Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анна Калиагина: ҳтуристцәагьы аԥсуа бызшәа иазҿлымҳауп

© SputnikАбхазская азбука.
Абхазская азбука. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2023
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 27 - Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа-аԥсуа бызшәа иамшуп. Аԥсшәа зхатәы бызшәам ауаҩы уи аҵараҿы иԥыло ауадаҩрақәа ртәы аилкааразы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа длыҿцәажәеит Аԥсны атуризм азы аилазаара ахантәаҩы Анна Калиагина.
Жьҭаара 27 ҳтәылаҿы иалкааны иазгәарҭоит аԥсуа бызшәа амш. Ишаҳдыруа еиԥш Аԥсны Аконституциа ишаҳәо ала, аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп, аха уи иақәнагоу аҭыԥ ылнамхыц, иара иазку азакәан ахәҭаҷқәа ахьеилагоу, насгьы, абызшәа арҵаразы иҟаҵоу аԥышәақәа ҽаҩра бзиак ахьаармышьҭуа уҳәа ирыхҟьаны. Аԥсны иҟоуп 155 школ (ҩба ахатәы школқәа), урҭ рахьтә 59 ԥсыуа школқәоуп, 15 школ аурыс-аԥсуа – аҳәоит аофициалтә информациа. Абарҭ ашколқәа зегь рҿы иддырҵоит аԥсуа бызшәа, изеиԥшроузеи уи алҵшәақәа, насгьы уадаҩрақәас иԥылоузеи аԥсшәа зхатәы бызшәам ауаҩы? Санҵамҭаҿы исыӡбеит абарҭ азҵаарақәа лысҭарц– Аԥсны атуризм азы аилазаара аиҳабы, Аԥсны инхо Урыстәылатәи аџьынџьуаа реидгыла ахантәаҩы Анна Калиагина.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2017
Ақьаад ианхалаз азакәан
"Сара сиит Агәыӡера аҳаблаҿы. Аҵара сҵон Гәылрыԥшьтәи аурыс школ аҿы. Асовет аамҭазгьы иаԥсыуам ашколқәа рҿы иддырҵон аԥсуа бызшәа, иара убас ақырҭшәа, - аҭак ҟалҵоит Калиагина ашкол аҿы аԥсшәа бҵозма ҳәа санлазҵаа. Усҟан абжеиҳараҩык ақырҭуа бызшәа аҵарахьы рхы дырхон лара ишылҳәо ала, аха Анна иалылхит аԥсуа бызшәа.
"40-ҩык акласс аҿы иҟан, абжеиҳараҩык ақырҭуа класс ахь ицеит, аԥсшәа зҵоз ҳгәыԥ аҿы 12-ҩык раҟара ыҟан. Иазгәасҭарц сҭахуп зҿыгҳара дуны иҳамаз арҵага шәҟәы даара ишыманшәалаз, ауадаҩрақәа шцәырнамгоз аҵаҩцәа ҳҿаԥхьа. Ҳара усҟан абызшәа аҵара ҳалагон алфавит ала, нас афонетикеи аиҿцәажәарақәеи рахь ҳаиасуан. Сара гәылацәас исыман аԥсуаа, ақыҭақәа рахь ҳцон, ҳаимадан, убри азы абызшәа ашьҭкаара сцәыуадаҩӡамызт. Абызшәа здыруа уанрыҿцаауа иузымариахоит аԥсшәа аҵара. Арҵаҩ бзиа, арҵага шәҟәы шьахә, нас угәылацәа анцәажәо – зеиӷьыҟам ҭагылазаашьоуп аԥсшәа аҵаразы",- лҳәоит Калиагина лхәыҷра ашықәсқәа дырзааҭгыло.
Калиагина 1987 шықәса инаркны аибашьра иалагаанӡа аамҭақәа роуп дызлацәажәо. Анна Владимир-иԥа слазҵааит лдыррақәа зеиԥшраз ашкол аҿы аҵара аныхлыркәшоз - илылшозма абзазаратә бызшәала акәзаргьы ацәажәара?
