Урыстәыла

Украинатәи агент Ҟрым дааныркылеит

© Sputnik / Дмитрий МакеевБойцы спецназа ФСБ.
Бойцы спецназа ФСБ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа УШәМ аус ацызуа украинатәи агентцәеи урыстәылааи рышьҭазаара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Украинатәи агент Ҟрым дааныркылеит. Иара Украина Ашәарҭадаратә маҵзура аинформациа аиҭон ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
48 шықәса зхыҵуа Бахчисараитәи араион ауаҩԥсы УШәМ ахь инаишьҭуан "адгьылбжьахаҿы иҟоу асоциал-политикатә, аекономикатә, арратә ҭагылазаашьазы аинформациа".
Иара убасгьы инапы алакын абџьар ақәахреи аизакреи. Урыстәыла атәылауаҩ даанкылан аҵәахырҭаҟынтә арҭҟәацга анҭигоз.
Иаанкылоу иганахьала ашьаус хацыркуп аҳәаанырцә ҳәынҭқарреи аҳәаанырцә еиҿкаареи аус рыциуан, арҭҟәацгақәеи арҭҟәацгатә маҭәашьарқәеи закәаншьаҭада иааихәон, иман ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи акомандир жәаҩык рышьразы адҵа ахьыҟаиҵаз азы иԥсахьынӡаҭоу аҭакра иқәырҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0