Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда иаҭаахьоу адунеиаҿ еицырдыруа ауаа

© Sputnik / Эдуард Песов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на мыс Пицунда в Абхазской АССР.
Вид на мыс Пицунда в Абхазской АССР. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 5 1967 шықәсазы Пицунда иаадыртит акурорттә комплекс. Уи иаҵанакуан 14-еихагылара змаз асасааирҭақәа быжьба.
Аԥсабара иарҿиаз аҭыԥ ссир аҟны идыргылаз Пицундатәи акурорт иаразнак зегьеидгылатәи аԥсшьарҭаҭыԥ ҳәа ахьӡ аиуит. Пицунда аԥсшьара иазгәышьуан асовет еидгыла ауааԥсыра зегьы. Иџьашьатәӡам араҟа аԥсшьара иахьаауаз иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә чынуааи асоветтәи аҳәаанырцәтәи еицырдыруаз ауаа.

Никита Хрушьиов

Акурорт Пицунда аргылара ибзоуроуп уи аҭыԥ азааигәара аҳәынҭдачаҿ зыԥсы зшьоз ЦК КПСС актәи амаӡаныҟәгаҩ Никита Хрушьиов.
Аҭыԥ машәырны иалхымызт, пицундатәи аԥсамза агәабзиараз здыҟам аҳауа ахылҵуеит. Убри азоуп амзаратәи аҳәырԥссараҿ акурорт аргыларагь зыӡбаз.
© Sputnik / Анатолий ЕгоровНикита Хрушьиови Фидель Кастрои
Никита Хрущев и Фидель Кастро в гостях у колхозников колхоза Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2023
Никита Хрушьиови Фидель Кастрои
Хрушьиов аӡбамҭа анидикыла ашьҭахь, Аизараду аханқәа зыргылоз усҟантәи аамҭазы Москва архитектор хадас иҟаз Михаил Посохин иҽимеидеит иаарласны иҩызцәеи иареи Пицундаҟа иаарц.
Никита Хрушьиов иԥсҭазаараҿ Пицунда даҽа хҭыскгьы адҳәалоуп. 1964 шықәса, жьҭаарамзазы Пицунда иԥсы анишьоз ауп Кремль иҟамзаара рхы иархәаны имаҵура дшамырхыз шиаҳаз.

Леонид Брежневи Жорж Помпидуи

СССРи Франциеи рхадацәа Леонид Брежневи Жорж Помпидуи реиԥылара Пицунда имҩаԥысит хәажәкыра 12 1974 шықәса рзы. Аиԥылара АИХ рыларҵәаразы арахь иааит адунеи зегь аҟынтәи 150 –ҩык ажурналистцәа.

Владимир Высоцкии Марина Владии

Владимир Высоцки ареспубликахь изныкымкәа даахьан. Пицундеи Аҟәеи рыҟазаараан Владимир Высоцкии Марина Владии еицҭырхуаз афотосахьақәа 1972, 1973 шықәса ҳәа рыҵаҩуп.
© Foto / Константин МустафидиВладимир Высоцкии Марина Влади
Владимир Высоцкий и Марина Влади во время круиза по Черному морю, август 1971 г. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2023
Владимир Высоцкии Марина Влади
Высоцки иҩыза гәаҟьа Виктор Суходрев ишьақәирӷәӷәоит иашәа "Штормит весь вечер, и пока…" 1973 шықәса рзы Пицунда иҩит ҳәа.
А ветер снова в гребни бьет
И гривы пенные ерошит.
Волна барьера не возьмет, –
Ей кто-то ноги подсечет –
И рухнет взмыленная лошадь.
Катя Высоковская, помощник капитана теплохода «Шота Руставели», Вольдемар Бруйе (мл.сын М.Влади), Марина Влади, Владимир Высоцкий, Любовь и Зиновий Высоковские во время круиза. Фото 1969 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Аԥсны
Высоцкии Аԥсни: асоветтә бард шәаҳәаҩи амшынеиқәатәылеи шеиҩызцәахаз

Иван Аивазовски

Асахьаҭыхыҩ Иван Аивазовски Пицунда иԥсшьара ашьҭахь иҭихыз асахьа иахьӡиҵеит "Аԥсны амшынҟәара ааигәара аԥшатлакә" ҳәа. Асахьаҭыхыҩ ара иаирбеит аурыс аибашьыгатә ӷба ачерқьез шхәа аанкыланы аҭыԥҳацәа аҭырқә тҟәара ианацәындырхоз ахҭыс.

Евгени Примаков

Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рхантәаҩы Евгени Примаков 11.09.1998-12.05.1999 шықәсқәа рзы Пицунда иԥсы ишьон.

Сергеи Михалков

Урыстәыла агимн автор Сергеи Михалков изныкымкәа Пицундаҟа даахьан. Иара убасгьы арахь изныкымкәа иаахьан иԥацәа - Никита Михалкови Андрон Кончаловскии.

Лиудмила Гурченко

СССР жәлар рартистка, аестрадатә шәаәҳаҩы Лиудмила Гурченко Пицунда лыԥсшьара адагьы арҿиаратә хәылԥазқәагьы мҩаԥылгахьан. 2010 шықәса рзы акинофестиваль "Страна души" ицымҩаԥылгон Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа.
© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Лиудмила Гурченко
 Людмила Гурченко - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2023
Лиудмила Гурченко
Раԥхьатәи акинофестиваль "Страна Души" аартын 2008 шықәса рзы. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны арахь иааит: Михаил Пореченков, Гоша Куценко, Никита Джигурда, Андреи Соколов, Лев Дуров, Анатоли Кузнецов, Илона Броневицкаиа, Иана Поплавскаиа, Ольга Кормухина, Андреи Мерзликин, Олег Акулич, Павел Сборшьиков, Евгени Воскресенски, Александр Цуркан, Борис Грачевски.

Евгени Евтушенко

Асовет поет, асценарист, апублицист Евгени Евтушенко Пицунда иԥсшьара адагьы Аԥсны адача иман. Ароуп раԥхьатәи рҭаацәаратә мзы ахьеицырхыргаз Евгени Евтушенкои Белла Ахмадулинеи 1954 шықәса рзы.
© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕвгени Евтушенко
Празднование юбилея театра Современник в рамках Открытого фестиваля искусств Черешневый лес - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2023
Евгени Евтушенко
Пицунда инхо Иури Ҭориа иажәақәа рыла ара рыԥсы ршьахьан: Анне Вески, Полад Биульбиуль-оӷлы, Иосиф Кобзон.

Александр Лукашенко

Иааларҟьаны Белоруссиа ахада Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофицалла Аԥсны даҭааит цәыббра 28 2022 шықәсазы. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы Белоруссиа ахада Александр Лукашенко диԥылеит. Белоруссиа ахада ажәадгала ҟаиҵеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы азҵаарақәа ирылацәажәазарц.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ахәаахәҭра-економикатә еинырра аганахь ала ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0