Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аҳауаҽыцәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 23 карыжьит

© Sputnik / Станислав Красильников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКазачья бригада "Терек" на Соледарском направлении СВО
Казачья бригада Терек на Соледарском направлении СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Арбџьармчқәа арратә операциа ҷыдаҿы рнапынҵақәа рынагӡара иаҿуп.
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽыцәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 23 карыжьит, абри атәы аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы аҳауаҽыцәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит аекипажда катерқәа рыргыларҭеи авиациаџьаԥҳаны ашьҭаҵарҭеи, 117 раион рҿы ааха рыҭоуп аруааи атехникеи.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп УАМ ажәыларақәа 6, Киев 135 еибашьҩы ацәыӡит, иҭархоуп ҩ-кәылӡмашьынак, х-пикапк.
Боевая работа расчетов буксируемых гаубиц Д-30 ЦВО в зоне проведения СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Амчыбжь иалагӡаны 28-ҩык украинатәи асолдаҭцәа рхала урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп шәҩык рҟынӡа аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа хәба, абзарбзан Д-30, Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 220 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, х-автомашьынак.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы 115-ҩык ишьуи ихәуи ыҟоуп, иҭархоуп ҩ-автомашьынак, Запорожиатәи ахырхарҭаҿы - 160 солдаҭ, х-автомашьынак, артиллериатә система М777 ҭархоуп.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп адиверсантцәа рыӡхыҵрақәа хәба, Киев иацәыӡит 130 солдаҭ, х-автомашьынак, артиллериатә система М777, агаубица Д-20, абзарбзан Д-30 (3).
Ажәабжьқәа зегьы
0