Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Расул Гамзатов диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи афорум аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМеждународный форум к 100-летию со дня рождения Гамзатова открылся в АГУ
Международный форум к 100-летию со дня рождения Гамзатова открылся в АГУ   - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Анапаҵаҩра
Даӷьсҭантәи апоет Расул Гамзатови аԥсуа классикцәа Дмитрии Гьаргьи Гәлиааи, Баграт Шьынқәбеи, Иван Ҭарбеи, Кьыршьал Чачхалиеи, Мушьни Лашәриеи аинырра бзиа, аизыҟазаашьа ааигәа рыман.
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Авар поет, апрозаик Расул Гамзатов диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи афорум "Гамзатови Аԥсни: амилаҭи ауаатәыҩсеи рыбжьара" ("Гамзатов и Абхазия: от национального к общечеловеческому") аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.
Афорум алахәхаразы ареспубликахь иааит Даӷьсҭан амилаҭтә политикеи адин азҵаарақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Арсен Махмудов напхгара ззиуа аделегациа.
ААУ аректор Алеко Гәарамиа еизаз рҿаԥхьа иқәгылараан иҳәеит апоет ду уснагӡатәык аҟны изыӡырыҩрра насыԥны ишимаз, иазгәеиҭеит Гамзатов ахшыҩ ҵаула адагьы алафҳәара дшазҟазаз.
"Иара изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан. Ҳпоетцәагьы Даӷьсҭанҟа инеихьан. Ҳреспубликақәа рыбжьара аимадара бзиа ыҟан, уажәгьы урҭ аҿиара иаҿуп", - иҳәеит Гәарамиа.
Афорум еиҿнакааит Аԥсны акультура аминистрра, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи, Амилаҭтә библиотекеи, ателеканал "Абаза-ТВ"-и рыцхыраарала.
Расул Гамзатов диит 1923 шықәса цәыббра 8 рзы Даӷьсҭан Хунзахтәи араион Цада аул аҿы аҿы, Даӷьысҭан жәлар рпоет, СССР аҳәынҭқарратә премиа занашьаз Гамзат Цадасы иҩнаҭаҿы.
Иара урыс бызшәала дыҩуамызт. Ирҿиамҭақәа зегьы авар бызшәаҟынтәи егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа еиҭаргеит. Гамзатов иеиҭагамҭоуп Александр Пушкин, Михаил Лермонтов, Николаи Некрасов, Тарас Шевченко, Александр Блок, Владимир Маиаковски, Сергеи Есенин, араб поет Абдула Азиз Ходжа уҳәа ирацәаҩны апоетцәа рырҿиамҭақәа авар бызшәахьы.
Расул Гамзатов иԥсҭазаара далҵит абҵара 3 2003 шықәсазы Москва. Анышә дамадоуп Махачкала, Тарки-Тау ашьхараҿы, иаб ивара.
Делегация из Дагестана прибыла для участия в форуме, посвященном Расулу Гамзатову - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2023
Аԥсны
Даӷьсҭантәи аделегациа Аҟәаҟа иааит Расул Гамзатов изку афорум иалахәхарц азы
Ажәабжьқәа зегьы
0