Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагратәи ашкол №4 аицлабра "Аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу аурыс школ" афинал ахь инеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУчитель физики Людмила Дорофеева
Учитель физики Людмила Дорофеева - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2023
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу аурыс школ" мҩаԥысуеит 2021 шықәса раахыс, аԥснытәи аҵараиурҭақәа уи раԥхьаӡа акәны сынтәа иалахәуп.
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Гагратәи абжьаратә школ №4 Урыстәыла аҵара аминистрра еиҿнакааз аицлабра "Аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу аурыс школ" афинал ахь инеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп ари аҩыза аицлабра Аԥсны раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥырго. Арзаҳалқәа аларҵеит Гагра аҵараиурҭақәа ҩба - ашкол №2, ашкол №4.
"Ҳара ҳашколқәа ахьалкаахаз аноминациа "Аурыс школ иреиӷьу арҵаҩратә еилазаара" мҩаԥысуан онлаин ҳасабла. Урҭ аҵараиура, ааӡара, ауаажәларратә усура, амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәшәара алзыршо алҵшәа бзиа змоу рԥышәа, реихьӡарақәа ӡырызгоз авидеонҵамҭақәа нарышьҭит", - ҳәа еиҭалҳәеит Гагра ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.
Жәларбжьаратәи аицлабра "Аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу аурыс школ" мҩаԥысуеит аурыс бызшәа арҵаразы апрограммақәа назыгӡо, ма урысшәала аҵараиура мҩаԥызго аиҿкаарақәеи арҵаҩратә еилазаарақәеи рыцхрааразы.
Аиааира згаз рыхьӡқәа еилкаахоит ԥхынҷкәын 8-9 рзы Москва имҩаԥысраны иҟоу аҳамҭаҭаратә усмҩаԥгатә аан. Еиуеиԥшым аноминациақәа рлауреатцәа алахәхоит Пиатигорск Адыррақәа рцентр "Машук" аҿы ԥхынҷкәын 10-13 рзы имҩаԥысраны иҟоу акультура-ҵараиуратә форум.
Ажәабжьқәа зегьы
0