Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны абҵарамзазтәи амҩатә статистика

© Sputnik / Томас Тхайцук Сотрудник ДПС Абхазии
Сотрудник ДПС Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит адыррақәа рыла, 2023 шықәса иалагӡаны Аҳәынҭавтоинспекциа аинспекторцәа амҩатә ԥҟарра аилагаразы 6510 ԥкаанҵа еиқәдыршәеит.
Абҵара аҩнуҵҟа ахараԥса дыршәан 214-ҩык ижәны иҟаз авторныҟәцаҩцәа. Илҩааз аԥкаанҵақәа 17 рыла еиҵан жьҭаарамзазы аасҭа.
Sputnik
Ижәны иныҟәо рыбжьара аҟәаа актәи аҭыԥ ныркылоит. Абҵарамзазы иаанкылан авторныҟәцаҩцәа 75-ҩык (жьҭаарамзазы – 83-ҩык)
Гагра аҩбатәи аҭыԥ ныркылеит. Илҩаан 45 ԥкаанҵа. Гәдоуҭа акәзар Гагра аасҭа х-хараԥсак рыла еиҵахеит.
Аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Очамчыра, уи анаҩс – Гәылрыԥшь, Аҟәа, Гал араионқәа. Асиа хнаркәшеит Тҟәарчал. Уа аӡәы иоуп арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз.
Раԥхьаӡа акәны аминистрра адыррақәа рҿы дарбахеит арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз, зықәра намӡац арԥыс. 17 шықәса зхыҵуа, Тҟәарчал инхо арԥыс Очамчыра амилициаа даанркылеит.
Абҵарамзазы даанкылан ижәны аԥсҟы зкыз, зегь ириеҳабыз ахаҵа. Уи 69 шықәса ихыҵуеит, даҟәатәиуп.
Қәрала аихшараҿгьы аԥсахрақәа ааԥшит. 30-40 шықәса зхыҵуа уаанӡа аԥыжәара змаз 50 шықәса зхыҵуаз шьҭахьҟа инрыжьит. Аԥхьатәиқәа аҩбатәи аҭыԥ аҟынтәи актәи ахь ииасит.
Иара убасгьы иааныркылаз иреиуоуп Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи хҩык Аԥсны асасцәа. Иара убас, аҳәса рахьынтәи ҩыџьа аанкылоуп. Урҭ руаӡәк Гагратәуп (43 шықәса), егьи – Кировтәуп (38 шықәса).
Ажәабжьқәа зегьы
0