Проект Комитета по делам молодежи Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала! - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Еилагоу азакәан ашьҭрақәа сырхыланы…
Абар исылҭаз аҭак зеиԥшроу: "Сара абжьаратә школ анагӡаха смоуӡеит, избанзар аибашьра иалагеит 8-тәи акласс аҿы сыштәаз. Аха, исҳәарц сылшоит ашьагәыҭ бзиа сыман, мшыбзиа, ушԥаҟоу, уабацо уҳәа иахьеи уахеи ауаа еибырҳәо ала сцәажәаратәы сыҟан. Иашоуп, сара еилыскаауаз еиҳан, сцәажәара аҵкыс. Аԥсшәа аҵара уадаҩуп, аха ус акәзаргьы, исыкәыршаны иҟаз ауаа ак иашамкәа исҳәаргьы сдыриашон, вба сырҭомызт. Сара схәыҷы иахьа ашкол иҭоу лахь сиасуазар, агха ҟалҵар аҵәы анлылырхуа ҟалоит, са схаан ус иҟамызт".
Иахьа Гәылрыԥшь ашкол иҭоу 15 шықәса зхыҵуа Анна лыӡӷаб лыӡбахә анцәырылга, иаԥсыуам ашкол аҿы аԥсшәа зларҵо арҵага шәҟәы азы гәаангарас илымо еилыскаарц сҭаххеит.
"Схәыҷы ахәыҷбаҳча данҭаз инаркны аԥсшәа лҵон. Лара дныҟәон Алашарбага аҳаблаҿы иҟоу аԥсуа хәыҷбаҳчахь. Усҟан хьаада ԥсышәала драцәажәон аԥсуа хәыҷқәа. Сара еснагь срышьҭан аԥсуа бышәа ахьыддырҵо акурсқәа. Иахьа Аҵарадырра аминистр Инал Габлиа иаԥҵаны имаз онлаин-курсқәагьы срылахәын, адиктантгьы сыҩхьан. Хаҭала сара исыхәеит даара. Издыруаз сгәаласыршәеит. Урҭ акурсқәа рҿы схәыҷи сареи аҵара еицаҳҵон".
аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2019
Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп
Анна Калиагина ишылҳәо ала, лхәыҷы ахәыҷбаҳчаҿы лаԥсшәа шьақәгыланы иҟазҭгьы, ауадаҩрақәа лызцәырҵуа далагеит ашкол данҭала ашьҭахь. Избан, ус аҽзаԥсахи аҭагылазаашьа ҳәа Анна илысҭаз азҵаара аҭак абас иҟоуп:
"Сгәанала ииашаны еиҿкаамзар ҟалап абызшәа арҵара амеханизм. Уажәы аҵара иалагоит алфавит аҟынтә акәымкәа, афонетика ала. Уи ауадаҩрақәа ацуп сара сгәанала абызшәа ашьҭкаараҿы. Нас, ииашамкәа ак уамхаҳәар иуқәымчыр алшоит. Уи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи ианыҟарҵо ыҟоуп. Ас ианыҟоу ахәыҷы абызшәа аҵаразы имоу агәаҳәара ааннакылар алшоит. Уажәы ахәыҷқәа шыҟоу шәымдыруеит, акритика рзуур ҟалаӡом. Сара исылшаӡом аҵара ҳәа анылҳәогьы ыҟоуп абарҭқәа ирыхҟьаны".
Ус акәзаргьы, Анна Калиагина лхәыҷы аԥхьашьеи аҩышьеи лҵеит ашкол аҿы, уадаҩрас иҟоу - аҳәараҿы аԥықәсларақәа лымоуп.
"Абас ишылцәыуадаҩугьы, сара саҵкыс лдыруеит сҳәар алшоит схәыҷы. Зны-зынла избоит асоциалтә даҟьақәа рҿы аԥсышәала атекстқәа шанылҵо. Сара исҭахуп ҳҭаацәараҿы аԥсшәа адырра ыҟазарц, ари ҳәынҭқарратә бызшәами", - лҳәоит Анна.
