ирыжәлеит. Амчқәа усгьы еиҟарамхеит, ақырҭуа ган алагьы аԥсҭабара ҟалеит, аха аԥсуа ган зламаҷыз ала даара ааха роуит.
"Ауха абнара ҳшылаз иҳаршеит. Убриаҟара илашьцан, ула аҵәы хыслозаргьы иубомызт. Иаҳцәыршьызи ирхәызи цәгьала иҳаманы алада Бзыԥҭаҟа ҳалбааит", - иҳәоит аибашьҩы.
Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларатә аоперациа иалагаанӡа, Џьофик иҩызцәеи иареи абна илан. Убраҟа иара ицын игәылацәагьы Алик Чуази Иури Ҭориеи. Ажәылара ианалага, Џьофик ҩаԥхьа Мамзышьхаҟа дхалеит уажәшьҭа ҳаибашьцәа рзы амҩақәа ррыцқьаразы. Аминақәа ахьыҵеиҵахьаз шьҭахьҟа иҵхтәын.
Аԥсуа еибашьцәа Гагра иалсны Ԥсоуҟа рхы андарха, Џьофикгьы иус хыркәшаны иҩызцәа дрыхьӡеит.
Арзаабеи Цкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2023
Аԥсны
"Иаби иашьцәеи дрыцын": аибашьра аветеран Арзаабеи Цкәуа изкны
"Ԥсоу аҳәааҟны, ашарԥазы ҳбираҟ анахашәаршәыр, аҷкәынцәа рылаӷырӡ рзынкыломызт. Ари агәыӷра дуӡӡа ҳазҭаз, ҳхы агәра ҳгартә ҳҟазҵаз иааирахеит", - игәалашәарақәа ҳацеиҩишоит Џьофик Цкәуа.
Гагра араион аӷа хәымга даналцаха, Џьофик Цкәуа далалоит Витали Тарнаа командаҟаҵаҩс дызмаз абаталион. Уи дшацыз далахәхоит Аԥсны аҭарцәразы ажәыларатә аоперациақәа жәпакы.
Уимҳәар залшом, Џьофик игәылацәа артистцәа рахьтә аӡә аҩны дышнымхаз. Рызегьы хамеигӡарала рыԥсадгьыл рыхьчон.
Ажәабжьқәа зегьы
0