Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

60 миллион мааҭ ахшәаахоит Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра

© Sputnik / Томас Тхайцук Подстанция Дранда
Подстанция Дранда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра иалагеит абҵара 5 ауха инаркны.
АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аҿы афымцаҭаҩрагәаҭагақәа раахәара иазырхаз 60 миллион ахшәаахоит Аԥсныҟа иаарышьҭуа афымцамч.
Адепутатцәа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган иҟалҵаз аҳәарала арҭ ахықәкԥарақәа ариашарақәа рыларгалеит. Ихықәкы хаданы ишьоуп ареспубликаҿы ԥкрада афымцамч ахархәара.
"Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган иҟалҵаз аҳәарала, ареспубликаҿы ԥкрада афымцамч ахархәаразы, 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет 0400 аҟәша "Амилаҭтә економика" аиҵаҟәша 0403 "Ааглыхра, аенергетика, аимадара, атранспорт" афымцаҭаҩрагәаҭагақәа раахәара иазырхаз ариашара рылагалоуп, АУН "Амшынеиқәафымцамч" аԥаразшәараз иазгәаҭаз 60 миллион ахархәара аҭоуп", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра иалагеит абҵара 5 ауха инаркны. Иара атәыла мраҭашәареи атәыла агәҭеи лашарала иеқәнаршәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0