Сзацәажәо ауаҩы акырынтә илыдызбалахьеит лара лусура иадҳәало аҩырақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахархәара шалҭо, уи инаҷыданы иҳаҩсыз Апарламенттә алхарақәа рҿы Анна Владимир-иԥҳа адепутатрахь кандидатс дыҟан. Араҟагьы лӡыргара аԥхьа инаргыланы, аҳәынҭқарратә бызшәа ахархәара шалҭоз убон. Аҳәынҭқарратә бызшәеи аӡыргареи рзакәан акырџьара ианеиларго, Калиагина уи анагӡара лҽазылшәоит, иҟалымҵаргьы вба лызҭо дшыҟамгьы.
Аӡыргаратә ҭыӡқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2019
Атәым нҩылара аҵаҟа: Аҟәа ақалақь адәахьтәи абызшәа
Анна Владимир-иԥҳа ари азҵаатәы азы лгәаанагара абас иҟоуп: "Азакәан ыҟазар инагӡалатәуп. Сара ҳаҭырқәҵарыла сазыҟоуп аҳәынҭқарратә бызшәа. Ҟалашьас иамоузеи адәахьтәи аӡыргараҿы аҩыра аԥсышәала ианымҵаӡакәа акыдҵара. Уи схы исзақәнаргом. Аԥсшәа здыруа ауаҩы иҭахуп иара ибызшәала аҩыра даԥхьарц, нас уи ҳазымхәыцыр ҟалома? Даара исгәаԥхоит схаҭа еиуеиԥшым аҩырақәеи ароликқәеи ԥсышәала ианыҟаҳҵо, избанзар уигьы иснарҵоит аԥсшәа".
Анна Калиагина милаҭла даурысуп, убри аҟынтә, инагӡаны аԥсшәа ахархәара лцәыуадаҩуп. Убри инадҳәаланы слазҵааит иҟанаҵар иалшои иҵегьы аҳәынҭқарра иаԥсыуам амилаҭқәа аҵара рзымариахарц ҳәа. Калиагина уи азы абас иҟоу агәаанагара аалырԥшит.
"Абызшәа ӡыргалатәуп, имоданы иҟаҵатәуп. Иазгәасҭарц сҭахуп ҳара ҳтуристцәагьы аԥсшәа ишазҿлымҳау. Урҭ ирлас-ырлас иҵаауеит аԥсышәала абри ажәа шԥаҟалои, ари иахьӡуи, ани иаанагои ҳәа. Атуристцәа аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа ирырҭоит абызшәа иадҳәало азҵаарақәа, иаҳҳәап, аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа рҳәашьа инаркны, ирԥыло аҩырақәа зегь рҟынӡа. Аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа хымԥада рхаҭа аԥсшәа рдыруазар бзиоуп. Иҭыжьтәызар ҟалап атуристцәа рзы аицәажәагақәа, иҷыдоу аелектронтә шәҟәқәа".
Анна Калиагина атуризм дазладҳәало ала, илымоуп аидеиа абызшәа иазҿлымҳау атуристцәа рзы апроект ҷыдақәа рынагӡара, ҳәарада, аҳәынҭқарра адгылара ҟанаҵар. Лара лгәаангарала, атурист иԥсы ахьишьо, дахьынхо иуада уҳәа рҿы икыдзароуп аҩырақәа, аԥсшәа еибыҳәашьа, иара убас, ачыс, ма даҽакы иадҳәало алексика дара ирдыруа абызшәа адыргыланы – аԥсуа, аурыс, англыз бызшәақәа. Ари аҩыза апроектқәа ахархәара ахьамо атәылақәа ыҟоуп лҳәоит лара.
Калиагинеи сареи ҳаиҿцәажәара урысшәала ианҵан, аха лажәа хыркәшо, лара аԥсуа бызшәа амш азы ԥсышәала исылҭаз азеиӷьашьара абас иҟоуп – агәамчреи агәабзиареи шәыгымзааит!
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0