https://sputnik-abkhazia.info/20231101/aa-iaatit-zhlarbzharati-ararat-tsyrgaa---1048885840.html
Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи арҵаратә цәыргақәҵа
Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи арҵаратә цәыргақәҵа
Sputnik Аҧсны
Ацәыргақәҵа хақәкыс иамоуп иреиҳау аҵарадырра аусхк аҿы аихьӡарақәа раарԥшреи урыстәылатәи арҵаратә программақәа ауаажәларра радԥхьалара. 01.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-01T13:41+0300
2023-11-01T13:41+0300
2023-11-01T13:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/01/1048881688_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_9aa43a374eb9f49c6a2c71e7772e15b5.jpg
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аҩбатәи Жәларбжьаратәи арҵаратә цәыргақәҵа аадыртит Аҟәа, абҵара 1 азы. Ауснагӡатә еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Уи анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны абитуриентцәа ишрылшо арҵаратә программақәеи урҭ рхырхарҭақәеи рдырра. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин инаҵшьны иазгәеиҭеит, ацәыргақәҵаҿ абитуриентцәа рхыԥхьаӡара арацәара ишунырбо иамоу азҿлымҳара. "Аԥшьгамҭа ахаҭагьы адгылара зҭаху усуп. Агәахәара унаҭоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь рхы ахьдырхо аԥснытәи аушьҭымҭацәа. Ҳаргьы иалшо ҟаҳҵалоит аҵараиурҭақәа рҿы аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара азырҳаразы", - иҳәеит Шургалин. Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа Россотрудничество анапхгара ҭабуп ҳәа ралҳәеит аԥснытәи абитуриентцәа ирырҭо алшарақәа рзы. "Ҳҵаҩцәа рҵараҵаратә ҭахрақәа рҳәаақәа шәырҭбаауеит. Ҳәарада ҳаушьҭымҭацәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь рхы дырхоит, ҳаргьы иҳалшо ҟаҳҵоит урҭ рылшарақәа реизырҳаразы", - ҳәа лҳәеит лара. Аусҳәарҭабжьаратә ҵаратә цәыргақәҵа рҽаладырхәырц Аԥсныҟа иааит Державин ихьӡ зху Тамбовтәи ауниверситет, Ҟәбантәи аҳәынҭқарартә университет, Пирогов ихьӡ зху амедицинатә Университет, Санкт-Петербургтәи атехнологиақәеи адизаини руниверситет назлоу 12 ҵараиурҭа. Ацәыргақәҵа хақәкыс иамоуп иреиҳау аҵарадырра аусхк аҿы аихьӡарақәа раарԥшреи урыстәылатәи арҵаратә программақәа ауаажәларра радԥхьалара.
https://sputnik-abkhazia.info/20231005/mabzhara-aaikheit-urystylati-aaraiuraa-ralaraz-asny-akvotat-kampania-shymaysua-1048458309.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/01/1048881688_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_8f427f2ed954bcdf0d8e1c3a4587f7e1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи арҵаратә цәыргақәҵа
Ацәыргақәҵа хақәкыс иамоуп иреиҳау аҵарадырра аусхк аҿы аихьӡарақәа раарԥшреи урыстәылатәи арҵаратә программақәа ауаажәларра радԥхьалара.
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аҩбатәи Жәларбжьаратәи арҵаратә цәыргақәҵа аадыртит Аҟәа, абҵара 1 азы.
Ауснагӡатә еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Уи анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны абитуриентцәа ишрылшо арҵаратә программақәеи урҭ рхырхарҭақәеи рдырра.
"Ари агәахәара ду ҳазҭо аҩбатәи цәыргақәҵоуп. Аиашазын, арҭ ацәыргақәҵақәа ус баша имҩаԥысуам. Уаанӡатәи ацәыргақәҵа алҵшәақәа рыла, атехнопарк "Кванториум" алахәыла ареспубликаҿтәи акультуратә ргыларақәак иԥхьаӡациркит. Аха зегь реиҳа ихадарахаз, иара убри атехнопарк Аԥсныҟа иааны ақалақьқәа рҿы аҟаза-классқәа мҩаԥнагеит", - ҳәа иҳәеит Федотов.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин инаҵшьны иазгәеиҭеит, ацәыргақәҵаҿ абитуриентцәа рхыԥхьаӡара арацәара ишунырбо иамоу азҿлымҳара.
"Аԥшьгамҭа ахаҭагьы адгылара зҭаху усуп. Агәахәара унаҭоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь рхы ахьдырхо аԥснытәи аушьҭымҭацәа. Ҳаргьы иалшо ҟаҳҵалоит аҵараиурҭақәа рҿы аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара азырҳаразы", - иҳәеит Шургалин.
Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа Россотрудничество анапхгара ҭабуп ҳәа ралҳәеит аԥснытәи абитуриентцәа ирырҭо алшарақәа рзы.
"Ҳҵаҩцәа рҵараҵаратә ҭахрақәа рҳәаақәа шәырҭбаауеит. Ҳәарада ҳаушьҭымҭацәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь рхы дырхоит, ҳаргьы иҳалшо ҟаҳҵоит урҭ рылшарақәа реизырҳаразы", - ҳәа лҳәеит лара.
Аусҳәарҭабжьаратә ҵаратә цәыргақәҵа рҽаладырхәырц Аԥсныҟа иааит Державин ихьӡ зху Тамбовтәи ауниверситет, Ҟәбантәи аҳәынҭқарартә университет, Пирогов ихьӡ зху амедицинатә Университет, Санкт-Петербургтәи атехнологиақәеи адизаини руниверситет назлоу 12 ҵараиурҭа. Ацәыргақәҵа хақәкыс иамоуп иреиҳау аҵарадырра аусхк аҿы аихьӡарақәа раарԥшреи урыстәылатәи арҵаратә программақәа ауаажәларра радԥхьалара.