Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи акомандир жәаҩык рышьразы адҵа ахьыҟаиҵаз азы иԥсахьынӡаҭоу аҭакра иқәырҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы иҭнаҵаауеит арегион ҿыцқәа рҟны аҭынч уааԥсыра рышьра афактқәа.
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аӡбарҭа УАМ амшыншьаҟауаа 36-тәи абригада, 501-тәи абатальон, 2-тәи арота акомандир Леонид Онупко ауаа рышьразы адҵа ахьыҟаиҵаз азы иԥсахьынӡаҭоу аҭакра иқәшәоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы.
Онупко аполитикатәи аидеологиатәи цәымӷра ашьаҭала ҩыџьеи инареиҳани аграждантә уааԥсыра рышьразы ахара ихараҵоуп.
Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы ишьақәнаргылеит 2022 шықәса хәажәкыра инаркны мшаԥымзанӡа Онупкои инапаҵаҟа иҟаз аруааи Мариуполь ишгылаз, уа акомандир УАМ апозициақәа рааигәа иибоз аҭынч уааԥсыра рышьразы адҵа шыҟаиҵоз.
Иҟаиҵоз адҵақәа инарықәыршәаны ишьын жәаҩык аҭынч уааԥсыра, аимак иалахәымыз, украинатәи асолдаҭцәа рзы ишәарҭамыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0